"Инеиԥынкыланы 30 шықәса раҟара асценаҿы скәашон. Уажәы рҵаҩык иаҳасабала аус зуеит. Усҟан адунеи аҿы иҟаз акәашарақәа ҳааигәа иҟамызт, уи ганкахьала иаҳа еиӷьын ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар ԥсуаҵас ҳкәашон. Уажәы ирацәахеит акәашара ахкқәа, иацлеит нхыҵ ҳашьцәа рыкәашарақәагьы, ԥсуаҵас маҷк иаҳхашҭуа ҳалагеит. Ҳара ҳтәала ҳкәашалароуп. Уи ҳабызшәа иаҩызоуп. Акәашара ушьа-уда иалазароуп, уи еснагь асценахь иухоит, усҟан ауп ахәаԥшцәагьы рцәа ианҭаӡыӡо. Аԥсуа ансамбльқәа ҳара ҳдац ауп. Ара иит шьараҭынаа, кавказаа, ари адац ҩар, усҟан даара ицәгьахоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Сангәлиа.
Иаҳа инеицыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамазаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҳаҳаи, амарџьақәа, шәеиҵамхан: аԥсуа кәашара иаци иахьеи
Аҟазареи амилаҭтә доуҳаи, мамзаргьы аԥсуа кәашарақәа бызшәас излацәажәо