АҞӘА, лаҵара 28 – Sputnik. Акоронавирус ауааԥсыра рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб иаӡбеит ареспубликаҿы аԥкыратә уснагӡатәқәа рыҿҳәара 2020 шықәса рашәара 15 рҟынӡа иацҵазарц.
Ирыдыркылаз аӡбамҭа инадҳәаланы 2020 шықәса рашәара 15 рҟынӡа ирыцҵахоит абарҭ акарантинтә уснагӡатәқәа:
- Аҟәа ақалақьи араионқәеи рҟны афатә, ақыҭанхамҩатә, ацәамаҭәатә џьармыкьақәа аус рулоит асанитар-епидемиологиатә маҵзура зықәшаҳаҭхаз араионқәеи ақалақьқәеи рхадарақәа рыӡбарала ишьақәдыргылаз аграфики аԥҟарақәеи инарықәыршәаны, аҭиҩцәа хымԥада ахыхьчагатә хархәагақәа (амедицинатә сабрадақәа, анапҭарԥақәа) рыманы. Асанитар-епидемиологиатә маҵзурақәа русзуҩцәа аамҭа-аамҭала еиҿыркаалоит аџьармыкьақәа рҵакырақәа рырзҩыдара.
- Амассатә, акультуратә, аспорттә, агәмырҿыӷьратә, ацәыргаратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара азин ҟалом.
- Ачарақәа, агәырӷьаратәи егьырҭ ауснагӡатәқәеи рымҩаԥгара ҟалом.
- Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иарбоу аамҭа аҩнуҵҟа ачаратә, аныҳәатә залқәа русура, аресторанқәеи егьырҭ акрыфарачаратәи обиектқәа русура аанкылоуп ауснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы.
- Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны иарбоу аамҭа аҩнуҵҟа атуристцәеи аекскурсантцәеи зҭаауа аобиектқәа русура азин ыҟам. Атуристцәеи аныҟәаҩцәеи зҭаауа аобиектқәа русура аанкылоуп.
- Асасааирҭақәа, агәабзиарачаԥарҭақәа, асасааирҭа ҩнқәа, иара убас даҽа ҭыԥқәак рыҟны аҭыԥ нкылареи, ауааԥсыра рыдкылареи рыҩнаҵареи ҟалом.
- Аԥсны Аҳәынҭқаррахь рҭалара ԥкхоит атәылауаа ркатегориақәа зегьы ирыҵаркуа атәылауаа аԥсуа-аурыс аҳәынҭқарратә ҳәаа аужьратә пунктқәа рыла ралалара абарҭ акатегориақәа аалхны: Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны аккредитациа змоу адипломатиатә усҳәарҭақәа русуҩцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ААМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аррамаҵзуҩцәа, Еиду урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаа; жәларбжьаратәи аидарақәа мҩанызго атранспортқәа рныҟәцаҩцәа, аидаратә дәыӷбақәа рныҟәцаҩцәа.
- Аԥсны Аҳәынҭқаррахь акоронавирустә инфекциа COVID-19 а аҭыԥ ахьамоу аҟынтәи иаауа зегьы 14 мшы аҽыԥхьакратә режим иахысроуп.
- Ҳазада ахәаахәҭра ахьымҩаԥысуа адәқьанқәа (диути-фри) русура аԥсуа-аурыс ҳәынҭқарратә ҳәааҟны русура аанкылахоит.
- Аспорттә залқәеи, СПА-салонқәа, асаунақәа, амассажтә салонқәа русура аанкылоуп.
- Астоматологиатә маҵзурақәа рынагӡара иазку аусура иаарласны, хырԥашьа змам аформақәа рыҟны астоматологиатә цхыраара ахьаҭаху ачымазарақәеи аҭагылазаашьаақәеи аламҵакәа иаанкылоуп.
- Иаанкылоуп акультура аусҳәарҭақәа (атеатрқәа, амузеиқәа, абиблиотекақәа, акультуратә центрқәа, акультура аханқәа, аконцерттә залқәа, аҭоурых-культуратә ҳәырԥсаррақәа) русура.
- Иаанкылахоит ахәыҷтәы школқәранӡатәи аусҳәарҭақәа русура.
- Сынтәа азеиԥшҵаратә усҳәарҭақәа рҿы аҵарашықәс аанкылахоит асанитар-епидемиологиатә ҭахрақәа инарықәыршәаны, 11-тәи аклассқәа рыҟны аԥышәара аҭирада.
- Иаанкылахоит азыҟаҵарақәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Аҟәатәи иаарту аинститути рҟны, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра абжьара-занааҭтә ҵараиуратә усҳәарҭақәа рҟны асанитар-епидемиологиатә ҭахрақәа инарықәыршәаны, аԥышәарақәеи адипломқәа рыхьчареи ишьақәыргылоу аграфик ала рымҩаԥгарада.
- Иаанкылазааит аҵараиуратә кружокқәа, аспорттә, акәашаратә, аҽазыҟаҵартә залқәа русура.
- Аҳәынҭқарратә напхгараҭаразы ихадоуи аҭыԥантәии аусбарҭақәа, аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи, анаплакқәеи, аиҿкаарақәеи рнапхгаҩцәа иааныркылааит иазгәаҭоу аусбарҭақәа, аусҳәарҭақәа, аиҿкаарақәа русзуҩцәа аҳәаанырцәтәи амаҵураныҟәарақәа рышҟа рдәықәҵара.
Убри аан Аԥсны аҵара аминистр иҳәарала азин ҟаҵан ашколқәа роушьҭымҭацәеи иҷыдоуи иреиҳаӡоуи аҵараусҳәарҭақәа рыстудентцәеи рашәара 2 инаркны аҵарахь рнеира аԥышәарақәа рҽырзыҟарҵарц азы. Рашәара 2 инаркны Аҵара аминистрра иазԥхьагәанаҭоит аушьҭырҭатә классқәа рзы ҩымчыбжь аҵараҵара. Абри аамҭазы ашколхәыҷқәеи астудентцәеи аушьҭымҭатә ԥышәарақәа рҽырзыҟарҵалоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Еицәыхараны, асабрадақәа рҿаны: ААУ аԥышәарақәа шымҩаԥысуа
-
Аԥсны асасааирҭақәа заанаҵтәи аҿаҵарақәа аадыртуеит рашәара 1 нахыс