Гәынԥҳа: Сыԥсҭазаара рҵаҩыс дамоуп сан

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаХана Гәынԥҳа
Хана Гәынԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион ашколқәа напхгара рызҭо адиректорцәа даарылукааратәы дыҟоуп, зегь реиҳа иқәыԥшу, аха аҭакԥхықәра ду зцу амаҵура ныҟәызго, гагратәи актәи абжьаратә школ адиректор Хана Владимир-иԥҳа Гәынԥҳа, лара ари азанааҭ дшазнеиз атәы лзеиҭалҳәеит Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа.

Ашкол – ауаҩы иԥсҭазаараҿы аҵак ду амоуп. Иара раԥхьаӡа аҵарадыррахь ишьаҿа ахьеихиго абрахь ауп. Аҵарадыррамҩа анысра зегьы ируалуп. Наунагӡа, доусы игәаҵаҿы иԥхоу цәанырраны иаанхоит ашколтә шықәсқәа. Аҵаратә аамҭа ҳхаҿы ианааҳго, ҳгәалашәараҿы ицәырҵуеит ҳарҵаҩцәеи ҳашкол напхгара азҭоз адиректори рхаҿсахьақәа. Дара иҳадырбало ааԥсара ахә ашьара уадаҩуп. Арҵаҩы иԥшьоу иус иалҵшәоуп абиԥара ҟәыш аиҵагылара, аҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи.

Гагра араион аҟны иахьа аус руоит 18 школ. Урҭ напхгара рызҭо адиректорцәа даарылукааратәы дыҟоуп, зегь реиҳа иқәыԥшу, аха аҭакԥхықәра ду зцу амаҵура ныҟәызго, гагратәи актәи абжьаратә адиректор Хана Владимир-иԥҳа Гәынԥҳа.

Зан лҟынтә аҿырԥштәы бзиеи ааӡара ҳараки змоу Хана Гәынԥҳа Гәдоуҭатәи ахәбатәи абжьаратә школ даналга дҭалеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет, аҭоурыхтә факультет.

"Аҭоурых маҭәарк аҳасабала ҳахысуа ҳаналага, даара аинтерес сызцәырнагеит. Зегь раасҭа хшыҩзышьҭра асҭо салагеит, ҭаацәала иаҳнырхьаз, арепрессиатә шықәсқәа", — ҳәа илгәалалыршәоит Хана Гәынԥҳа.

Адиректор қәыԥш лаб игәараҭа Аҷандара, ҳмилаҭтә ҭоурых аҟны аҭыԥ ҷыда аннакылоит. 1939-1940-тәи арепрессиатә шықәсқәа раан, Хана Владимир-иԥҳа лабду Антони ҩыџьа иашьцәа Џьаҭмеи Қшьышьи раб Османи харада ахара рыдҵаны ирӡын.

"Саб игәараҭа, аҭоурых иаргәаҟхьоу ҭаацәароуп. Гәыла исныруаз сабиԥара рхьаа, аҭоурых ахь аинтерес сдыркит. Саныхәыҷыз инаркны, иҭысҵаауан сыжәлар знысхьаз амыҟәмабарақәа.

Сара сабду аҭоурых аӡыблара далаӡеит, аха ҳазшаз исаҭәеишьеит "Даду" ҳәа аиаҳәара сабду иашьеиҵбы Ҭагәаџь. Иара иахь исымаз агәыбылра наунагӡа исыцзаауеит", — лҳәоит Хана Владимир-иԥҳа.

Хана Гәынба лаб ишьҭра ахԥша бзиа рыман. Арепрессиатә шықәсқәа раан Сталини Бериеи имҩаԥыргоз аполитика азкын аԥсуа интеллигенциеи агәаӷь зызҭаз апатриотцәеи рнырҵәара.

"Даду Ҭагәаџь иԥсы анҭаз, бзиа избон иҿцәажәара. Иара ицәыуадаҩын иаби иашьцәеи арылацәажәара. Еснагь "Еҳ " — ҳәа дқәыԥсычҳауан ианигәалашәоз. Аҭоурых иалаӡыз сабдуи уи иашьцәеи рыӡбахә уаҳа аӡәгьы имаҳаит. Урҭ раб Осман иакәзар, Баҭым ицҭакыз Ҭраԥшьк иҟнытә иҳаҳахьеит, убраҟа убжьы ҭыганы уцәажәар шыҟамлозгьы, иуапа шкәакәа еиҵыхны дықәтәаны "Ажәеиԥшьаа" рашәа наигӡон ҳәа" — лабду изкны илаҳахьоу еиҭалҳәоит Хана Гәынԥҳа.

Ауниверситет аҟынгьы, Хана Владимир-иԥҳа лабдуи иашьцәеи раби рыӡбахә изныкымкәа иалацәажәахьан аҭоурыхҭҵааҩцәа. Уи даара игәадуран лара лзы.

Арҵаҩы изанааҭ ахь абзиабара

Хана лан Емма Аиба 42 шықәса ҵуеит аиҵбыратәи аклассқәа рырҵаҩыс аус луоижьҭеи. Убри аҟнытә лара лыԥҳа ибзианы илдыруеит уи иацу аҭакԥхықәреи аџьабааи алҵшәеи.

"Аԥшьбатәи акурс аҿы ҳаннеи, апрктика ҳахысуа ҳалагеит Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школ аҟны. Аиашазы сара сырҵаҩхоит ҳәа сгәы иҭамызт. Раԥхьатәи аурок анымҩаԥызгоз, хшыҩзышьҭра амҭакәа, аплан сымамкәа сыҩналеит акласс. Аурок хылаԥшра алҭон, ари ашкол адиректор Евелина Леван-иԥҳа Ҭыжәба. Иахьылбоз иԥхасшьеит, аха қьаадк цәырымгакәа сус салагеит. Сааҭк ашьҭахь ҳаҩналеит арҵаҩцәа руада, имҩаԥызгаз аурок аилыргаразы. "Хана бара бырҵаҩуп" — лҳәеит ашкол адиректор сзымгәыӷуаз. Арҭ ажәақәа иахьа уажәраанӡагьы исгәалашәоит. Схаҿы иааиуеит усҟантәи сыгхақәа, аха адоуҳатә мчы змаз аҟәыш ажәақәа схьадырҳәит арҵаҩрахьы", — раԥхьатәи лырҵаҩратә шьаҿақәа лгәалалыршәоит Хана Гәынԥҳа.

Ауниверситет даналга, хышықәса ари ашкол аҟны Хана Владимир-иԥҳа аус луит аҭоурых арҵаҩыс. Анаҩс аҭаацәара далалеит, нхара дааит Гаграҟа.

2010 шықәсазы Хана Гәынба аусура далагоит Гагратәи актәи абжьаратә школ аҟны. 2015 шықәсазы арҵаҩ қәыԥш ашколгьы напхгаҩыс дахагылоит.

"Сара сыхәҭакахьала иҭабуп ҳәа расҳәоит, сыгәра ганы Гагратәи актәи аԥсуа школ анапхгара аҭара сыдызҵаз", — ҳәа азгәалҭеит адиректор.

Гагратәи ақәыԥштә акәашаратә коллектив Нарҭи уи анапхгаҩи Асҭамыр Малиеи. - Sputnik Аҧсны
Асҭамыр Малиа: Сыԥсҭазаара аҟазара иазкуп

Иахьазы, Гагратәи актәи аԥсуа школ ахыбра аҭагылазаашьа акырӡа иуашәшәыруп. Аԥсны асоциалтә-економикатә ҿиара аҳәынҭқарратә план инақәыршәаны, хара имгакәа, араҟа нап аркхоит ахыбра шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара.

Иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы, аҵаратә процесс амҩаԥгара хымԥада иуадаҩуп, аха ус егьы иҟазаргьы, Гагратәи аԥсуа школ заҵә аиқәырхаразы, ахәыҷқәа раҳаҭыр азы ашкол анапхгареи арҵаҩцәеи рымч еибыҭаны, егьырҭ азеиԥш ҵараиурҭақәа ирыҵамхо рус цқьаны имҩаԥыргоит.

"Гагратәи аԥсуа школ иамоу аҭоурых, даҽа школк алаҽхәартә еиԥш иҟоуп ҳәа сыҟам. Аԥсуаа ԥсеивгаха анрырымҭоз, амилаҭ хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" иалаз, апатриот ду Ҳараз Чамагәуа раԥхьа днаргыланы, ирылдыршеит Гагра ақалақь аҟны аԥсуа школ аргылара, ахәыҷқәа радыԥхьалара, аколлектив аидкылара. Сара даараӡа сгәы азыҳәоит, абри ашкол наунагӡа игараны ҳақалақь иаланхо аԥсуаа рзы иҟаларц", — лҳәеит адиректор.

Арҵаҩразы – амаҭәар ибзианы адырра мацара азхом. Уи ауаҩы ԥсабарала илазароуп.

"Арҵаҩы – аҵаҩы иҿаԥхьа дҿырԥшыгазароуп зегь рыла. Хымԥада амаҭәар професионалла азнагара аҵак ду амоуп, аха уи инаваргыланы аҵаҩы дацклаԥшуеит арҵаҩы ицәажәашьа, иныҟәашьа, ихымҩаԥгашьа, иеилаҳәашьа. Абарҭқәа зегьы ишьақәдыргылоит арҵаҩы лхаҿсахьа. Уи иахьа ҩыџьа лҿыԥшыргьы, раԥхьаҟа арҵаҩы изанааҭ ахь ихьаԥшыргьы ауоит", — ҳәа лгәы иаанагоит ашкол адиректор.

Хана Владимир-иԥҳа арҵаҩра шықәсы рацәала лнапы алакымзаргьы, уахьлыхәаԥшуа аԥышәа ду змоу, аус иазҟазоу лакәны дубоит.

Арҵаҩы иус ззынархоу ахәыҷқәа роуп. Убри аҟнытә, аҵаҩы егьа ииашамкәа ихы мҩаԥигаргьы аилабжьара иҽақәиршәароуп.

"Ахәыҷқәа зегьы ҟазшьала еиԥшым. Доусы иахь иԥшаатәуп азнеишьа. Аԥышәа ду змоу сан, еснагь исабжьалгон, ауаҩы аамысҭашәара ааирԥшлароуп ҳәа. Ахәыҷы убжьы ҭыганы, мамзар унапы ықәқшаны дуршәо уалагар, уи аамҭалоуп алҵшәа анаиуа. Дуааӡар уҭахызар, убжьы ныҵакны, абри илҳәозеишь ҳәа уганахь дхьаурԥшроуп, уилабжьароуп, иҟаиҵаз дахьурхәыроуп аҿырԥштәқәа ааганы, дарԥхашьаратәы", — инаҵшьны иазгәалҭеит Хана Владимир-иԥҳа.

Ашкол аҟны арҵаҩы имҩаԥиго амаҭәарқәа, хымԥада ахәыҷқәа зҿлымҳара арҭароуп, аха аԥсадгьыл аҭоурых аҵареи адырреи зегьы ируалуп ҳәа азылԥхьаӡоит аҭоурыхҭҵааҩ Хана Гәынба.

Ҳаушьҭымҭацәа аӡәырҩы, иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭалоит аҳәаанхыҵ. Дара ҳҭоурых аныҟәгаҩцәа зларакәу ала, инҭкааны ирдыруазароуп ртәыла аҭоурых. Хана Владимир-иԥҳа лнапхгарала, Гагратәи актәи абжьаратә школ аҵаҩцәа изныкымкәа рхы рыладырхәхьеит, алҵшәа бзиақәа ахьаадырԥшуаз, аԥхьахәқәа ахьранаршьоз аҭоурых азы ареспубликатә конкурсқәа.

Дарбанызаалак ашкол анапхгаҩы, иус иқәҿиуам иколлектив ивагыламзар. Хана Владимир-иԥҳа иҭабуп ҳәа ралҳәоит, еиҵагыло абиԥара ҿыц рааӡараҿы ацхыраара лызҭо зегьы.

"Иахьа ҳрылаҽхәартә ҳаҟоуп, аԥышәа бзиа змоу, арҵаҩцәа-хатәрақәа. Ҳара иаҳныруа урҭ рҟәышреи рыԥсҭазааратә ԥышәеи даараӡа ицхыраагӡатәуп ҳнапы злакыу аус аҿы. Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахыуп, шықәсырацәала ҳаԥсуа школ ахьӡ ҭызго арҵаҩцәа Анна Давид-иԥҳа Аргәын, Вера Александр-иԥҳа Моланко, Маргарита Леонид-иԥҳа Ҭарба, Татиана Гьаргь-иԥҳа Мықәба. Гәык-ԥсыкала ирзеиӷьасшьоит агәабзиара цқьа, аманшәалара, шықәсы рацәала иҳагымзааит", — ҳәа азеиӷьашьарақәа ҟалҵеит ашкол адиректор.

Хана Владимир-иԥҳа Гәынба Аԥснытәи Анаукақәа Ракадемиаҟны далгеит аспирантура. Лаԥхьаҟа илгәиҭоуп акандидаттә усумҭа ахьчара. Иахьазы арҵаҩреи ашкол анапхгара аҭареи рнаҩс Хана Гәынба лнапы алакыуп аԥҭазаараҿы зегь раасҭа ихадароу анра аныҟәгара. Иԥшьоу аҩ-уск аилагӡара мариам, аха Хана длывагылоуп лыԥҳа хәыҷы лааӡара лымаздо ланхәа.

Мышқәак раԥхьа, адунеи атәылақәа жәпакы рҟны иазгәарҭоит жәларбжьаратәи аҳәса рымш Март ааба. Абри арыцхә рыдныҳәало, Хана Владимир-иԥҳа раԥхьа днаргыланы Гагратәи актәи аԥсуа школ аҳәса арҵаҩцәа ирзеиӷьасшьоит ақәҿиара дуқәа, аҭаацәаратә маншәалара, анасыԥ лаша, еснагь ирымаз агәалаҟазаара бзиа.


Ажәабжьқәа зегьы
0