АҞӘА, лаҵара 24 - Sputnik. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа аԥсылманцәа ирыдиныҳәалеит Ураза-баирам, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Дарбан ԥсылманзаалак иԥшьоу амза Рамадан аан дызҵаз ачгара даныҵыҵуа ныҳәа лашоуп Ураза-баирам иҳәеит Бжьаниа. Ари аныҳәаҟны ашәышықәсақәа иргәылсны иаауа аҵасқәа аарԥшуп, уи иреиҳау адоуҳатә цәаҩақәа аныԥшуеит ҳәа азгәеиҭеит ахада.
"Аԥсны - адинқәа рацәаны иахьеиларсу тәылоуп, аха ара иқәынхо ауаа еснагь иаадырԥшуан аҳаҭырбара, аибачҳара. Агәра ганы сыҟоуп Аԥсны аԥсылманцәа адинқәа рганахьала ирымоу ачҳара ҳаԥхьаҟагьы ишаадырԥшло", - аҳәоит ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.
Бжьаниа зегьы аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьеишьеит.
"Ҷыдала ирыдсныҳәалар сҭахуп ҳџьынџьуаа - Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, егьырҭ аԥсылман тәылақәа рҟны инхо ҳдиаспора ахаҭарнакцәа", - азгәеиҭеит ахада.
Ураза-баирам - ԥсылман ныҳәоуп, уи азгәарҭоит иԥшьоу амза Рамадан аан изҵаз ачгара ахыркәшара инамаданы. Ари амза иалагӡаны аԥсылманцәа крырфар, крыржәыр ҟалом амра ангылалак инаркны амра нҭашәаанӡа. Сынтәатәи амзар ала, Ураза-баирам аныҳәа лаҵара 24 иақәшәеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Џьуӷелиа: аурычра амшқәа рзы ихадоу ачҳара аарԥшра ауп
-
Чепиаԥҳа Рамадан азы: ҳазыԥшуп, бзиа иаабоит аурычра