Апарламент аҩбатәи аԥхьарала иаднакылеит ачынуаа рхашәалақәа ашәҟәы рҭагаларазы азакәан

© Sputnik / Томас ТхайцукПарламент РА
Парламент РА - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент аилатәараҿы ирыдыркылеит ачынуаа рхашәалақәа ашәҟәы рҭагаларазы азакәан.

АҞӘА, лаҵара 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Апарламент адепутатцәа аҩбатәи аԥхьарала ирыдыркылеит "Ачынуаа рхашәалақәа ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан.

Бадраҟ Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҩӡба: ачынуаа рмазара ашәҟәы аҭагаларазы азакәан адкылара дырццакит ауаажәларра

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аилатәара аҿы "Адепутатцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи рхашәалахәи рныхтәқәеи ашәҟәы аҭагалара (рдекларациа) азы" азакәан апроект аҩбатәи аԥхьарала ирыдыркылеит лаҵара 28 рзы.

Апарламенттә усутә гәыԥ анапхгаҩы Асҭамыр Логәуа иазгәеиҭеит азакәан апроект аганахь ала аилацәажәарақәа шымҩаԥысуаз.

"Сара сгәаанагарала азакәан иахәҭаз алагалақәа азун. Апарламент акәзаргьы асеиԥш иҟоу азакәан адкылара иазыхиан", - иҳәеит адепутат.

Иара убасгьы иҳәеит Апарламент аҿы ишыҟоу агәаанагара "Аҳәынҭқарратә маҵзуразы" азакәан адкылара аҭахуп ҳәа.

Адепутат Лаша Ашәба игәаанагара иҳәеит азакәан апроект аганахь ала.

"Азакәан апроект алацәажәарақәа изныкымкәа имҩаԥган. Ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп Асҭамыр Логәуа имҩаԥигаз аусуразы. Ҳәарада ари азакәан "Аҳәынҭқарратә маҵзуразы" азакәан рыдыркылаанӡа адкылара заацәоуп, аха аригьы шьаҿак ԥхьаҟа ҳазго усуп ҳәа ҳахәаԥшуеит", - иҳәеит иара.

Аԥсны Апарламент - Sputnik Аҧсны
Апарламент ачынуаа рмазара ахыҵхырҭақәа рырзаразы азакәан апроект аднакылеит

Адепутат Натали Смырԥҳа ажәалагала ҟалҵеит азакәан ԥшьы-ԥхьарак рыла ирыдкылазарц.

Ахада Апарламент аҿы ихаҭарнак Дмитри Шамба иазгәеиҭеит азакәан апроект аусура ианалаго аусхктә закәанԥҵара аԥсахрақәа аналагалахалак ашьҭахь ҳәа.

"Иара убасгьы аԥсахрақәа аҭахуп Ашьаустә закәанԥҵара, Аџьазы азакәанԥҵара", - иҳәеит иара.

Аилацәажәара ашьҭахь Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа абжьыҭирахь иқәиргылеит азакәан апроект. Адепутатцәа аҩбатәи аԥхьарала адокумент рыдыркылеит.

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент "Адепутатцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи рхашәалахәи рныхтәқәеи ашәҟәы аҭагалара (рдекларациа) азы" азакәан апроект актәи аԥхьарала ирыдыркылеит жәабран 25 рзы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0