Аҳаҳаи, амарџьақәа, шәеиҵамхан: аԥсуа кәашара иаци иахьеи

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсуа кәашаҩцәа Есма Ақырҭааи Ҭемыр Аргәыни
Аԥсуа кәашаҩцәа Есма Ақырҭааи Ҭемыр Аргәыни - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изеиԥшрааз аԥсуа милаҭтә кәашарақәа анкьа, насгьы ҳара ҳҟынӡа урҭ рыхкқәа зегьы еиқәханы изаама? Иахьа асценаҿы, иара убас ачарақәа рҿы инарыгӡо аԥсуа кәашарақәа абанӡаиашоу? Абарҭ азҵаарақәа дрылацәажәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аспирант, аетнолог қәыԥш Асида Гәымԥҳа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Асида Гәымԥҳа лнапы алакуп афольклортә кәашара аҭҵаара, уи иаҵанакуа ахкқәа зегьы реизгара. Ахореографиа лара ҩ-хәҭакны еихылшоит: асценатәи афольклортәи ҳәа. Ари аихшара аҩнуҵҟагьы аетнолог иалылкаауеит акомпозициатә, иара убас аморфологиатә хәҭақәа.

Акәашацәа - Sputnik Аҧсны
Аҟазареи амилаҭтә доуҳаи, мамзаргьы аԥсуа кәашарақәа бызшәас излацәажәо

Аҵарауаа акәашара зхылҿиааз аконцепциақәа хԥа рыӡбахә рҳәоит: аԥсабаратә, акосмологиатә, иара убас асоциалтә. Акәашара терминк аҳасабала ҳахәаԥшуазар, иахьатәи аамҭазы иҟаӡам уи иаанаго зҳәо хазы игоу еилкаарак.

Иара хаҭалатәи аҟазшьа зламоу ала, аӡәы ацәеижьи адоуҳеи реиндаҭлара аҳасабала дахәаԥшуеит, даҽаӡәы изы акәашара - иҳараку поезиатә цәаныррақәоуп.

Асида Гәымԥҳа лакәзар, акәашара – иҩым жәларык рнысымҩа акәны дахәаԥшуеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукД.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аспирант, аетнолог қәыԥш Асида Гәымԥҳа
Аҳаҳаи, амарџьақәа, шәеиҵамхан: аԥсуа кәашара иаци иахьеи - Sputnik Аҧсны
Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аспирант, аетнолог қәыԥш Асида Гәымԥҳа
"Терминк аҳасабала акәашара аҵакы дахцәажәахьан Алықьса Аргәын. Иара излаиҩуа ала, зыӡбахә ҳамоу атермин шьақәгылоуп ҩажәак рыла: "ақә", "ашара": ауаҩытәыҩса ицәаныррақәа иҳаракӡаны ихалоит, ақә аҟынӡа инаӡоит. "Ашара", мамзаргьы "алашара" ари ажәа еиҳагьы иарлашоит, ус ҳҳәар ауазар", - лҳәоит аҭҵааҩ қәыԥш Гәымԥҳа.

Аетнолог лажәақәа рыла, ажәытәуаа ҩыџьа реицыкәашарала ишьақәдыргылар рылшон урҭ реизыҟазаашьақәа ҟазшьас ирымоу, насгьы ԥхьаҟатәи рԥеиԥш зеиԥшрахар алшо. Арԥыси аԥҳәызбеи шьаҿеиқәшәала иԥшӡаны еицыкәашозар – урҭ аҭаацәара бзиа аԥырҵар рылшоит ҳәа акәын иаанагоз.

Жәытәнатәаахыз акәашара афункциақәа рацәаны инанагӡон. Иҟан аҵас-ақьабз иадҳәалаз акәашарақәа, ацәаныррақәа раарԥшра иазкыз, иара убас акәашара ауаатәыҩса рхы иадырхәон аибадырразы, аизааигәахаразы.

