Аҟазареи амилаҭтә доуҳаи, мамзаргьы аԥсуа кәашарақәа бызшәас излацәажәо

© Sputnik / Томас ТхайцукАкәашацәа
Акәашацәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акәашара абызшәа - жәлар рҭоурых аазырԥшуа амыругақәа иреиуоуп. Рхы ишԥадырхәо ҳаамҭазы ари амыруга, инанагӡома ихадароу ароль - амилаҭтә культуреи абызшәеи ауаа рылааӡараҿы, мамзаргьы аҽырбара акәу еиҳахаз? Абарҭ азҵаарақәа рзы Есма Ҭодуаԥҳа лгәаанагара.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Ажәала ицәажәо акәашара

Аԥсуа жәлар рыкәашарақәа ирыҵоуп рхатәы ҟазшьа, иҷыдоу аритм, аныҟәашәа уҳәа. Ихадароуп – иара иаҵоу ажәа. Кәашарацыԥхьаӡа ахатәы ҭоурых амоуп, жәлар рҭоурыхи рҿаԥыци ирылху асиужет аанарԥшуеит. Убас, иахьа аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбльқәа ррепертуар иалоу "Аураашьа" ("Аибаркыра" кәашареи иареи еиларҩашьатәым) аҽаҩра аныҳәа иазкыз кәашаран. Ажьҭагалара ианалгалак, амхҭагаларақәа ианрылгалак ашьҭахь қыҭацыԥхьаӡа еизаны имҩаԥырго аҽаҩра аныҳәа аҟны акәын уи ахьынарыгӡоз. Аҿар реиԥш, аиҳабацәагьы уи акәашара нарыгӡон: жәҩахырла иааидгылон, нас рнапқәа еиҵыхны еибадыркуан, аикәшара иналагон арымарахьтә арыӷьарахь ала…

Доач Сергегия - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чарақәа зырԥшӡо

Убас егьырҭ акәашарақәагьы: Аибаркыра, Ауапа кәашара, Аишәа кәашара, Алаф кәашара уҳәа егьырҭгьы ақыҭақәа ирылаланы урҭ рҭоурых еизганы аҟазацәа дуқәа иқәдыргылон. Иахьа ахәаԥшцәа моу, дара акәашацәагьы инарыгӡо иақәу, иаҵасу ззымдыруа убап. Иаҳа изыцклаԥшуа акәашаҩ итехника ауп, убри аан иҭеиҭыԥш ананымаало ишыҟоугьы. (Имаӡам ари аҟазара хкаҟны ауаҩы иҭеиҭыԥш акырӡа шаанаго, уи дыҷкәыноума, дыӡӷабума!).

Аԥсуа чарақәа рҟны инарыгӡо акәашарақәа ртәы ҳҳәозар, иаҳа аԥыжәара змоу ачечен жәлар рыкәашара ауп. Иҳәатәума еижәыланы издыруеи иззымдыруеи ҳкәашоит ҳәа иахьнықәло, аҭыԥ рзымхакәа еинҟьаны ианеигәыдҳало шыҟоугьы… Ари азыҳәан ҳашьцәа адыгаа ргәырӷьарақәа рымҩаԥгашьа уацклаԥшыр ауеит.

45 шықәса "Шьараҭын" ҳацны>> 

Абар "Ҩыџьа реицыкәашара" иазкны Баграт Шьынқәа еизигахьаз анҵамҭақәа рҟынтәи ацыԥҵәаха:

"Ус имариамызт аԥҳәызба лыцкәашара. Знык дуцкәашахьазар, лҟыбаҩ удыруеит, аха зынӡак дуцымкәашахьац, лхаҭагьы знык ауп данубахьоу. Усҟан ишԥаҟауҵо! Дара аӡӷабцәагьы еиԥшны икәашома, аӡәы аԥарԥалыкь еиԥш днаԥры-ааԥыруа даақәлоит, егьи дықәҵәырны дцошәа лшьапы аихгашьа умбаӡо даақәлоит. Аӡәы ацарҭа лымазар, хакәла дасны дцарашәа ддәықәлоит, уи здырыз арԥыс амҩа лиҭом, дахьынаҳәлак лаԥхьа даагылоит, аха инапы лыкьирсуам, лаҳаҭыр ибоит…"

