Акоронавирус зцәа иалаз аԥҳәыс бырг лыԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы

© Sputnik Гудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1925 шықәсазы ииз апациент лыԥсҭазаара лалҵра Аԥсны акоронавирус зыхьуаз рахьтә раԥхьаӡатәи хҭысуп.

АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik. Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭаз акоронавирус змаз аԥҳәыс бырг лыԥсҭазаара далҵит мшаԥы 26 ашьыжь, асааҭ 7:00 рзы аҿкы чымазара COVID-19 ицәырнагаз ауадаҩрақәеи, уаанӡа шықәсырацәала лцәа иалаз ачымазарақәеи ирыхҟьаны ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

"Аҳақьымцәа иахәҭаз зегь ҟарҵон, аха ачымазаҩ лықәрагьы зламаҷымыз ала, лыԥсы аиқәырхара залымшеит", – лҳәеит Аԥсны атерапевт хада Анжела Арҷелиа.

1925 шықәсазы ииз аԥҳәыс бырг адиагноз COVID-19 лзықәдыргылахьан мшаԥы 11 рзы, аха лара мчыбжьык инеиҳаны ахәышәтәырҭа аҭалара мап ацәылкуан, данақәшаҳаҭхагьы мшаԥы 20 рзоуп, лҭагылазаашьа акырӡа ианеицәаха аамышьҭахь.

Тестирование на коронавирус в Забайкалье - Sputnik Аҧсны
Ачымазцәа ҿыцқәа ыҟам: даҽа хҩык акоронавирус азы игәарҭеит

Анжела Арҷелиа ишеиҭалҳәаз ала, 95 шықәса зхыҵуаз ачымазаҩ ахәышәтәырҭахь данааргоз ҩ-ганклатәи аполисегментартә гәаҵәкра лызцәырҵхьан, уи инацны ашьақәыӷәӷәара ҳараки, аҷаҷа чымазареи лыман. Ахәышәтәра ианалага лрыԥҳақәа акыр ицқьахеит, аха зеиԥшла лҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхон, лықәрагьы иара атәы ҟанаҵеит.

Атерапевт хада ишазгәалҭаз ала, апациентка иаҭахны иҟаз амедицинатә цхыраара нагӡаны илоуит, акоронавирустә ҿкы иаццәырҵуа ашьаршәы чымазарақәа рыхәышәтәрагьы уахь иналаҵаны.

Аха егьа ус акәзаргьы, мшаԥы 26 ашьыжь, асааҭ 07:00 рзы апациент лыԥсҭазаара далҵит лрыԥҳатә даԥшь иҭатәаз ашьаршәы иахҟьаны.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0