Аамҭала Урыстәыла аҵакырахь иалагалоу амашьынақәа аконфискациа рзухоит

© Foto / Сочинская таможняКПП Псоу
КПП Псоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа иазгәанаҭеит аамҭала амашьынақәа атәыла аҵакырахь ралагалара аԥҟарақәа реилагаразы ахараԥса рацәахар ҟалоит, мамзаргьы амашьына аконфискациа азырур алшоит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 15 - Sputnik. Ииасыз ашықәс иалагӡаны Урыстәыла Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа 828 административтә ус хацнаркит ианаамҭаз аҳәаа иахьахымгаз аамҭала атәыла иалагалаз автомашьынақәа. Аиҳарак амашьынақәа Урыстәылаҟа Аԥснынтәи иаларгалоит. Аԥсны дара рыхәԥса еиҳа еиҵоуп азы, иара убасгьы Қырҭтәылеи Украинеи рҟынтәи.

Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура ишаанацҳауала 2019 шықәса рзы 763 хараԥса ылҩаан - 1 195 800 мааҭ рыхә, 43 хҭыс раан автомашьынақәа аконфискациа рызуун.

Аҳәаанырцәтәылауаа азин рымоуп Евразиатәи аекономикатә еидгылахь ахатәхархәаразы амашьынақәа ралагалара. Дара абаџьи ашәахтәи рхыршәаауам, Урыстәыла аҵакыраҿы шықәсык еиҳамзароуп рыҟазаара.

Аха ирацәоуп ахҭысқәа аҳәаанырцәтәылауаа "аамҭала" амашьына аҭиразы ианаларгало. Абри аан амашьына ахәԥса акыр илаҟәуп, аха ари автомашьына ахархәара азин змоу иалазгалаз ахаҿы заҵәык иоуп.

Иҟан ахҭысқәа ахатәхаҿқәа аҳазалхыҩцәа адокумент ԥаршеиқәа анрыдыргалоз аҳәаанырцәтә еиҿкаарақәа рҟны аус руазшәа. Арҭ рҩызцәа Урыстәыла атәылауаа аныҟазгьы ыҟан.

Аҳазалхратә усбарҭа иазгәанаҭоит хыхь иарбоу ахҭысқәа раан автомашьына аҭира азакәан шьаҭа шамам, аахәаҩгьы уи ахархәара шилымшо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0