Молодожены - Sputnik Аҧсны
Ажәа еимырдон: аԥсуаа рҿы аҭаацәара аԥҵара атрадициақәа

Акәашара иара убас ахархәара аман ауаатәыҩса рчымазарақәа рыхәышәтәразы. Иаҳҳәап, аҳцәа зҭааны иҟаз ауаҩы "аршышра" изынарыгӡон. Ауаҩы иԥсы аҿыхразы иҟан акәашара егьырҭ ахкқәагьы.

Аԥсуа милаҭтә кәашара ҳалацәажәозар, Асида Гәымԥҳа лажәақәа рыла, уи ахыҵхырҭақәа аԥсуаа рыԥсҭазаашьаҟынтәи иаауеит. Избан акәзар аетнос акәша-мыкәша имҩаԥысуаз ахҭысқәа зегьы акәашараҿы анырра ҟанаҵон. Лара излалҳәо ала, аԥсуа милаҭтә кәашара аамҭа цацыԥхьаӡа аелемент ҿыцқәа аланагалоит, иара убас ажәытәқәагьы, шьаҭанкыла акәымкәа, џьара-џьара аԥсахрақәа рыхҭысуеит.

"Иахьа зегь раасҭа ааха амоуп акәашара аетикет. Иахьатәи ачарақәа рҿы гәыԥҩык еицықәланы иахьыкәашо рацәак ииашам. Аркәашага абжьы ангалакь, акәашацәа "асцена" рзаԥҵо ауаа еикәшаны игылар ауп. Насгьы акәашара раԥхьа арԥыс иоуп ицәырҵша. Иара иааиԥхьо аԥҳәызба хымԥада дицкәашар лыхәҭоуп. Избан акәзар акәашара лҭахымзар, ма илылымшозар, лара аханатәгьы агьежь ахь днеиӡомызт. Аха иҟалон лара арԥыс ихымҩаԥгашьа лгәамԥхаргьы. Усҟан ахацәа хазы аус еилдыргон, зхы ииашамкәа имҩаԥызгаз арԥыс иҩызцәа, иҭахцәа дныркылон", - иҳаиллыркаауеит аетнолог қәыԥш.

Кәасҭа Ченгьелиа излаигәалаиршәоз ала, Калдахәаратәи чарак аҟны раԥхьаӡакәны ԥшьҩык акәашацәа ҩыџьа-ҩыџьала еицықәлеит. Ари аҩыза астиль гәахәарыла ирыдыркылеит избоз ауаагьы. Аха ус еиԥш еиҿкааны ԥшьҩык еицыкәашарц азы ахореографиатә дыррақәа аҭахуп ҳәа азгәалҭоит Гәымԥҳа. Иахьатәи ачарақәа рҟны урҭ адыррақәа рмаҷра лассы-лассы иаҳныԥшуеит.

Сымсым: Аԥснытәи артистцәа реиԥш ҳзымкәашозаргьы, ҳкультура еиқәҳархоит>>

"Иара убас ажәытәан ачарақәа рҟны ҩынтә-хынтә акәашара иқәлаӡомызт, ус ҟазҵоз ауаҩы дхамаԥагьоуп ҳәа дрыԥхьаӡон. Акәашацәа бзиақәа ҳәа ззырҳәоз ауаа ракәзар, урҭ мчыла иркәашатәын. Аԥхашьара акәашаҩ бзиа дзырԥшӡоз ҵаск еиԥш иахәаԥшуан", - еиҭалҳәоит Асида Гәымԥҳа.

Иахьатәи аԥсуа кәашара дазааҭгыло, Гәымԥҳа иазгәалҭеит арԥыси аӡӷаби реицыкәашара аҟазшьагьы ҳаамҭазы ишеицакхаз. Ажәытәан ҩыџьа реицыкәашараан аԥыжәара аӡӷаб лакәын измаз. Арԥыс иара икәашаратә елементқәа еиҳа ишыуадаҩыз идыруан, аха лара гьамала диркәашарц азы иӷәӷәара аҭыԥҳа лҿаԥхьа иааирԥшӡомызт, иҽникылон. Насгьы арԥыси аԥҳәызбеи анеицыкәашоз, даҽаӡәы дрыбжьаланы реиԥҟьара азин имаӡамызт, ихьымӡӷ дуун. Уи иаанагоз атәамбара акәын аҟнытә, еиԥырҟьаз арԥыс ихы иақәҵаны машәыр иур илшон ҳәа азгәалҭоит аетнолог.

Иахьакәзар ҩыџьа реицыкәашара зынӡа даҽакала ауп ишымҩаԥысуа. Зынагӡара уадаҩу аелементқәа рацәаны изҵаз арԥарцәа, аԥҳәызба лыцкәашараан урҭ рхархәара шыԥшӡам иазымхәыцӡакәа, аԥыжәара дара рнапахьы иааргоит. Арԥыс ари аҩыза аҭагылазаашьаҿы аԥҳәызба диркәашаӡом, ихала ихы дацкәашошәа ауп ишырбо аганахьала ихәаԥшуа ауаагьы.

Вианор Логәуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Логәуа ансамбль "Ерцахә" азы: иахьатәи аамҭеи аҭоурыхи еиҿыбааны аусура ҳаҿуп

Иара убас акәашаҩ иаҭәам, иузианамыжьуа гха дуӡӡоуп дзыцкәашо аҭыԥҳа ишакәым ибӷа леиаирхар. Ажәытәан акәашараан аҭыԥҳа илыхькьысыз, анцәа иумҳәан, машәыршәа илысыз арԥыс – анаҩс акәашаразы зынӡагьы иҿы ӡәӡәан. Иахьатәи ачарақәа рҟны акәзар, ари аҩыза аҭагылазаашьақәа нормак иаҩызахахьеит ҳәа лгәы иаанагоит Асида Гәымба. Ԥыҭк зқьаф ҭалахьоу аҿар уеизгьы-уеизгьы акәашара аԥҟарақәа ирыцклаԥшӡом, досу ишиҭаху дкәашо далагоит.

Аетнолог лгәаанагарала, аԥсуа милаҭтә кәашарақәа рыхкқәа рацәаны еиҳа-еиҳа ауаа ирхашҭуеит, асценаҟны ада ачараҟны шамахамзар иуԥылаӡом. Урҭ иреиуоу аибаркыра, аураашьа, афы зысыз ауаҩы ихьӡала инарыгӡоз акәашара уҳәа ирызкны аматериал ануп Алықьса Аргәын ишәҟәаҟны.

"Гәыԥҩык реицыкәашарақәа "амра иаԥыло", "амра наскьазго" ҳәа ҩ-хкыкны рҽыршоит. Амра иаԥыло арӷьа шьапала ауп ишалаго, инаскьазго – арымала. Уи зегьы амилаҭ ахьықәынхо аҭыԥ ауп изыдҳәалоу. Аԥсуа милаҭтә кәашарақәа арыӷьала ауп ишалаго, даҽакала иаҳҳәозар – шьапымшла", - иҳаиллыркаауеит Гәымԥҳа.

Доач Сергегия - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чарақәа зырԥшӡо

Аетнолог иазгәалҭеит акәашара абызшәала ицәажәо ахореографиатә литератураҟнытә Шамиль Ҩардан ишәҟәы ада узыԥхьаша шамахамзар ишыҟам. Лара лажәақәа рыла, аԥсуа милаҭтә кәашарақәа рҟазшьа ҳара излаҳдыруа еиҳарак арахь иқәнагалоз амҩасцәа ранҵамҭақәа рылоуп. Дара урҭгьы адәахьала ауп акәашара ишахцәажәо, игәылыршәоу адыррақәа урҭаӡом.

Аԥсуа милаҭтә кәашара – жәларык еицаԥырҵаз культуроуп. Аамҭа цацыԥхьаӡа, амилаҭтә ҟазшьақәа рҽеиҭаркцыԥхьаӡа акәашарагьы иаланагалоит еиуеиԥшым аԥсахрақәа: зны еиӷьу, даҽазны еицәоу. Аха, зегьакоуп, аԥсуа кәашара иахьанӡагьы еиқәнархеит иагәылаз амцаԥшь, егьырҭ акәашарақәа изларыламҩашьо аҟазшьа ҷыда.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0