Алхас Ҷолокәуа Аԥсны ахада иҿы иҟоу АИХқәа рымадаразы аусбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп

Алхас Ҷолокәуа Аԥсны ахада иҿы иҟоу АИХқәа рымадаразы аусбарҭа аиҳабыс иҟаҵаразы аусԥҟа атәыла ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит ахәаша, лаҵара 22 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 22 - Sputnik. Алхас Ҷолокәуа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҿы иҟоу Амассатә информациатә хархәагақәа рымадаразы аусбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп.

Алхас Ҷолокәуа 2005-2011 шықәсақәа рзы ахада иҿы иҟоу Амассатә информациатә хархәагақәа рымадаразы аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 2011-2014 шықәсақәа рзы Аԥсуа телерадиоеилахәыра адиректор хадас дыҟан.

Аҳәынҭқарра ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩыс дҟаҵоуп ажурналист Марианна Кәыҵниаԥҳа. 

Аԥсны ахада иеиҭалхрақәа мҩаԥган хәажәкыра 22 рзы. Ахадарахьы иқәгылан хҩык акандидатцәа - аоппозициатә блок аиҳабы Аслан Бжьаниа, апартиа "Акзаара" ахантәаҩы Леонид Ӡаԥшьба, Аԥсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Аслан Бжьаниа аиааира игеит, уи изы рыбжьы арҭеит 56,5% алхыҩцәа. Ахада ҿыц иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит мшаԥы 23 рзы.