Кәарҷиа еиҭеиҳәеит аинститут аушьҭымцәа аԥышәарақәа шарҭо
© Sputnik
"Аушьҭымҭацәа аԥышәаркәа ҩбеи адипломтә усумҭа ахьчареи рыдуп. Аԥышәарақәа мҩаԥаагоит рашәара 20 шыҟоу. Амза ҩба рзы аусура ҳшааҭыҵлак астудентцәа ааҳаԥхьоит, русумҭақәа ахьнаргахьоу атәы еилаҳкаауеит, зҵаарақәак рымазар, еилҳаргоит. Латәарадатәи астудентцәа абжьааԥны рҵара иалагон рашәарамзазы, аха сынтәа ихацҳаркырц ҳҭахуп ԥхынгәымзазы. Аинститут аҭаларазы адкыларатә ԥышәарақәа ииагахоит нанҳәамзахьы. Абасала ҳҽеиқәҳаршәеит. Аҵара апроцесс акәзар, цәыббрамза рзы ихацҳаркырц ҳгәы иҭоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәарҷиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аканикулқәа ирылагеит: Аԥсны аҵарашықәс заанаҵ ихыркәшахоит
Еицәыхараны, асабрадақәа рҿаны: ААУ аԥышәарақәа шымҩаԥысуа