Иазгәаҭатәуп, арԥыси аԥҳәызбеи реицкәашараан арԥыс дахьынӡаласу, дахьынӡаҟазоу аарԥшра адагьы ламысла дышкәадам ааирԥшыр шакәу. Зынзаҵәыкгьы ишьҭахьгьы леиаирхар ҟаломызт. Аԥҳәызба лакәзар, лхала кәашара дықәломызт, илыҳәан дықәырҵон, арԥыс длеихырхәаны длывакәашо дықәигалар акәын. Раԥхьатәи акәашарақәа шьақәгылеит ауаҩы иааикәыршан иҟоу аԥсабара иазыҟазаашьа, иемоциақәа аазырԥшуаз акы акәны. Нас уи иемоциақәа ирыцлеит аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рҟынтәи дызшьклаԥшыз аныҟәашәагьы, анапы ашьҭыхьшьа, ахаҵәишьа уҳәа. Уи иазку ажәеицааирақәагьы маҷым: "ашьабсҭеиԥш дкалаӡа", "лымҵәыжәҩақәа еиҵых", "дышьҭхысаа днеиуеит", "дықәԥраа днеиуеит" убас иҵегьы.

Анеҩс ауаа рынхашәа иақәшәоз акәашарақәагь аԥырҵон, урҭ инарыгӡон амагиатә функциақәа (аҽаҩра аизҳазыӷьара), аиҳаракгьы ианынарыгӡоз амзартә қьабзқәа раан акәын. Иаҳҳәап, ансамбльқәак рҟны иахьагьы иуԥылоит "Анхацәа рыкәашара". Ажәакала, акәашарақәа дара ажәлар рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иҟоуп.

Икәашоит "Кавказ">>

Иарбан ҿиарамҩоу иамоу аԥсуа кәашара?

Иахьа имаҷым иҳамоу акәашаратә ансамбльқәа, еиҳагьы еиҳауп ахәыҷтәы студиақәа. Гәахәара унаҭоит аҭаацәа рхәыҷқәа аԥсуа культура рылааӡара иахьашьҭоу. Идыруп, иарбан ҟазара хкызаалак ахәыҷы имилаҭтә культурагьы шиланааӡо. Хымԥада акультуратә хәышҭаараҿы амилаҭтә еихаҵгылареиԥш, амилаҭтә бызшәагьы аԥыжәара амазароуп.

Акәашара иалоу хәыҷыки сареи ҳаицәажәараҟны абас еиԥш ажәақәа салҳәеит (ҳаицәажәара ацыԥҵәаха):
- Ибгәаԥхома акәашара?
- Ааи.
- Аԥсуа кәашароума бызлоу?
- Исыздырам, уа урысшәалоуп ишцәажәо…

"Ерцахә" 45 шықәса ахыҵит>>

Сгәанала, ари ахҳәаа азыҟаумҵаргьы ауеит, ахала зегь аҳәоит. Акәашацәа хәыҷқәа рааӡаҩцәа ирҳәар ҟалоит еиуеиԥшым амилаҭ ахьазыҟаҳҵо аҟынтәи ирзеиԥшу абызшәала ҳрацәажәоит ҳәа.

Денис Арухаа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Арухаа жәлар рарҳәагақәа роркестр азы: ажәытә мырӡкәа аҿар ирзааигәахар ҳҭахуп

Аха акәашара бызшәас иамоу ажест ауп, ихадароума уи зурҵо ахәыҷы изы даҽа бызшәак? Убри аан инаигӡо акәашара измилаҭу дизымдыруа дыбжьаҟьалар ҟалоит. Насгьы иҳәатәуп, аҭаацәагьы ари акультуратә хәышҭаарахьы рхәыҷқәа анырышьҭуа аиҳарак изызхәыцуа ҽырбагак аҳасабла "ҳхәыҷқәа чарак аҿы излакәашаша дҳарҵап" ҳәа ауп, изызҳаны апрофессионалтә ҩаӡарахь инеиуа рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа агхара ишаҿу убарҭоуп.

Иазгәаҭатәуп даҽакгьы: акрааҵуеит иҿыцу кәашаратә қәыргыламҭак ала ҳадмыргәырӷьеижьҭеи. Ҳәарада, уи имариам усуп, акыр ашәҟәқәа ургәылаԥшыр, ажәлар рҳәамҭақәа еизугар ауп, анагӡаҩцәа урыҿцәажәар ауп, аха арҿиаҩы еснагь иҿыцу дашьҭазар ами, убри аан имилаҭтә доуҳа аԥхьа иргыланы. Ааигәа убас еиԥш ала ҳашьцәа Нхыҵаа рансамбль "Нальмес" ррепертуар иаланагалеит иҿыцу ақәыргыламҭа "Анатолиа инхо ачерқьез жәлар рыкәашара" афольклорист Мадина Паштови дареи русеицура абзоурала.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0