"Ашана" 40-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ирыдырныҳәалеит Рыхьчара амшныҳәа

© Sputnik / Томас ТхайцукДиана Токайокова
Диана Токайокова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Ашанеи" Еиду амилаҭқәа реиҿкаара (ЕАР ) ахәыҷтәы фонди (ЮНИСЕФ) Аԥсны ахәыҷқәа рзы еицымҩаԥыргеит Ахәыҷқәа рыхьчара амшныҳәа аҽны акциа.

АҞӘА, рашәара 1 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Агәыҳалалратә фонд "Ашана" 40-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа Рыхьчара амшныҳәа рыдырныҳәалеит рашәара 1 азы.

Есышықәса афонд еиҿнакаауан акциа "Иқьиоу акартош". Еизыргоз аԥарақәа ахәыҷ чымазцәа рыхәышәтәрахь идырхон, аха сынтәа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны амассатә акциақәа мап рыцәкын.

Хаҭала ахәыҷқәа рыдныҳәаларазы иаахәан ахәмаргақәа, асахьаҭыхраз аизакқәа, ашәыгақәа, ахәыҷтәы енциклопедиақәа, ашәҟәқәа, ахәыҷқәа рықәра иақәшәо аԥсышәалеи урысшәалеи иҭыжьу ахәыҷқәа рзин азы ЕАР Аконвенциа.

Аҳамҭақәа раахәараҿи аҭыԥ ахь рнагараҿи афонд "Ашана" иацхрааит ЕАР ахәыҷтәы фонд (ЮНИСЕФ).

"Ҳнапаҵаҟа иҟоу ахәыҷқәа рықәреи рҭагылазаашьеи азгәаҭаны аҳамҭақәа рзеидаҳкылеит. Уи адагьы арҭ аҭаацәарақәа агуманитартә цхыраара раҳҭеит иҟоу апандемиа иахырҟьаны рҭагылазаашьа ахьыуадаҩхаз азы", - лҳәеит афонд анапхгаҩы Мактина Џьынџьалԥҳа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАгәыҳалалратә фонд "Ашанеи" ЕАР иатәу ахәыҷтәы фонди (ИУНИСЕФ) Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амшныҳәа азы Аԥсны ахәыҷқәа аҳамҭақәа рзыҟарҵеит
Ашана 40-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ирыдырныҳәалеит Рыхьчара амшныҳәа - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалратә фонд "Ашанеи" ЕАР иатәу ахәыҷтәы фонди (ИУНИСЕФ) Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амшныҳәа азы Аԥсны ахәыҷқәа аҳамҭақәа рзыҟарҵеит

 

Аԥхьатәи аҳамҭа изнаргеит Сурен Магакиан. Аҷкәын ичымазара иахырҟьаны афонд ацхыраарала Краснодар ахәышәтәра дахысуан. Уажәы иара иҭагылазаашьа акыр еиӷьуп.

Сурен игәы хыҭхыҭуа афонд аусзуҩцәа дырзыԥшын. Аҳамҭа дшеигәырӷьазгьы, ажурналистцәа рыҿцәажәара мап ацәикит.

Аҽакала лхы мҩаԥылгеит быжьшықәса ирҭоу Диана Токаиокова. Уи акраамҭа иоулыжьуамызт "ашанаагьы" ажурналистцәагьы, ажәеинраалақәа дрызрыԥхьон. Лцәажәара маҷк иԥкызаргьы, лара уи дацәыԥхашьом.

© Sputnik / Томас ТхайцукАгәыҳалалратә фонд "Ашанеи" ЕАР иатәу ахәыҷтәы фонди (ИУНИСЕФ) Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амшныҳәа азы Аԥсны ахәыҷқәа аҳамҭақәа рзыҟарҵеит
Ашана 40-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ирыдырныҳәалеит Рыхьчара амшныҳәа - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалратә фонд "Ашанеи" ЕАР иатәу ахәыҷтәы фонди (ИУНИСЕФ) Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амшныҳәа азы Аԥсны ахәыҷқәа аҳамҭақәа рзыҟарҵеит

 

"Зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Аҳамҭақәа сгәаԥхеит", - лҳәеит Диана, аха ахәмаргақәа рцымхәрас аилаҳәараҿ афатә-ажәтә шҭаз анылба, маҷк лгәы лнархьит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАгәыҳалалратә фонд "Ашанеи" ЕАР иатәу ахәыҷтәы фонди (ИУНИСЕФ) Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амшныҳәа азы Аԥсны ахәыҷқәа аҳамҭақәа рзыҟарҵеит
Ашана 40-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ирыдырныҳәалеит Рыхьчара амшныҳәа - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалратә фонд "Ашанеи" ЕАР иатәу ахәыҷтәы фонди (ИУНИСЕФ) Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амшныҳәа азы Аԥсны ахәыҷқәа аҳамҭақәа рзыҟарҵеит

Аԥхынра актәи амш азы иазгәарҭо Ахәыҷқәа рыхьчара амш жәларбжьаратәи аныҳәақәа рахьтә еиҳа зхыҵуа иреиуоуп. Уи адунеи аҟны иазгәарҭо иалагеит 1950 шықәса инаркны. Иара амҩаԥгара аҭахуп ҳәа аӡбеит Аҳәса жәларбжьаратәи рдемократиатә федерациа иҷыдоу асессиаҟны 1949 шықәса абҵарамзазы. Еиду амилаҭқәа реиҿкаара ари аԥшьгамҭа иадгылеит, иагьрыланаҳәеит иара аусураҟны ахәыҷқәа рзинқәеи, рыԥсҭазаареи, ргәабзиареи рыхьчара ихадоу хырхарҭаны ишыҟало.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0