АҞӘА, рашәара 4- Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аҩнусбарҭақәа анапынҵа риҭеит мызкы аҩныҵҟала уаҩ дызхым ауаҭахқәеи аҩнқәеи рхыԥхьаӡара шьақәдыргыларц. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Аҩнусбарҭақәа реиҳабацәеи иареи реицәажәараан Ешба иазгәеиҭеит аҩнусбарҭақәеи, ауааԥсыреи, ақалақь ахадареи реимадара шыԥсыҽу.
"Аинырра ыҟам. Ҳара иҳаздырам араион аҿы заҟаҩ ауаа нхо, заҟаҩ ҭаҩу, заҟаҩ ҭаҩу, аха уа инымхо", - иