Аԥсны ААР раԥхьатәи ахада иҩны иақәкны ахысра иалахәыз рыԥшаара иашьҭоуп

Ахҭыс ахьыҟаз аҭыԥ аҟны иԥшаан агильзақәа. Заанаҵтәи аусҭҵаара мҩаԥнагоит Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Аԥсны Аҩныҵҟатәи Аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иҩны иақәкны ахысраан иалахәыз рыԥшаара иашьҭоуп ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, лаҵара 29 асааҭ 20:00 рзы Алада Ешыра Папба имҩахь иааит идырым ахаҿқәа ргәыԥ. Урҭ руаӡәк раԥхьатәи ахада иҩны иақәкны ахысра далагеит.

Уаанӡа, Аԥсны ААР аминистр Дмитри Дбар аҳәамҭа ҟаиҵахьан раԥхьатәи ахада иҩны деихсит ҳәа агәҩара ззыҟоу дшаанкылоу азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аԥсны раԥхьатәи ахада Ешыра иҩны иақәкны ихысуаз ҳәа агәҩара ззыҟоу даанкылоуп