Аслан Бжьаниа Москва имҩаԥысуа Аиааира апарад далахәхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада Аслан Бжьаниа
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аантәи Аиааира апарад далахәхоит Урыстәыла ахада Владимир Путин иҟаиҵаз анаԥхьарала.

АҞӘА, лаҵара 27 мая - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва имҩаԥысраны иҟоу Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аантәи Аиааира апарад далахәхоит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Апресс-маҵзураҿы ишырҳәаз ала, Аслан Бжьаниа Москваҟа дцоит Урыстәыла ахада Владимир Путин иҟаиҵаз анаԥхьарала.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аантәи аиааира иазку апарадқәа традициак аҳасаб ала лаҵара 9 рзы имҩаԥыргон, аха сынтәа акоронавирустә ҭагылазаашьа иахырҟьаны имҩаԥгаз аҳауатә мчрақәа рпарад ауп.

Владимир Путин иусдҵала Аиааира апарад мҩаԥгахараны иҟоуп рашәара 24 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0