Аԥсны аӡбаҩцәа рхашәалақәа рзы аҳасабырбақәа ҟарҵеит

Аԥсны аӡбаҩцәа рхеилак АИХқәа рҿы акьыԥхьразы инарышьҭит аӡбаҩцәеи урҭ рҭаацәарақәа рхаҭарнакцәеи рхашәалеи рмазареи рзы адыррақәа 2019 шықәса ԥхынҷкәын 31 рызтәи арыцхә ала.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Иреиҳаӡоу, Аконституциатә, Абжьаҟазаратә, Арратә ӡбарҭақәеи араионтәи ақалақьтәи ӡбарҭақәеи рыӡбаҩцәа 2019 шықәсазтәи адекларациақәа хадырҭәааит. Азакәан инақәыршәаны арҭ адыррақәа кьыԥхьуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит аҿы.

Адекларациақәа инарықәыршәаны: Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Нури Ҭаниа ихашәала миллионки 459 нызқь мааҭи ыҟоуп, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Манана Делԥҳа – миллионки 328 нызқь мааҭ, Абжьаҟазаратә ӡбарҭа ахантәаҩы Фатима Кәыҵниаԥҳа – миллионки 504 нызқь мааҭи, Арратә ӡбарҭа ахантәаҩы Свиатослав Саӷариа – миллионки 482 нызқь мааҭи, Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахантәаҩы Белла Хасаиаԥҳа – миллионки 59 нызқь мааҭи, Гагратәи араионтә ӡбарҭа ахантәаҩы Мери Мықәԥҳа – миллионки 197 нызқь мааҭи, Гәдоуҭатәи араионтә ӡбарҭа ахантәаҩы Борис Аргәын - 737 нызқь мааҭ, Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа ахантәаҩы Роман Ҟалӷьы – миллионки 210 нызқь мааҭи, Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭа ахантәаҩы Марина Ануаԥҳа - миллионки ԥшьнызқь мааҭи, Галтәи араионтә ӡбарҭа ахантәаҩы Денис Ашәба - 966 нызқь мааҭ, Тҟәарчалтәи араионтә ӡбарҭа ахантәаҩы Анатоли Ҳашба - миллионки 160 нызқь мааҭи, Очамчыратәи араионтә ӡбарҭа ахантәаҩы Валери Занҭариа - миллионки 262 нызқь мааҭи.

Аҳасабырбақәа ҟарҵеит егьырҭ аӡбаҩцәагьы.

Аӡбаҩ есымзатәи илагала шьақәгылоит:

  • Иааникыло аҭыԥ иаҿырԥшны амзатә уалафахәы ала;
  • Иквалификациааатә класс иаҿырԥшны есымзатәи ашәарацҵа ала;
  • Иусуратә стаж иаҿырԥшны есымзатәи ашәарацҵа, иара убасгьы еиуеиԥшым алкаарақәа рзы – "Аиуристтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор", "аиуристтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат", "адоцент", "апрофессор", Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аиурист".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: