Сариа Ԥлиаԥҳа: ашәҟәыԥхьара аҵас аԥсы ҭоуп

© Sputnik / Саида ЖибаАҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа
Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси 11 шықәса раахыс знапы алакыу, Гагратәи аҭыԥҳа Сариа Ԥлиаԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит ари азанааҭ алхра лгәазырԥхази, арҵаҩрахьы дхьазырԥшызи ртәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Сариа Ԥлиаԥҳа Гагратәи абжьаратә школ №1 аҟны аҵара лҵонаҵы, аҭоурых бзиа ибаны, занааҭк аҳасабалагьы дазхьаԥшуа далагахьан. Уи зегь зыбзоурахаз, ари амаҭәар дзырҵоз арҵаҩцәа Замира Бганԥҳаи, Антонина Ажьиԥҳаи роуп.

Мери Чанба - Sputnik Аҧсны
Мери Ҷанԥҳа: сыԥсҭазаара абжеиҳан, Гагратәи аҟазаратә школ иазыскит

"Сара сгәаанагарала, уаԥхьаҟа иалухраны иҟоу азанааҭ аҿгьы арҵаҩы ароль ду наигӡоит. Избанзар, иара амаҭәар шузнаиго, агәыбылра шуиркуа, ишуеилиркаауа еиԥш ауп, уҩнуҵҟа ишииуа, сыԥсҭазаара иадысҳәаларыма ҳәа аинтерес", — лҳәоит аҭыԥҳа.

Сариа ашкол даналга, дҭалоит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҭоурыхтә факультет, латәарадатәи аҟәша. Убри ашықәсан аусура далагоит Гагратәи ақалақьтә библиотека №1 аҟны.

"Аԥышәарақәа сҽанырзыҟасҵоз, исмоур амуа иҟалеит шәҟәык. Сара аамҭа сымамызт аҟнытә, сан абиблиотекахь дашьҭаланы днеит. Араҟа сыхьӡала ақьаад анхадырҭәаауаз, сзанааҭ анырба, насгьы латәарадатәи аҟәша, "ҳара ҳахь даашәышьҭ, уажәааигәа аҭыԥ ҭацәит" ҳәа ларҳәеит. Саргьы, сҵараҿы, сдыррақәа реизырҳараҿы ишсыхәоз здыруан аҟнытә сақәшаҳаҭхеит", — ҳәа ҳаиллыркааит лара.

Сынтәа Сариа Ԥлиаԥҳа абиблиотекаҿы аус луеижьҭеи иҵуеит 11 шықәса.

Аӡәгьы изы имаӡаӡам, аҵыхәтәантәи аамҭазы, ашәҟәыԥхьара аинтерес ацәыӡит ҳәа агәаанагара шыҟоу, аха Сариа уи дақәшаҳаҭым.

"Гагратәи ақалақьтә библиотека 62 шықәса ахыҵуеит. Асовет аамҭақәа раан, аҭыԥантәи ауааԥсыра ирылаҽны иҟан ашәҟәыԥхьара акультура ҳаракы. Аӡәы ихала, мчыбжьык иалагӡаны хәба-фба шәҟәы дрыԥхьон. Ииашоуп, иахьатәи ҳаамҭазы аҭагылазаашьа акырӡа аҽаԥсахит, аха ашәҟәыԥхьара аҵас аԥсы ҭоуп", — ҳәа азгәалҭоит абиблиотека аусзуҩ.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьгьы, аамҭа хьанҭақәа ирзымхәаҽит Гаграа рышәҟәыԥхьара. Уаанӡеиԥш алитература еимактәыс ирымамызт, аха зегь акоуп аҭааҩцәа ыҟан.

Иахьа, абиблиотекахь ҽнак иалагӡаны, 10-15-ҩык рҟынӡа ауаа ааиуеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп акурорт асасцәагьы.

Манана Квициния - Sputnik Аҧсны
Арадио
Манана Кәыҵниаԥҳа: аԥхьаҩ игәы иақәшәо ашәҟәы аҭира мариоуп

"Аҭыԥантәи ауааԥсыра ргьамақәа еиуеиԥшым. Ииашоуп, аԥсуа литература аԥхьаҩцәа уиаҟара ирацәам, аха зегь акоуп иадҵаалоит. Миха Лакрба иновеллақәа, ирыԥхьахьоугьы, аамҭа анҵлак, ҩаԥхьа иашьҭаланы иаауеит, убас Нелли Ҭарԥҳа лырҿиамҭақәа. Атуристцәа ракәзар, еиҳарак абеллетристикатә ҩымҭақәа ргоит, иазҵаауеит Аԥсны аҭоурых", — еиҭалҳәоит Сариа.

Гагратәи ақалақьтә библиотека №1 иамоу ашәҟәқәа рхыԥхьаӡара 12 нызқь рҟынӡа инаӡоит. Сариа араҟа аус луеижьҭеи, 70 процент дрыԥхьахьеит.

Лара џьашьатәыс дрымоуп еиуеиԥшым алитературатә жанрқәа ирыдҵаало ауаа. Аҩымҭа афырхацәа рыхьӡқәа рыда узымдыруазаргьы, ашәҟәы автори, иахьӡуи уалҳәоит, ахҭыс акәзар, адаҟьацәҟьа узаалыртуеит.

Сариа хаҭала бзиа илбо иреиуоуп Иван Папасқьыр ироман "Аԥҳәыс лыпату", Шьалодиа Аџьынџьал "Аҳәа зыҟәну аџьныш", Витали Амаршьан "Аԥсҳа Леон", акырӡа дрызҿлымҳауп аҳәаанырцәтәи авторцәа Ерих Мариа Ремарк, Габриель Гарсиа Маркес, Ернест Хемингуеи, Оскар Уаильд, Реи Бредбери, Халед Хоссеини, Грегори Девид Робертс уҳәа.

"Асиа еиқәысԥхьаӡо салагар, саанкылара уадаҩхоит", — ҳәа алаф ахылҳәаауеит аҭыԥҳа.

© Sputnik / Саида ЖибаАҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа лколлектив
Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа лколлектив - Sputnik Аҧсны
Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа лколлектив

Абиблиотека инаваргыланы, Сариа Ԥлиаԥҳа фышықәса раахыс аус луеит Гагратәи абжьаратә школ №1 аҟны, аҭоурых арҵаҩыс.

"Аколлектив бзиа сшалахәызгьы, зегь акоуп аҭоурых ахь исыхо салагеит. Иагьысыӡбеит, сара сзылгаз ашкол аҿы, аҭоурых арҵаҩы иҭыԥ садҵааларц. Усҟантәи адиректор Татиана Мықәԥҳа сыгәҭакы анласҳәа, саагәыдылкылан "анцәа баҳзааишьҭит, аҭоурых арҵаҩы ҳишьҭан" ҳәа салҳәеит. Убас гәаартыла срыдыркылеит зегьы. Аусураҟны сшьақәгылаанӡа, ацхыраара ду сзаадырԥшит аҭоурых арҵаҩцәа Ҭамара Лордкипаниӡе, Саида Сыҷынааԥҳа. Иахьа уажәраанӡа дарӷьажәҩаны дсывагылоуп ашкол аҵара аҟәша аиҳабы Инга Шармаҭааԥҳа", — инаҵшьны иазгәалҭеит Сариа.

Абас абиблиотекеи ашколи рҿы аусура еилалгӡоит аҭыԥҳа, аки-аки еиԥырхагамхо.

Аҭоурыхтә факультет адекан, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алик Габелиа - Sputnik Аҧсны
Алик Габелиа: аҭоурыхтә факультет аҟны аҵара зҵар зҭаху рзы ҳаиқәшәоуп

"Ашкол аҟны аусура саналага, Ацентртә абиблиотекатә система аиҳабы Лиана Смырԥҳа исабжьылгеит, "арҭ аҩ-уск хәарҭарала еилазгӡарц, иагьсыҵалҳәеит абиблиотекаҿы "аҭоурых акружок" аасыртырц. Ус иагьыҟасҵеит. Хышықәса ҵуеит, араҟа "аҭоурых абзиабаҩцәа рыкружок" ҳәа иаартны иҳамоуижьҭеи", — лҳәоит арҵаҩы.

Сариа Ԥлиаԥҳа лыкружок иаҭаауа еиҳараӡак лҵаҩцәа роуп.

"Ахәыҷқәеи сареи Аԥсни, Аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рҭоурыхқәа ҭаҳҵаауеит, имҩаԥаагоит астол гьежьқәа. Иара абра иазыҟасҵоит, Аԥсны аҭоурых азы араионтәии ареспубликатәии аконкурсқәеи, олипиадақәеи. Иҟамлацт Гагратәи аԥсуа школ, џьара аԥхьахәтә ҭыԥк иаԥсамхакәа, хымԥада, уи аҿы лааԥсара рацәоуп, ҳашкол иахьатәи адиректор, занааҭла иҭоурыхҭҵааҩу Хана Гәынԥҳа", — ҳәа азгәалҭоит Сариа.

Иҳаҩсыз аҵарашықәс аан, Аԥсны аҭоурых азы араионтә конкурс аҿы Гагратәи абжьаратә школ №1 актәи аҭыԥ аннакылеит. Ареспубликатә олимпиадаҟны, Сариа Ԥлиаԥха лҵаҩцәа Мураҭ Қаџьаиеи, Сариа Агрԥҳаи, Магда Аиԥҳаи актәи аҭыԥқәа ирыԥсахеит.

© Sputnik / Саида ЖибаАҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа
Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
1/4
Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа
© Sputnik / Саида ЖибаАҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа
Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
2/4
Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа
© Sputnik / Саида ЖибаАҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа
Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
3/4
Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа
© Sputnik / Саида ЖибаАҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа
Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
4/4
Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа
1/4
Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа
2/4
Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа
3/4
Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа
4/4
Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа

"Аԥсны аҭоурых азы имҩаԥысуаз ареспубликатә олимпиада аан, аҵареи анаукеи рминистр Адгәыр Какоба иҳәахьан, актәи аҭыԥ аанызкыло, ԥышәарада, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет, аҭоурыхтә факультет аҭалара шилшо. Убас, агәахәара дуӡӡа снаҭеит, сара сҵаҩы, ҳашкол аушьҭымҭа Мураҭ Қаџьаиа дахьаднакылаз. Иара убри аҽныцәҟьа, аҭел дысзасын, иҭабуп ҳәа сеиҳәеит ари амаҭәар ахь абзиабара ахьиласааӡаз. Арҵаҩы изы еиҳау аҳамҭа ыҟам, аџьшьара изҭо аҵаҩы даниааӡо", — лҳәоит Сариа.

Сариа Сурам-иԥҳа Ԥлиаԥҳа иразҟы дуны илԥхьаӡоит, деилызкаауа, ҳаҭыр лықәызҵо анапхгаҩцәа ахьлымоу. Ацентртә абиблиотекатә система аиҳабы Лиана Смырԥҳаи, Гагратәи абжьаратә школ №1 адиректор Хана Гәынԥҳаи аҭыԥҳа еилалгӡо аусқәа аҿагылара арҭом. Избанзар дара еилыркаауеит, арҭ аҩ-уск ашколхәыҷқәа рдыррақәа реизырҳаразы ишхеибарҭәаауа.

Ажәабжьқәа зегьы
0