ААР аушьҭымҭатә хәылԥазқәа мҩаԥызго ақьафурҭақәа шадыркуа азы ргәырҽанырҵеит

Азинхьчаратә усбарҭақәа хылаԥшра азыруеит акаҳуажәырҭақәеи апаркқәеи рҟны аԥкыратә уснагӡатәқәа ишрықәныҟәо иҳәеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 29 – Sputnik. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ашәарҭадара ахьгәыгәҭажьу акаҳуажәырҭақәа рыԥшәмацәа ргәырҽанырҵахьеит ԥхьаҟа иадыркыр шалшо азы ҳәа иҳәеит Акоординациатә штаб аилатәараан Аԥсны ААР аминистр Дмитри Дбар.

"Аилагарақәа аԥырымхыр, иаҳаркуеит. Избанзар иҟоуп адыррақәа ахәылԥазқәа азгәарҭарц ргәы иҭоуп ҳәа", - иҳәеит Дмитри Дбар.

Аминистр иара убасгьы иҳәеит ахәылбыҽха апаркқәа рҿы ауаа рацәа реизара алдыршом ҳәа.

"Ақалақь апаркқәа рҿы апатруль ҳаргылеит, ианаахәла инаркны шьыжьынӡа иҷаԥшьоит, ауаа реизара алдыршом", - иҳәеит иара.

Уи адагьы, ААР ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа ирхылаԥшуа апатруль аныҟәара еиҿыркааит. Аминистр иҳәеит иҟоу аинформациа ала, Гагра, Пицунда, Цандрыԥшь амассатә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: