Актәи адкылара: Аԥсны ахада атәылауаа идикылеит

Аслан Бжьаниа Аԥсны ахадас далххеит хәажәкыра 22 рзы имҩаԥысыз аиҭабжьыҭираан. Аҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥган мшаԥы 23 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәылауаа рхатәы зҵаарақәа рзыӡырыҩразы раԥхьатәи адкылара мҩаԥигеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Ахада иахь инеиз реиҳараҩык асоциалтә проблемақәа роуп, аусурҭаиура уҳәа ахатәы зҵаарақәа роуп излацәажәоз", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Апресс-маҵзура адыррала, аиԥылараан атәылауаа иара убасгьы аҳәара ҟарҵон ауаажәларратә ҵакы змоу апроблема рыӡбраҿы ацхыраара ҟаиҵарц, иаҳҳәап агәабзиарахьчареи асоциалтәи усхкқәа робиектқәа реиҭашьақәыргылараҟны.

Аԥсны ахада иеиҭалхрақәа мҩаԥган хәажәкыра 22 рзы. Ахадарахьы иқәгылан хҩык акандидатцәа - аоппозициатә блок аиҳабы Аслан Бжьаниа, апартиа "Акзаара" ахантәаҩы Леонид Ӡаԥшьба, Аԥсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Аслан Бжьаниа аиааира игеит, уи изы рыбжьы арҭеит 56,5% алхыҩцәа. Ахада ҿыц иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит мшаԥы 23 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: