Ахәыҷқәа рыхьчара амш аламҭалаз: Гагра ҩыџьа-ҩыџьа аԥсуа сабицәа еициит

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Гагратәи ахшараиурҭаҿы еициит ҩыџьа-ҩыџьа аԥсуа хәыҷқәа. Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи амш азы урҭ аҳамҭақәа роуит.
Sputnik

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амш аламҭалазы Гагратәи ахшараиурҭаҿы еицит ҩыџьа-ҩыџьа аԥсуа хәыҷқәа. Викториа Дбарԥҳа-Ҟаитан лаҵарамза 26 рзы илоуит аԥеи аԥҳаи - Арноуи Аннеиеи. Алиса Ҷкотуаԥҳа-Багаҭелиа лаҵарамза 27 рзы илыхшеит ҩыџьа аԥҳацәа - Миреи Киреи.

"Ас еиԥш иҟоу ахҭыс лассы-лассы иуԥылом. Гагратәи ахшараиурҭаҿы мчыбжьык аҩнуҵҟа ҩыџьа-ҩыџьа ахәыҷқәа реициира, насгьы аԥсуа ҭаацәарақәа иахьыртәу мышьҭабзиароуп ҳәа иаҳԥхьаӡоит. Иахьа жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амш азы аиашьеи аиаҳәшьеи Ҟаитанаа аҩныҟа, Бзыԥҭаҟа ицоит. Иаарласны Оҭҳараҟа иаҳшьҭуеит ҳҭыԥҳацәа хазынақәа Багаҭелиаԥҳацәа. Анцәа сиҳәоит, ҳҭаацәарақәа зегьы рҿы ҩыџьа-ҩыџьа ахәыҷқәа ииуа, агәабзиареи апатуеиқәҵареи рыгымкәа иҟаларц. Хәыҷыжәларс иҟоу зегьы рынасыԥ ԥшӡахааит, рхаан еибашьра ҟамлааит", - иҳәеит Гагратәи Араионтә хәшәтәырҭа хада аҳақьым хада Виачеслав Аргәын.

Иахьа, традициала, ахәыҷтәы-гәыҳаларатә фонд "Ахәыҷқәа рдунеи" анапхгаҩы Лиудмила Ашәԥҳа-Ҳагба ари амш аҽны (Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи амш - аред.) ииуа ахәыҷқәеи егьырҭ асабицәеи дрыдныҳәаларц Гагратәи ахшараиурҭа данаҭаа, илзыԥшын ажәабжь ссир.

"Ахшараиурҭаҿы иахьатәила аӡәыр иима ҳәа сахьааиз, агәырӷьаҿҳәаша сзыԥшын. Ҩымш рыла, лаҵара 26, 27 рзы ҩыџьа-ҩыџьа аԥсуа хәыҷқәа еицизаап. Аиаша шәасҳәап, сгәы шьҭыҵит, саҟара сыцлеит. Иаразнак сцаны ҳфонди Гагра араион Ахадареи рыхьӡала аҳамҭақәа рзаазгеит. Убас итрадициатәу аҳамҭа иаҳҭоит иахьа ииуа асабигьы", - ҳәа наҵылшьит лара.

Ахәыҷқәа рыхьчара амш аламҭалаз: Гагра ҩыџьа-ҩыџьа аԥсуа сабицәа еициит

Ҟаитанааи Багаҭелиааи рхәыҷқәа здызкылоз ахәыҷышьҭыхҩы-аҳәса рҳақьым Асҭанда Џьапуаԥҳа илҳәеит асабицәа ранацәеи дареи ргәы шыбзиоу. Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рымшгьы рыдныҳәало, ирзеиӷьалшьеит илашоу, илахҿыху ахәыҷра, рҭаацәа ракәзар - ачҳареи рыхшара уадаҩрада рааӡаразы алшареи.

Асабицәа ранацәа Викториа Дбарԥҳа-Ҟаитани Алиса Ҷкотуаԥҳа-Багаҭелиеи аԥсуа ҭацацәа ишраԥу еиԥш, иԥхашьа-ԥхаҵо рыбжьы ҭырымгеит. Аха рыбла ихубаалон ирзылԥхаз анасыԥ ишеигәырӷьоз. Иазгәаҭатәуп анацәа шқәыԥшугьы, аҩны ишырзыԥшу даҽа аӡәаӡәа ахәыҷқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: