Аслан Бжьаниа аԥсылманцәа Ураза-баирам рыдиныҳәалеит

Амҽыша, лаҵара 24 рзы аԥсылманцәа иазгәарҭоит Ураза-баирам - иԥшьоу амза Рамадан аан изҵаз ачгара ахьхыркәшахаз иазку аныҳәа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 24 - Sputnik. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа аԥсылманцәа ирыдиныҳәалеит Ураза-баирам, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Дарбан ԥсылманзаалак иԥшьоу амза Рамадан аан дызҵаз ачгара даныҵыҵуа ныҳәа лашоуп Ураза-баирам иҳәеит Бжьаниа. Ари аныҳәаҟны ашәышықәсақәа иргәылсны иаауа аҵасқәа аарԥшуп, уи иреиҳау адоуҳатә цәаҩақәа аныԥшуеит ҳәа азгәеиҭеит ахада.

"Аԥсны - адинқәа рацәаны иахьеиларсу тәылоуп, аха ара иқәынхо ауаа еснагь иаадырԥшуан аҳаҭырбара, аибачҳара. Агәра ганы сыҟоуп Аԥсны аԥсылманцәа адинқәа рганахьала ирымоу ачҳара ҳаԥхьаҟагьы ишаадырԥшло", - аҳәоит ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.

Бжьаниа зегьы аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьеишьеит.

"Ҷыдала ирыдсныҳәалар сҭахуп ҳџьынџьуаа - Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, егьырҭ аԥсылман тәылақәа рҟны инхо ҳдиаспора ахаҭарнакцәа", - азгәеиҭеит ахада.  

Ураза-баирам - ԥсылман ныҳәоуп, уи азгәарҭоит иԥшьоу амза Рамадан аан изҵаз ачгара ахыркәшара инамаданы. Ари амза иалагӡаны аԥсылманцәа крырфар, крыржәыр ҟалом амра ангылалак инаркны амра нҭашәаанӡа. Сынтәатәи амзар ала, Ураза-баирам аныҳәа лаҵара 24 иақәшәеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: