Мушьни Лашәриа: Пушкин ду иажәа аҿҵаара, аихаҳара амҩа ҳануп

© Sputnik / Игнатович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАсахьаҭыхҩы Пиотр Кончаловски исахьа "А. С. Пушкин" арепродукциа (1932 ш.).
Асахьаҭыхҩы Пиотр Кончаловски исахьа А. С. Пушкин арепродукциа (1932 ш.). - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рпоет, академик Мушьни Лашәриа аурыс поет ду Александр Пушкин 220-тәи иирамш инамаданы дазааҭгылоит уи иԥсҭазаареи ирҿиаратə мҩеи, ҷыдала "Евгени Онегин" аиҭагара шаԥшьигаз, насгьы аԥхьаҟа Пушкин иаԥҵамҭақəа реиҭагара ишациҵо.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Инагаз ауаҩы

- Иҵит 220 шықəса аурыс поет ду, иреиҳаӡоу аурыс милаҭтə гени Александр Сергеи-иԥа Пушкин диижьҭеи. Уи диит Москва, иԥсҭазаара аҵыхəтəантəи ашықəсқəа ихигеит Петербург, убраҟа идунеи иԥсахит - адуель аҟны дҭахеит залымдарала. Пушкин аурыс поезиаҿы инаигӡаз ароль, иааникыло аҭыԥ убас иҟалеит, ԥсахшьа ақəымкəа. Уаанӡагьы, Пушкин дцəырҵаанӡагьы, аурыс поетцəа дуӡӡақəа ыҟан аӡəымкəа ҩыџьамкəа, Жуковски, Державин реиԥш иҟаз апоетцəа лыԥшаахқəа налаҵаны, аха Пушкин иажəа, ицəаҳəеиҿартəышьа убас имариан, убас еиҿкаан, иԥшӡан, убас ргəынкылара маншəалан, шықəсқəак рыҩнуҵҟа иара данцəырҵ инаркны Урыстəыла зегьы аҩнуҵҟа ахы-аҵыҳəа, ихьӡ еицырдыруа иҟалеит.

"Евгени Онегин"

- Хашҭра рықəым илирикатə шедеврқəа, ипрозатə ԥҵамҭақəа, идраматургиа, аха иара ирҿиамҭақəа рҿы ихадароу аҭыԥ ааннакылоит иажəеинраалоу ароман "Евгени Онегин". Уи иара еиҳа бзиа иибоз, игəы-иԥсы злаз, еиҳа дзыхӡыӡаауаз, еиҳа инарҭбааны ихаҭара зныԥшыз аԥҵамҭан. Иҩуан 7-8 шықəса.

"Евгени Онегин" Пушкин иҩымҭақəа реиҳа инарҭбааны еиҭагоу иреиуоуп ажəытəтəи асовет тəылақəа рбызшəақəа рахь, европатəи абызшəақəа рахь, Кавказ зҳəаз еиԥш. Дырмит Гəлиа ибзоураны, Баграт Шьынқəба дналаҵаны, иакымкəа илирикатə ҩымҭақəа еиҭаган, саргьы еиҭазгахьан акымкəа-ҩбамкəа санқəыԥшыз аамҭазы. Аха, ус-ус ҳшааиуаз, изгəыӷьит хадара злоу "Евгени Онегин" аиҭагара.

Аԥсышəала ицəажəаз аурыс поезиа

- Сара уи ахы инаркны аҵыхəанӡа еиҭазгап ҳəа ҳасабс исымаӡамызт раԥхьа. Иалҵуа збап, ацəаҳəақəа шааиуа збап ҳəа ауп сшалагаз. Сахəаԥшын, аԥсуа жəеинраалеи аурыс жəеинраалеи излеимадоу, излеиқəҿырҭуа даараӡа акрыҟоуп. Зегь раԥхьаӡагьы, ақəыӷəӷəара иабзоураны. Аԥсуа жəеинраалаҟынгьы, аурыс жəеинраалаҟынгьы ақəыӷəӷəарақəа, ашьҭыбжь еицааирақəа даараӡа еиқəҿырҭуеит. Абарҭ акəамаҵамақəа ишауаз, ишамуаз рышьҭа схын, нас сама ицеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Евгени Онегин" аԥсышәала Мушьни Лашәриа иеиҭага аӡыргараан.
Мушьни Лашәриа: Пушкин ду иажәа аҿҵаара, аихаҳара амҩа ҳануп - Sputnik Аҧсны
"Евгени Онегин" аԥсышәала Мушьни Лашәриа иеиҭага аӡыргараан.

Сгəы-сыԥсаҿы иаанхеит

- "Евгени Онегин" еиҭазгон хԥаҟа-ԥшьбаҟа шықəса. Аха иахьа уажəраанӡагьы акəаԥ сыргылеит ҳəа сыԥхьаӡаӡом сара. Ана цəаҳəак сахəаԥшуеит, ара ажəак сыԥсахуеит, сыҟанаҵы убас ауп, иара сгəы-сыԥсаҿы ишыҟоу, ишаанхаз. "Онегин" аҟны аурыс ԥсҭазаара инарҭбааны, насгьы ақыҭа ԥсҭазаара акəымкəа, Петербург, ҭауади-аамсҭеи, ауаа хгылақəа, усҟантəи аамҭазы инагаз ауаа рдунеи, рбызшəа, рқьабз, рҵас алоуп ишеибыҭоу. Абри аганахьала уаҟа иаарԥшу адунеи Кавказтəи аԥсҭазаара аиҿкаашьа еиԥшым, аԥсуа ԥсҭазаара аиҿкаашьа еиԥшым, зынӡа ихазуп. Саргьы исылшоз ала убарҭқəа ҳасаб рзызуан.

Пушкин идунеихəаԥшра

- "Ижəба аҩызцəа иахьынӡашəылшо, аԥсҭазаара шəызхара

Еилыскаахьеит азы ишбашоу, уи садҳəылацəом сара.

Акгьы иалшом уажəшьҭа схыхра, аха ихароу агəыӷра

Зны-зынла самоуп сыргəаҭеиуа, гəнаҳарами сышьҭамҭа аиуа

Сыҟамкəа адунеи сакхар, са сыҩуам аӡəы сирҽхəарц азы.

Аха исцəымӷӡам, аиашаз, сыхьӡ еицырдыруа иҟалар,

Ҩымҭак акəзаргьы исҭынхаз, сыӡбахə ранаҳəааит ҭахҵас.

Уи ахьысып аӡəы игəеисра, насгьы, издыруада, разҟшəа

Иамфар аамҭа еилаҩынтра са еиқəсыршəо ацəаҳəа.

Издыруада, гəыӷра бзиоуп, мышкызны џьара гаӡа қьиак

Иҳəар днахəаҧшны спатреҭ: "О, уи иакəҵəҟьан апоет!"

Иудкыл гəыкала сыџьшара, уара амузақəа згəаԥхо,

Згəалашəараҟны иаанхо, сҩымҭа ахыҭҟьақəа рылшара

Аҭаҳмада ахьӡ-ԥша иху, напыла ашьышьра зҭаху!"

© Foto / public domaineИ. Аивазовски исахьа "Прощание Пушкина с морем". 1877 ш.
Мушьни Лашәриа: Пушкин ду иажәа аҿҵаара, аихаҳара амҩа ҳануп - Sputnik Аҧсны
И. Аивазовски исахьа "Прощание Пушкина с морем". 1877 ш.

Ҳашҭра зқəым амш

- Дмитри Анатоли-иԥа Медведев Урыстəыла ахадас даныҟаз, 2009 шықəса рзы акəын, сара адырра сырҭеит Аԥсны иҟоу аурыс цҳаражəҳəарҭа анапхгара, урҭ ирыбзоураны "День народного единства" ҳəа абҵарамза 4 рзы есышықəса имҩаԥырго аныҳəахь Урыстəылаҟа ацара сылшеит. Убрахь инарыԥхьоит еиуеиԥшым атəылақəа рҟынтəи аурыс культура иазааԥсахьоу ауаа, ахаҭарнакцəа. Убасҟан, 2009 шықəса рзы 12 тəыла рҟынтəи ааԥхьара рыман аурыс бызшəа, аурыс культура, аурыс поезиа ӡырызго, иазҿлымҳау ауаа. Убарҭ рхыԥхьаӡараҿы саргьы ааԥхьара соуит.

Лашәриа: "Евгени Онегин" аҵаки аинтонациеи аԥсшәахь аиҭагара сылшеит>>

Уи сара сзы хашҭра зқəым мшын. 20 минуҭ ақəгылара, уахь анеира, ацəырҵра, аԥсуаҵас аҽеибыҭара... Иахьеиԥш исгəалашəоит, азал ду аҿы, Гьаргь изал ҳəа изышьҭоу, шəҩыла аинтеллигенциа тəан. Медведев харантə иҿааихоит, иҳаԥхьо иалагоит, саргьы сгəы хыҭхыҭуа стəан, заа иҳарҳəахьан, "инарҭбаау ақəгыларақəа шəҽырзышəымкын, шəара 12-ҩык шəыҟоуп, жəаба жəаба минуҭ жəгаргьы, сааҭқ ҩсааҭк Урыстəыла Ахада убра дгыланы дышəзыԥшызароуп", ҳəа. Зажəақəа ԥыҭк еиҵызхызгьы ҟалеит. Азныказы сгəы иҭаӡамызт аҳамҭа исиҭоз анаҩс, ажəа саҳəоит ҳəа. Аха, ашьҭахь сахəаԥшын арабцəа егьи уҳəа иқəгылақəаз ҟалеит, саргьы Пушкин изкны ажəақəак сҳəандаз ҳəа сгəы иаанагеит. Медведев, "уцəажə, уқəгыл" иҳəеит. Нас, снеит.

© Sputnik / Дмитрий Астахов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКремль, 2009 ш. Урыстәыла Ахада Д.А. Медведев акультуратә еимадарақәа рырҭбааразы М.Т. Лашәриа аҳамҭа анииҭоз.
Мушьни Лашәриа: Пушкин ду иажәа аҿҵаара, аихаҳара амҩа ҳануп - Sputnik Аҧсны
Кремль, 2009 ш. Урыстәыла Ахада Д.А. Медведев акультуратә еимадарақәа рырҭбааразы М.Т. Лашәриа аҳамҭа анииҭоз.

Аҳамҭа

- Аԥсуа поезиеи аурыс литературеи ирызкны ҩбаҟа ажəа сҳəеит, саԥхьеит Онегин раԥхьатəи еицырдыруа астрофа: "Мой дядя самых честных правил". Саналгоз аамҭазы, ԥсышəала санаԥхьа ашьҭахь, ҩцəаҳəак урысшəала ихсыркəшеит :"Вздыхать и думать про себя, когда же черт возьмёт тебя". Медведев дԥышəарччо игəарԥханы дысԥылт, ацəаҳəагьы сара сахь аҿаархан еиҭеиҳəеит: "Когда же черт возьмёт тебя" ҳəа.

Иара ажəа анааникыла, аҵыхəтəаны ианеихишьалоз аамҭазы, иқəгылаз 12-ҩык ҳаҟан аха, зегь акоуп сықəгылара, саԥхьара, аԥсуа бызшəа ашьҭыбжь шгаз егьиз игəаԥхеит, иубаратəы иҟан, дагьазааҭгылеит: "Ари ҳаззыӡырҩрыз аԥсуа еиҭага, ҩаԥхьа аиҭагара аҭахӡам, иаҳəо зегьы еилышəкааит", - ҳəа дцəажəеит.

Уи сара сыԥсҭазаара иацуп, исхашҭуам. Аԥсуа поезиазы, сара сзы, ҳашəҟəыҩҩцəа рзы иреиҳаӡаз трибунан, уи еиҳау даҽакы аԥшаара уадаҩын.

Мушьни Лашәриа Пушкин иажәеинраала ԥсышәала даԥхьеит>>

Пушкин илирика

- Аоригиналтə ҩымҭақəеи аиҭагареи еиваргыланы аханатə саауан, уажəгьы аоригиналтə усумҭақəа шызыҩуа еиԥш, аиҭагарагьы снапы алакуп, еиҳаракгьы уажə сызҿу Пушкин илирикатə ҩымҭақəа реиҭагара ауп. Урҭ акымкəа-ҩбамкəа еиҭазгахьеит, Анцəа исаҭəеишьозар, ишаанагара иҟоу шəҟəык илирика иазкны иҭсыжьып ҳəа сгəы иаанагоит, сеиҭагақəа убри ашəҟəаҿы иарбаны.

Пушкин еснагь агəаҳəара уиҭоит, иҟоуп знык-ҩынтə узыԥхьахьо, нас насҭха ишьҭауҵо апоетцəа, аха Пушкин иажəа убас еиԥш мхылдызк ацуп, ианакəзаалакгьы иугəалашəоит, амҩа ушану, устол ушахатəоу, уусураҿы ушыҟоу, шəкы-зқьы рыла Пушкин ҳара ҳаԥсҭазаара даларсуп.

Ирацəоуп уи аԥсуа поезиа дызланырыз. Зегь раԥхьа Дырмит Гəлиа инаиркны, Баграт Шьынқəба инаиркны. Баграт Шьынқəба итəы аагозар, аԥсуа поезиа аҟны иҟаз агармониа, абри аԥшӡара имарианы аҩра, ацəаҳəа имарианы агəынкылара, раԥхьаӡа акəны уи Шьынқəба илшеит, ҳара ҳзы уи ҿырԥшыгахеит. Убас еиԥш иҟаз аԥышəақəа ирыбзоураноуп, ҳарҭ убарҭ ирышьҭанеиуаз абиԥарагьы абас еиԥш имариамыз амҩа ҳзанылаз, аиҭагара аус ҳнапы алакны.

Агəалашəара аҳаҭыразы

- 2012 шықəса инаркны, изӡом, сара саԥшьгаралоуп еиҳарак, Аҟəатəи аботаникатə баҳчаҿы Пушкин даниз амш азгəаҳҭоит. Ари ауаажəларра, аинтеллигенциа зегьы алахəуп. Сынтəа, иахьа, иҵуеит аашықəса абри аус анапы алаҳкижьҭеи. Убасҟан, 2012 шықəса рзы, убра аҵлагьы еиҭаҳҳаит, уи аҵла иахьа иџарџаруа еизҳазыҕьаны аботаникатə баҳчаҿы иреиӷьу, еиҳа улаԥш зыдхалоу аҵиаақəа иреиуаны иҟоуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукАботаникатә баҳчаҟны А.С. Пушкин игәаларшәара иазкыз алитературатә усмҩаԥгатә. 2017 ш.
Мушьни Лашәриа: Пушкин ду иажәа аҿҵаара, аихаҳара амҩа ҳануп - Sputnik Аҧсны
Аботаникатә баҳчаҟны А.С. Пушкин игәаларшәара иазкыз алитературатә усмҩаԥгатә. 2017 ш.

