АҞӘА, лаҵара 27 мая - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва имҩаԥысраны иҟоу Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аантәи Аиааира апарад далахәхоит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Апресс-маҵзураҿы ишырҳәаз ала, Аслан Бжьаниа Москваҟа дцоит Урыстәыла ахада Владимир Путин иҟаиҵаз анаԥхьарала.
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аантәи аиааира иазку апарадқәа традициак аҳасаб ала лаҵара 9 рзы имҩаԥыргон, аха сынтәа акоронавирустә ҭагылазаашьа иахырҟьаны имҩаԥгаз аҳауатә мчрақәа рпарад ауп.
Владимир Путин иусдҵала Аиааира апарад мҩаԥгахараны иҟоуп рашәара 24 рзы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Асовет жәлар ргәырӷьара: Аиааира Ду маи 9, 1945 шықәсазы Москва ишаԥылаз
Ҩ-миллионҩык рҟынӡа афырхацәа дырбан "Ԥсра зқәым архәҭа-онлаин" ала