Арадио

Гәынԥҳа Гагратәи актәи аԥсуа школ азы: агәыӷра ҳамоуп цәыббрамзазы иаартхап ҳәа

Гагратәи актәи абжьаратә аԥсуа школ адиректор Хана Гәынԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ҿыц еиҭашьақәыргылоу ахыбра иагу-иабзоу, уи аҵаҩцәа аднакылартә иҟалоит ҳәа ианазгәаҭоу атәы.
Sputnik
Гәынԥҳа Гагратәи актәи аԥсуа школ азы: агәыӷра ҳамоуп цәыббрамзазы иаартхап ҳәа

"Гагра ақалақь аҟны аԥсуа школ шьаҭанкыла аргылара иалагеит, иахьазы 90 процент инеиҳаны апроект иарбаз аусурақәа нагӡоуп. Ашкол аргылара ианалага инаркны иахьанӡа хылаԥшра аман еснагь араион анапхгара, аҵараҟәша ахадара рҟынтәи. Ашкол аусура аларгаразы зда ԥсыхәа амам ҳәа иаҳԥхьаӡоз азҵаарақәа анапхгара рҟынӡа инаҳгеит. Уи ашьҭахь аекономика аминистр ашкол даҭааит, лыблала илбеит иагыз-иабзаз. Урҭ азҵаарақәа ракәын иқәгылаз араион анапхгара раԥшьгарала имҩаԥгаз аизараҟны. Зыда ԥсыхәа амам ҳәа ҳазҿу, азҵаара ҳазцәырзго акәны иҟоуп аенергетика, ашкол иаҭахуп атрансформатор, аизараҿы ӡбашьас иаҭатәу хырхарҭақәак аарԥшын. Иаҳҭаху ашколтә маҭәахәқәа рызҵаара шьҭаҳхит, ақалақь анхамҩа-бзазаратә ҟәша аҿаԥхьа азҵаарақәа ықәгылан аӡымҩангагақәа реиԥшьра иазкны", - лҳәеит Гәынԥҳа.

Гәынԥҳа: Сыԥсҭазаара рҵаҩыс дамоуп сан

Лара иазгәалҭеит ашкол аргыларазы ахарџьнҵа апроект ашьақәыргылараан, уи аусуразы зда ԥсыхәа амам иагжьыз ыҟан ҳәа.

"Уигьы ахҟьеит иахьа аргыларатә ус знапы иану дзықәшәо ауадаҩрақәа, аха егьа ус акәзаргьы, иаҳбоит уи ада ашкол аусура шалыршамхо. Аизараҟны агәрагара ҳауит араион анапхгара гәыкала иазҿлымҳаны ари азҵаара ишазнеиуа. Ишьақәыргылан инхарҭәаау ахарџьнҵа, аԥара ԥшааны иагу-иабзоу ҟаҵаны, цәыббрамзазы ашкол аусура иалагартә еиԥш", - лҳәеит Гәынԥҳа.

Лара убасгьы иазгәалҭеит шаҟа аҵакы ӷәӷәаз Гагра ақалақь аҟны аԥсуа школ аргылара аҭоурых.

Гагратәи ашкол №1 дыргылеит урыстәылатәи афинанстә цхыраара аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аусурақәа ирзоурыжьуан аханатә иҟаз адыррақәа рыла 357 миллион мааҭ. Ахыбра ҿыц пшь-корпуск рыла ишьақәгылоуп, урҭ ргылоуп уаанӡа ашкол ахьыҟаз аҭыԥан, ашкол ҿыц 700–ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа акуеит. Аргылара иалагеит 2017 шықәса рзы.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: