Аԥсны апарламенттә алхрақәа рахь абыжьбатәи агәыԥ ркандидат дықәдыргылеит

Аԥсны Жәлар реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит рашәара 12 рзы аокругқәа ԥшьба рҿы: Кындыӷтәи, Гәдоуҭатәи, Бзыԥтәи, Оҭҳаратәи.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 30– Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҟны ашәҟәы иҭарҩит Кындыӷтәи алхратә ҭыԥ хада №31 аҟнытә Жәлар реизара адепутатрахь Аидар Кәыҵниа кандидатс иқәыргыларазы аинициативатә гәыԥ ҳәа адырра ҟанаҵоит АКХ асабша, лаҵара 30 рзы.

Аԥсны АКХ адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьбатәи агәыԥ ҭарҩит

Уаанӡа ашәҟәы иҭагалан иара абри аокруг ала акандидатцәа Гарри Кокаиеи Џьансыхә Адлеибеи рықәыргыларазы аинициативатә гәыԥқәа. Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ хада №18 аҟны ашәҟәы иҭагалоуп Ҭамаз Леибеи Ҭемыр Беиеи рықәыргыларазы аинициативтә гәыԥқәа.

Оҭҳаратәи алхратә ҭыԥ хада №14 ала Жәлар реизара адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы аинициативатә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи рҟынтә макьана азыҳәақәа ҟамлаӡацт.

Аԥсны Жәлар реизара адепутатс дҟалар илшоит алхратә зин змоу, 25 шықәса зхыҵхьоу атәылауаҩ. Адепутатхара илшом зус аӡбара иаҿу, аҩыжәра, ма арыҩшьыгақәа зыҽрыдызцало, зыԥсихика уашәшәыроу ауаҩы.

АКХ аҿы ашәҟәы уҭаргаларц азы аинициативтә гәыԥ ркандидат изы 200-250-ҩык алхыҩцәа рнапқәа еизыргароуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: