Ачымазара ҿкы Аԥсны ҿыц уаҩы идбалам

Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирустә чымазара амазааразы агәаҭара иахысит 42-ҩык ауаа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Акоронавирустә чымазара уаҩы ишимам шьақәырӷәӷәахеит аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла игәаҭаз 42-ҩык рҟынтәи ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

АҶА иатәу даҽа жәаҩык акурсантцәа Аԥсныҟа ихынҳәит

Аштаб адыррақәа рыла, асасааирҭа "Аиҭар" аҟны ихымԥадатәу акарантин ахгара аамышьҭахь рыҩныҟа иоушьҭын жәҩык акурсантцәа. Фҩык – Атәылахьчара аминистрра аганахьала аҵара иҭоу роуп, хҩык – Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аганахьала. Дара зегьы COVID-19 рыдбалам.

Лаҵара 26 рзы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҟны ишьҭоуп ачымазара ҿкы змоу 11-ҩык апациентцәа.

Апандемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны COVID-19 рыдбалан 28-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә 15-ҩык ргәы бзиахахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>