Автомашьынақәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аамҭала ралагалара аҿҳәара цәыббра 30 рҟынӡа инахоуп

Арҭ иреиԥшу амашьынақәа зтәу апассаџьыртә ҳазалхратә декларациа, ма арзаҳал ахарҭәааразы аҳазалхратә усбарҭахь рнеира аҭахӡам; амашьынақәа ралагалара аҿҳәара инахоуп уаанӡа инашьҭыз ашәҟәқәа рҵаҵӷәала.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 26- Sputnik. Аамҭала аҳәаанырцәтә номерқәа змоу ахатәхархәаратә автомашьынақәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ралагалара аҿҳәара цәыббра 30 рҟынӡа инахоуп ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АҲМ.

Абри азы Евразиатәи аекономикатә хеилак аӡбра амчра аиуеит лаҵара 28 инаркны, хәажәкыра 1 аахыс иалагалоу амашьынақәа аҵаркны.

Аамҭала Урыстәыла аҵакырахь иалагалоу амашьынақәа аконфискациа рзухоит

Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә маҵзураҿы ишырҳәаз ала, аҳәаанырцәтәылауаа азин рымоуп Евразиатәи аекономикатә еидгылахь ахатәхархәаразы амашьынақәа ралагалара. Дара абаџьи ашәахтәи рхыршәаауам, Урыстәыла аҵакыраҿы шықәсык еиҳамзароуп рыҟазаара. Абри азы аамҭалатәи алагалара ҳәа аиҿкаара мҩаԥгатәуп.

Абри аҿҳәара ашьҭахь автомашьына Евразиатәи ахеилак аҵакыраҟынтә иалгамзар, адекларациа ҟазҵаз ахараԥса идҵахоит, иара иуалԥшьахоит ашәахтәи абаџьи ршәара.

ЕАХ аҳазалхратә закәанеидкыла ахәҭаҷ 268 инақәыршәаны аус руеит егьырҭ аҭагылазаашьақәа иаԥырҵар зылшо анормақәагьы.

"Убас иҟоу аҭагылазаашьақәа иреиуоуп атранспорттә хархәага аҳазалхратә декларациаҟаҵара ЕАХ аҵакыраҟынтәи алгаразы аҿҳәара анынҵәа ашьҭахь фымз иахымгакәаны. Абри аамҭала ахархәараз иалагалоу атранспорт аамҭала Ахеидкыла аҵакыраҿ иҟазар ҟалоит", - ҳәа рҳәоит амаҵзураҿы.

Абасала атранспорт зтәу алагалара аҿҳәара анҵәара ашьҭахь фымз рыҩныҵҟа Урыстәылантәи Аԥсныҟа итранспорт шалеигало азы адекларациа ҟаиҵар ҟалоит.

Иарбоу аамҭала ауаҩы амашьына изалымгозар, иара иабжьыргоит абри атәы аҳазалхратә усбарҭаҿ идирдырырц. Ари аелектронтә ҟазшьалагьы амҩаԥгара ауеит. Уи ашьҭахь аусбарҭаҿы адырра шроуз азы хымԥада ашьақәырӷәӷәара иуроуп.

Аԥсны Аҳазалхратә еилакы Аԥсуа телехәаԥшрала адырра ҟанаҵеит апандемиа инадҳәаланы Урыстәыла аҵакыраҿ иаԥҵоу аԥкырақәа инарықәыршәаны атранспорттә хархәагақәа аамҭала ралагалара аҿҳәара анахараз ашәҟәқәа еиқәнаршәоит Шәачатәи аҳазалхратә пост ҳәа (Гагратәи амҩа, аҩ.№12, Пластунскаиа амҩа, аҩ.№220, Круизнаиа гавань, аҩны№4).

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: