Россотрудничество квотала аҵараиурҭақәа ирҭало рԥышәарақәа ррыцхә рыларҳәеит

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБольшой этнографический диктант в России
Большой этнографический диктант в России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь квотала ирыдыркылалоит аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа, аҳәаанырцә тәылауаа, атәылауаҩрадатә хаҿқәа.

АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Квотала урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭало рзы алкааратә ԥышәарақәа мҩаԥысраны иҟоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы хәажәкырамзазы ҳәа аанацҳауеит Россотрудничество.

Урыстәыла-Аԥснытәи аусутә гәыԥ хәажәкыра 16 - 20 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аԥышәарақәа рҭиуеит абарҭ амаҭәарқәа рыла: аурыс бызшәа, аматематика, химиа, азеиԥшдырра.

Аԥышәарақәа реихшьаалазы апеллиациатә комиссиа аилатәара мҩаԥысуеит хәажәкыра 20 рзы.

Ианаамҭаз рҽахьҭарымҩызи адокументқәа рнагара иахьахьымӡази, иара убасгьы асаит RUSSIA.STUDY аҿы ииашамкәа рҽахьҭарҩызи акомиссиа аӡбра аднакылеит адокументқәа рыдкылара аамҭа иацырҵарц. EDU.RS.GOV.RU асистемала аҽҭаҩра мҩаԥысуеит хәажәкыра 13 рҟынӡа.

Архивное фото студентов - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла аҵараиурҭақәа рҟны аҳәаанырцәаа рзы аквотақәа ирыцырҵоит

"Уаанӡа ахархәара змаз асистема RUSSIA.STUDY уажәшьҭарнахыс аҭаҩра азин амам. Шәара агха ҟаҵаны ари асистемаҿ шәыҽҭажәҩызар, асаит EDU.RS.GOV.RU ахь шәиасны шәҽеиҭаҭажәыҩ", - ҳәа азгәарҭоит Россотрудничествео аҿы.

Акандидатцәа, здокументқәа агхақәа змоу рыдкылара алзмыршо рдыруеит, уи азы ашәҟәы рзынашьҭуп.

"Шәанкета аӡбахә ала Россотрудничество ахаҭарнакраҟынтә ашәҟәы шәзынашьҭымзар, иара иҟоу аҭахрақәа ирықәшәоит, шәаргьы алкааратә уснагӡатәқәа шәрылахәхоит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Акандидатцәа, занкетақәа аҭахрақәа ирықәшәо иҟоу, алкааратә уснагӡатәқәа рсиаҟны рыхьӡқәа арбахоит. Ааԥхьарақәа рыладырҵәоит иара убасгьы аинформациатә система EDU.RS.GOV.RU ала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0