Аԥсны ахәбатәи аҭыԥ: Урыстәылаҟа аҩы назышьҭуа атәылақәа рсиа шьақәырӷәӷәоуп

© Fotolia / KarandaevБокал вина на столе в солнечный день
Бокал вина на столе в солнечный день - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟазауаа абжьгара ҟарҵоит аҩы аахәараан азхьаԥшра шаҭатәу ахәԥса, иахьааухәо аҭыԥ, адәахьтәи аԥшра.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26-Sputnik. Роскачество ишьақәнаргылеит Урыстәылаҟа аҩы назышьҭуа атәылақәа рреитинг. Абри асиаҿы Аԥсны ахәбатәи аҭыԥ ннакылеит: Испаниа, Италиа, Қырҭтәыла, Франциа рышьҭахь.

2018 шықәса рзы Аԥсны Урыстәылаҟа инанашьҭит 19 миллион литра аҩы.

Убри аан Роскачество иазгәанаҭеит Аԥсны ишыҟоу 600 гектар аӡахәаҭрақәа. 600 гектар иаарышьҭуеит 8 миллион литра аҩы. Иазымхо молдавиатәи аӡахәаҭрақәа ихадырҭәаауеит.

Аиҿырԥшразы Испаниа Урыстәылаҟа инанашьҭит 43,7 миллион литра аҩы.

Еицырдыруа аԥсуа ӡахәақәа 60 хкы рҟынтәи иахьазы иаанханы иҟоуп 20. Урҭ рықәҵра ахҟьеит амаҵа филлоксера, иара Европантәи Аԥсныҟа иқәнагалеит XX ашәышықәсазы.

Иахьатәи аамҭазы аҭыԥантәи агрономцәа рҽазыршәоит каҷыҷ, ачандаратәи аиқәаҵәа, ажьшкәакәа, аӷбажь, млахәы, ауасарҳәы реиҭарҿиара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0