Аботаникатə баҳчагьы залаҳхыз уи ауп, 1840 шықəса рзы адунеи аҿы еицырдыруа абри ацентр ашьапы икит аурыс еинрал Николаи Николаи-иԥа Раевски, уи Пушкин иҩыза иакəын. Ҳəарас иаҭахузеи, Пушкин аԥсуаа иара ихаан дызбахьаз, Петербург аҵара зҵоз, аурыс афицарра зҽазызкуаз, иаҳҳəап Ажəанба Салуман, уи 1828-32 шш. рзы убраҟа аҵара иҵон, Пушкин иаркы-ирцə ҳəа даныҟаз акəын. Ажəанба иоума, егьырҭ роума Пушкин дрымбацкəа ҟаломызт.

Убас, Нхыҵ-Кавказ дыҟан ҳашьцəа адыгаа рҿы, ачеченцəа рҿы, ауааԥса рҿы, ус Қырҭтəыла дылбааит. Уаҟагьы аԥсуаа иреиуаз ыҟамкəа ҟаломызт, Қарҭ изыӡырҩуаз, иӡбахə зҳəоз. Иара иԥсра, иҭахара атəы Раевски 1840 шықəса рзы, аботаникатə баҳчаҿы аус зуаз, аҵла еиҭазҳауаз, ашəаԥыџьаԥ еиҭазҳауаз, ауаа нагақəа, хар змамыз аԥсуаа ҳəа иҧхьаӡаз икəша-мыкəша ҭауади-аамсҭеи зҳəазеиԥш, иҿцаауан. Урҭ иреимҳəар ауамызт иара иҩыза гəакьа аурыс поет ду нахьхьи Петербург дышҭахаз ҳəа игəынганы.

Российский посол Алексей Двинянин и поэт Мушни Ласурия - Sputnik Аҧсны
Пушкинтәи аԥхьарақәа Аботаникатә баҳчаҿы имҩаԥысит

Убас сгəы иаанаагоит сара, Пушкин данҭаха ашьҭахь, дук мырҵыкəа иҭахара атəы абра аботаникатə баҳчаҿы, ажəытəтəи аҭəаҵла амҵан аԥсуаа аӡбахə рмаҳар ауамызт, егьалацəажəон ҳəа сгəы иаанагоит Николаи Раевски ибзоураны.

Уи аахыс Асовет аамҭа, ҳлитература ашьақəгылара изныкымкəа-иҩынтəымкəа иара иеиҭагара, Пушкин иажəа аҿҵаара, азхьра, аихаҳара амҩа ҳануп. Аурыс поезиа ду, аурыс литература, адунеитə поезиа зҳəазеиԥш ирацəаны Пушкин ила иаатуеит. Пушкин иирамш, даҽа ганкахьала аурыс бызшəа амш ҳəа иалкаауп.

Аихаҳара

- Уал нагӡтəыс иҳамоу ҳбызшəа амырӡра, ҳбызшəа аихаҳара ауп. Ҳара ҳазҽеихар, ҳара аҳəынҭқарра ҳамоуп, амч-алшара ду ҳамоуп, Ахьыԥшымра ду ҳамоуп, ҳус ҳара ишаҳҭаху еиҿаҳкаарц ҳалшоит ҳбызшəа аӡыргараҿы, аиқəырхарҿы, аизырҳараҿы, убас ҳлитература зегьы. Ҳлитература, ари адəахьы ҳцəырызго, "визитная карточка" ҳəа аурысқəа ишырҳəо еиҧш, аенциклопедиақəа раԥхьа иахьаауртуа убра "Абхазия, абхазская литература" ҳəа ҳарбо иаауеит.

Ҳаԥхьаҟагьы иаҳҭахуп, уи ажəытəан иҟан ҳəа акəымкəа, иахьагьы иҿиоит ҳəа ианыларц, ҳаргьы ҳаизҳазыӷьаларц. Апоезиа амч, ажəа амч, адоуҳа амч - абарҭқəа зегьы еибыҭазароуп, Анцəа дҳацхраауазароуп!

Ажәабжьқәа зегьы
0