Абиблиотека аусзуҩ Лили Қәаранӡиа-Ашәба: Искандер иҩымҭақәа иасмырԥхьац уаҩ дыҟам

Абиблиотека амш азы шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Џьгьарда ақыҭа инхо, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ ҳәа ахьӡ занашьоу, акыршықәса инеиԥынкыланы абиблиотекаҿы аус зухьоу Лили Қәаранӡиа - Ашәба лдунеихәаԥшышьеи, лыгәҭахәыцрақәеи, лабжьгарақәеи ирызку анҵамҭа.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсны зҿаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, акыр шықәса инеиԥынкыланы Џьгьарда ақыҭа абиблиотекаҿы аус зухьоу Лили Қәаранӡиа-Ашәба лзанааҭ лара илыԥсҭазаароуп. 1960 шықәса рзы қәҿиарала далгоит Аҟәатәи аҵаралашаратә ҵараиурҭа (абиблиотека аҟәша). Аҵара даналга амш аҽны инаркны Џьгьарда ақыҭсовет аҿы аусура далагоит.

"Ахыбра ажәын, аха абиблиотеказы уадак алхны иҟан, иара уброуп аусурагьы сахьалагаз. Анаҩс, Акультуратә аҩны андыргыла, уахь сиасит аусура, иахьа уажәраанӡагьы аус зуан. Уажәы ашкол иарҭеит абиблиотека, араион анапхгара ус аназырыӡба, саргьы исыдыскылеит. Ахәыҷқәа ԥшӡала иаԥхьааит, ԥшӡала ирҵааит, ашәҟәыԥхьара агәаҳәара еснагь ирыманы Анцәа иҟаиҵааит", - ҳәа азгәалҭоит Лили Қәаранӡиа-Ашәба.

Лили Қәаранӡиа-Ашәба излалҳәо ала, ҿыц аусура даналага, аԥхьаҩцәа рхыԥхьаӡара рацәаҩымзт, 15-ҩык рҟынӡа раҟара ракәын иҟаз. Лхы-лыԥсы адҵаны лус ҩнапыкала илкит, ишахәҭаз еиԥш лусура ҳәаақәылҵеит, хымԥада усҟан абиблиотека иаднаԥхьалозгьы еиҳа ирацәаҩхеит.

Акьыԥхь ахьаақәа: Очамчыра ашәҟәы ишаԥхьо

"Ашәҟәқәа сыманы ақыҭа санрылазгьы ыҟан, усҟан иган ируҭар акәын. Нас ирҵеит абиблиотекахь ишааитәу, ашәҟәқәа ишрыԥхьатәу, ашәҟәы бзиақәа шсымаз еилыркааит. Аибашьра ашьҭахьгьы ашәҟәы бзиақәа соуа салагеит, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рышәҟәқәа ҳзылырҩаауа иалагеит. Иаҳҳәозар, Алықьса Гогәуа, Витали Амаршьан, Баграт Шьынқәба уҳәа ҳашәҟәҩҩцәа хатәрақәа рышәҟәқәа нарго иалагеит", - абас аҭоурых ашьҭа дхылан ахҭысқәа еиҭалҳәон Лили Қәаранӡиа-Ашәба.

Ауаҩы иус бзиа ианибо, хымԥада алҵшәа маиурц залшом. Уи азы иаҭахуп иашарала аус азнеира, амаашьара, аиҿкаара, аҳәаақәҵара. Абарҭ аҟазшьақәа зегьы лылоуп Лили Қәаранӡиа-Ашәба. Лара лнапы иҵылххьоу аиԥыларақәа, аизарақәа рхыԥхьаӡарагьы маҷым.

"Ҳашәҟәыҩҩы ду Витали Амаршьан 50 шықәса анихыҵ убри аҩыза аиԥылара ду сыман, Қарҭаагьы ыҟан. Убарҭ, Қырҭтәыла зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы ҳәа ахьӡ сырҭахьан. Аибашьраан уи наҟ иԥыжәжәаны икасыԥсеит. Витали Амаршьан иԥазаҵә аибашьра дҭахеит, ахлымӡаах ихигеит, игәы ҭшьаан… Абиблиотека ашкол ахь ианрысҭа, 16 томк ааганы аҩны исзаанижьит Витали иашьа. Уи ахәыҷқәа ирысҭоит, изҭаху аԥхьоит", - ҳәа азгәалҭоит абиблиотека аусзуҩ.

 

Абиблиотека аусзуҩ Лили Қәаранӡиа-Ашәба: Искандер иҩымҭақәа иасмырԥхьац уаҩ дыҟам

Џьгьарда ақыҭан аиԥыларақәа мҩаԥысуан ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа алархәны. Уи зегь раԥхьа иргыланы ауаа ашәҟәы аԥхьара агәыбылра днаркуан, аҵак ду аман. Лили Қәаранӡиа-Ашәба илгәалалыршәоит, анкьа аклуб аусушьа зеиԥшраз, иҟаз аколлективтә еилазаара ахьынӡанаӡоз.

Сариа Ԥлиаԥҳа: ашәҟәыԥхьара аҵас аԥсы ҭоуп

"Аклуб аиҳабыс дыҟан Шьалодиа Ашәба, абиблиотека аусзуҩы ҳәа иҟаз сара заҵәык сакәын, акомиссар дыҟан, аписар дыҟан. Акино наганы идырҵәиуан убра, уаҳа акагьы ыҟаӡамызт. Нас, зыԥсаҭа бзиахаша Иван Гамсараҭ-иԥа Амҷба ахан дуӡӡа иргылеит, абиблиотекагьы убрахь ииазгеит"-лҳәеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ.

Лили Қәаранӡиа-Ашәба лбиблиотека еиднакыло ашәҟәқәа илзымдыруа акгьы ыҟаӡам, иҟалап урҭ лыхшара ирыду лгәыбылра еиԥшны илбозар, лыбла аҷыц еиԥш дрыхӡыӡаауеит, патула дрызнеиуеит.

"Фазиль Искандер иҩымҭақәа иасмырԥхьац уаҩ дыҟам, Чагьамтәи ахҭысқәа ирызкны. Иҟан егьырҭ ақыҭақәа рҟынтәи иааны сара сбиблиотека аҟынтә ашәҟәқәа аныргоз. Сара абиблиотекаҿ аус зуеит, зегьы бзиа избоит, аха акыр сазгәышьуеит Баграт Шьынқәба иҩымҭа "Ацынҵәарах", бзиа ибаны саԥхьоит Витали Амаршьан ирҿиамҭа "Аԥсҳа", Алықьса Гогәуа ироман "Асду". Ирацәоуп ус еиԥш иҟоу аԥҵамҭақәа аԥхьаҩцәа рнапаҿ иааргарц ирабжьызгақәо", - лҳәоит Лили Қәаранӡиа-Ашәба.

Аԥхьаҩ иигаз ашәҟәы шьҭахьҟа иргьежьны ианааигашаз анҵаны иман. Мышкы дагхаргьы ҟаломызт. Ианаамҭаз аҭыԥ ахь ианаарымгалак, Лили Ҭемраз-иԥҳа адырра рылҭон, идыргьежьыр акәын. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы, лара илыллыршеит абиблиотека аиқәырхара, иара убас аибашьцәа рхәы аҟаҵара, ажәакала илылшоз ала хеигӡарак ҟалымҵеит.

"Абиблиотека аӡәгьы кьыс аимҭеит. Исгәалашәоит, Мераб Кьышьмариа аибашьцәа дышрылабжьоз, акы иалакьысыр шыимуаз. Аӡәызаҵәык ашә ааимыртит, шьамхахьы асы сылагыланы сцаны игәаҭаны саауан, иаламкьысырц срыҳәон. Ииашаҵәҟьаны, ԥхасҭак амҭакәа, аибашьра ашьҭахь иҷыгәӡа сышә аартны ицқьаӡа сныҩналеит. Уи азы Очамчыра араион аҳамҭагьы санаршьахьеит", - лҳәеит ҳзыҿцәажәоз.

Аԥсуареи ажәытә ҭынхеи пату ахьрықәу: Ашәаа рҭаацәара аҭоурых

Ирацәоуп Лили Қәаранӡиа-Ашәба еидкыланы илымоу архивтә материалқәа, афотосахьақәа, урҭ зегьы цәыргақәҵа дук злухша ыҟоуп.

"Ҳазҭагылоу аамҭазы Очамчыра араион иҭыҵуа агазеҭ "Ерцахә" саԥхьоит ибжьамыжькәа. Уи аредактор еиԥмырҟьаӡакәа еснагь исзаалҭиуеит аномерқәа. Ҿыц иҭыҵыз, Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ишәҟәы саԥхьоит. Иара убас, иҭыҵыз снапаҿы исоуз ашәҟәқәа, ажурналқәа иаԥхьарц рабжьызгоит. Бзиа избоит абыргцәа рыҿцәажәара. Иахьагьы дҳамоуп абырг, шәышықәса ирзааигәоу Леуарса Ашәба, Гәыџь Чхьенџьериа ҳәа дыҟан, ус еиԥш Џьгьарда ақыҭа иҳамаз абыргцәа шьахәқәа ыҟан, рлабашьақәа кны аԥса амҵа инатәаны ацәажәара иналагон, саргьы сжурналқәа кны саарыдгылон", - ҳәа азгәалҭоит абиблиотека аусзуҩ.

Наҭелла Естат-иԥҳа Адлеиба ашкол аҟны рҵаҩыс аус луеит, абиблиотекагьы дахылаԥшуеит. Лили Қәаранӡиа-Ашәба ашколи еимадоуп, уи цҳас ирыбжьоу акакәны иҟоуп-абиблиотека, аҵарадырра, иара убас аҳәса еидызкыло аҟәша еиҳабыс дамоуп, имҩаԥысуа аизарақәа дрылахәуп, ажәахә лҳәоит.

"Ахәыҷқәа ашәҟәы бзиақәа, ажурнал бзиақәа рыдгалалатәуп, аԥхьара агәыбылра дырктәуп, иану асахьақәа инадыркны зегьы ахҳәаа рзыҟаҵатәуп иаднаԥхьалартә еиԥш. Аҭаацәа уи аус адырулароуп, ирыбзоуроу рацәоуп. Ашәҟәыԥхьара гәыгәҭажьны иаанымхароуп. Аҿар аԥсуара ныҟәыргароуп, аиҳабы ипатуқәҵашьа иақәшәароуп", - лҳәеит Лили Қәаранӡиа-Ашәба.

Лили Қәаранӡиа-Ашәба илҭахуп Аԥсынтәылеи аԥсуа жәлари аҭынчра рымазарц, аҿиарамҩеи аизҳазыӷьареи рыгымзарц. Ҳаԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ҳзаазгаз ҳаибашьцәа џьанаҭ гыларҭас ироурц, иаанхаз агәабзиара рыгымзарц, аҿиара ҟаларц. Лажәа хыркәшауа абасгьы налҳәеит: аԥхьаҩцәа шәҟәыкгьы бжьашәмыжьын, шәаԥхьала, шәхәыҷқәа ашәырԥхьала, агәыбылра дшәыркы. Ашәҟәы ааӡагоуп, убри ауп аҵарадырра шәоуртә шәҟазҵо. Ҽааныбзиала шәнеиааит зегьы!".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: