Аԥсны раԥхьатәи ахада Ешыра иҩны иақәкны ихысуаз ҳәа агәҩара ззыҟоу даанкылоуп

Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар аҳәамҭа ҟиҵеит атәылаҿы аҭагылазаашьа ҭышәныртәаланы ишыҟоу, ацәгьоура иалахәыз зегьы ирыхәҭоу ахьырхәра ишақәыршәахо.

АҞӘА, лаҵара 31 - Sputnik. Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Ешыра дахьынхоз иҩны иақәкны ихысуаз ҳәа агәҩара ззыҟоу дааныркылеит ҳәа адырра ҟаиҵеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар. Аминистр ивидеоааԥхьара кьыԥхьуп ААР Youtube аҿтәи адаҟьа аҟны.

"Лаҵара 29 ауха Лада Ешыра аҭыԥ змаз ахысра аганхьала даанкылоуп Аԥсны раԥхьатәи ахада иҩны имариашаны ихысуаз ҳәа агәҩара ззыҟоу ауаҩы. Аха абри ахҭыс шаҳаҭс иамаз ауаа азинхьчаратә усбарҭақәа иргәныҩуам, иара убри алагьы аусҭҵаара иацхраауам", – иҳәеит ААР аминистр.

Аминистр убасгьы атәыла ауааԥсыра зегь рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҭагылазаашьа еиларымхәарц, азинхьчаратә усбарҭақәа закәанлатәи русура ԥынгыла арымҭарц, избан акәзар уи ҿааҳәыра змам ахҟьа-ԥҟьақәа цәырнагар ауеит. Азҵаарақәа зегьы азакәан инақәыршәаны иӡбахалароуп иҳәеит иара.

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа зегьы ршьапы иқәгылоуп, ауаажәларратә ҭынчра ахьчара иазкуп ҳәа азгәеиҭеит Дмитри Дбар. 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0