"Асҟак аамҭа ҵит ҳәа сызҳәом, ҳала дыхгылоуп иахьеи-уахеи. Иҭеиҭыԥш шыҟаз акәын игәаҭагьы шыҟаз, уи Аԥсны анҭыҵгьы деицгәарҭахьан. Иара иҷкәынцәа реиԥш, иашьцәа аиҵбацәа реиԥш пату ҳаиқәиҵон. Аашықәса инеиԥынкыланы есыҽны иара ҳицын. Ари аамҭа иалагӡаны иҟан ацәгьагьы, абзиагьы, алаф зцыз ахҭысқәагьы. Убри аҟынӡа ҳаишьцылахьан, ауаҩы илакҭа ҳхыԥшылан ииҭаху ҳдыруа аҟынӡа ҳаилаҵәахьан. Ҳала дынхыԥшылалак, иаразнак иаҳдыруан ииҭахыз", - ҳәа азгәеиҭеит Шларба.
Рустам Шларба иҳәеит џьара цәгьарак ҟаларгьы, Сергеи Багаԥшь ишиқәгәыӷуаз, иаҭаххаргьы, абџьар кны дышрывагылозгьы.
"Ахьыԥшымра ҳауаанӡа лымҳаҭасла иҳаҳаит Аԥсны гәыԥк алалеит, ҭаацәаныла атәыла ахада дықәызхыр зҭаху ҳәа. Џьгьарда ҳаҟан уи аамҭазы. Иара даасыԥхьеит аҩны аҩнуҵҟа. Ауаџьаҟ аԥхьа дтәаны атапанча арыцқьара даҿын. "Шәгәышәҽаныз, ҳаит рҳәар, ахәыҷқәеи аҳәсеи лбаажәг, ҳара ара ҳаивагылоит. Шәара ахы шәаҿаргылан, шәкажьны џьаргьы сцаӡом", - ҳәа ҿааиҭит. Ҳара даара ҳиқәгәыӷуан иара, аха уи ажәала иансаҳа, убасҟак сгәырӷьеит, иара аҷкәынцәагьы ианраҳа, ргәы ааҭгәырӷьааит. Зыӡбахә ыҟаз аҭагылазаашьа ҟалазҭгьы, дҳавагылан, иирыцқьоз абџьар ахы шыҭирҟьоз ҳдыруан", - ҳәа игәалаиршәеит Шларба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Заҟа гха ҳрыхдырԥарыз иажәа ҟәышқәа: Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазкны
Цыгәба Сергеи Багаԥшь изкны: ажәлар дырзааигәан, уи ауп ргәаҿы дзаанхазгьы
Сергеи Багаԥшь Џьгьардатәи игәылацәа ааигәақәа дыргәаладыршәоит