Аслан Бжьаниа Ҭемыр Оҭырба Афон Ҿыц ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа деиҭеит

Феликс Дауҭиа Афон Ҿыц ахадас дахьыҟаз инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәын атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡоз Валери Бганба иусдҵала мшаԥы 22 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ҭемыр Оҭырба Афон Ҿыц ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа деиҭеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра административтә-дгьылҵакыратә акрақәа напхгара рыҭаразы" А́́псны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 24 инақәыршәаны Афон Ҿыц ақалақьтә администрациа ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс даҭазааит Оҭыра Ҭемыр Бенури-иԥа" ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.

Феликс Дауҭиа Афон Ҿыц ахадас дахьыҟаз инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәын ихатәы рзаҳал ала 2020 шықәса мшаԥы 22 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: