Россотрудничество иацнаҵеит Урыстәыла аҵаразы азыҳәақәа ралаҵара аҿҳәара

Аҭаларазы алхратә кампаниахь инашьҭхоит аҳәаанырцә тәылауааи, атәылауаҩра змам ахаҿқәеи, аҳәаанхыҵ инхо аџьынџьуаагьы уахь иналаҵаны.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 23 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра адырра ҟанаҵеит кватала Урыстәыла аҵара зцарц зҭаху разыҳәақәа рышәҟәҭагалара аҿҳәара ишацнаҵо ԥхынгәы 1 аҟынӡа. Абри иаанаго уи ауп, иарбоу аҿҳәара ҟалаанӡа апортал edu.rs.gov.ru аҟны аҽҭаҩреи, азанааҭ алхны уазыҳәа аус адулареи азы алшара ыҟоуп.

Еицәыхараны, асабрадақәа рҿаны: ААУ аԥышәарақәа шымҩаԥысуа

Facebook аҿы иҟоу Россотрудничество адаҟьаҿы ишазгәаҭоу ала, абри аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит онлаин-режим ала имҩаԥысыз аурыс-аԥсуа усуратә гәыԥ реилатәараҟны. Амагистратуреи, аспирантуреи, аординатуреи рҟны аҵара зҵаша акандидатцәа ралхра мҩаԥысуеит, ишазԥхьагәаҭаз еиԥш, ԥхынгәымзазы азеиԥш хәшьара ирымоу инақәыршәаны.

Абакалавриати аспециалитети рахь акандидатцәа ралхрагьы ԥхынгәымзазы имҩаԥысуеит. Алхра шыҟало шьақәыргылахоит мызкы аҩнуҵҟала.

"Макьаназы еиуеиԥшым авариантқәа ҳрыхәаԥшуеит. Ма онлаин имҩаԥгахоит, урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа иҷыдоу рыплатформақәа рхархәарала, мамзаргьы алатәарала, COVID-19 аламырҵәаразы Аԥсны иалагалоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаны", – ҳәа аҳәоит адырраҭара.

Россотрудничество аҟны иазгәарҭеит иахьазы аӡәгьы иалимхыз азанааҭқәа маҷымкәа ишыҟоу (иааидкыланы 23 квота рҟынӡа). Аусуратә гәыԥ абжьгара ҟанаҵоит абарҭ азанааҭқәагьы ирызхьаԥшырц, Аԥсназы хәарҭара рыманы иҟоуп аҟынтә.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: