АҞӘА, лаҵара 22 - Sputnik. COVID-19 зманы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоу рҟынтәи хҩык ргәы бзиаханы иоушьҭуп аԥшьаша, лаҵара 21 рзы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә аштаб.
Ҩыџьа апациентцәа – Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ркурсантцәа роуп, аӡәы – Гәдоуҭа дынхоит.
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла 62-ҩык атестқәа ирхысит, урҭ рҟынтәи аӡәгьы COVID-19 имам.
Аоперштаб аинформациала, апансионат "Аиҭар" аҟынтәи 28-ҩык аушьҭуп. Дара зегьы урыстәылатәи аҵараиурҭақәа иркурсантцәоуп.
Апандемиа аамҭа иалагӡаны Аԥсны акоронавирус рыдбалан 25-ҩык. Фҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>