Аԥсны имҩаԥысуеит Пушкин иажәеинраалақәа рыԥхьаразы аиндаҭлара

Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи 30-ҩык инарзынаԥшуа ажәеинраалақәа ирыԥхьаны авидеороликқәа аарышьҭит аиндаҭлара "Пушкин бызшәахкыла ҳиԥхьоит" иалахәхарац.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 4 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра имҩаԥнагоит аиндаҭлара "Пушкин бызшәахкыла ҳиԥхьоит". Апоет иирамш аҳаҭыраз Аԥсны имҩаԥысуеит иажәеинраалақәа рыԥхьаразы аиндаҭлара ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны иҟоу Аурыс культуратә центр афонд анапхгара ахантәаҩы Наталиа Каиун.

Мушьни Лашәриа: Пушкин ду иажәа аҿҵаара, аихаҳара амҩа ҳануп

Есышықәса Пушкин имшира аҽны Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҿ иазгәарҭон ари амш, аха сынтәатәи аԥкырақәа ирхырҟьаны ауснагӡатә еиҭакхеит.

"Аҟәеи Аԥсны егьырҭ араионқәеи ақалақьқәеи руааԥсыра сынтәа жәынтәны еиԥылараны иҟан Аботаникатә баҳчаҿ, аха атәыла ахада иусдҵа нагӡо ари ауснагӡатә амҩаԥгашьа еиҭаҳкит. Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа, Аԥсны иҟоу Аурыс культуратә центри еицырыӡбеит онлаин-еиндаҭлара мҩаԥгазарц. Ҳара уи рылаҳҳәеит Россотрудничество асаит аҿи асоциалтә ҳақәа рҿи", - ҳәа еиҭалҳәеит лара.

Аиндаҭлара қәрала ԥкыра ҟанаҵом, изҭаху зегьы алахәхоит, аха Каиун ишылҳәо ала, макьаназы аҿар роуп еиҳарак зхы алазырхәхьоу.

Россотрудничество Ахаҭарнакра аролик Facebook аҿтәи адаҟьаҿы иӡырнагоит, алаикқәеи ахҳәаақәеи рхыԥхьаӡарала ииааиз далыркаауеит.

"Ҳәарада, иҟалашт еиӷьу ма еицәоу, аха ҳара алахәылацәа зегьы аҳамҭақәа раҳҭоит. Уанырзыӡырыҩуа угәы иазҳап", - ҳәа лҳәеит Каиун.

Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи 30-ҩык инарзынаԥшуа ажәеинраалақәа ирыԥхьоз авидеороликқәа аарышьҭит аиндаҭлара "Пушкин бызшәахкыла ҳиԥхьоит" алахәхаразы. Аиҿкааҩцәа иџьаршьоит алахәылацәа ажәеинраалақәа шалырхуа.

"Ирацәоуп ашколтә программаҿы иҟам. Уи шьахәуп. Ус анакәха, дасу ихатә Пушкин дишьҭоуп", - лҳәоит лара.

Алахәхаразы азыҳәақәа рыдыркылоит рашәара 8 рҟынӡа.