Аԥсны иԥыршәоит аӡахәаҭрақәа адрон ала рыхәышәтәра

Аӡахәаҭрақәа адрон ала рыхәышәтәра макьаназ аԥышәара иахрыжьуеит. Ахәышәтәра мҩаԥыргоит 30 гектар иахьаҵанакуа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 4 – Sputnik. Аԥсны иԥыршәоит аӡахәаҭрақәа адрон ала рыхәышәтәра. Ари иалнаршароуп ицәгьамкәа аекономиа аҟаҵара ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз ИАЕ "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" адиректор Николаи Ачба.

"Ахра Бжьаниа (Апарламент уаанӡатәи адепутат – аред.) иҳабжьигеит абри аус. Иԥаҳшәарц ҳаӡбеит. Ҵыԥхтәи ашықәс азы нап аҳаркит, сынтәагьы ҳаҿуп, аха макьаназы зехьынџьара акәымкәа иалкны. Уажәы ари аус афеида ахьынӡацу ҭаҳҵаауеит", - иҳәеит иара.

Николаи Ачба иажәақәа рыла, цәыббра анҵәамҭазы еилкаахоит асеиԥш ахәшәтәра хра аманы иахьынӡаҟоу.

"Макьаназ ибзиоуп ҳәа азаҳаԥхьаӡоит. Еиҳа ирццакуп ишаабац ала ахәышәтәра амҩаԥгара аасҭа. Афинансқәа рганахь ала акәзаргьы абжаранӡа еиҳа ифеиданы иҟоуп", - иҳәоит Ачба.

Уи адагьы иара иазгәеиҭеит аметод ҿыц ахәаҷа-маҷа аҟынтәи иахьынӡахәарҭоу еилкаатәуп ҳәа. Аӡахәаҭрақәа адрон ала рыхәышәтәра макьаназ аԥышәара иахрыжьуеит. Ахәышәтәра мҩаԥыргоит 30 гектар иахьаҵанакуа мацара. Николаи Ачба иҳәеит аӡахәаҭрақәа ашықәс аҩныҵҟа 12–14-нтә раҟара ишырхәышәтәуа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: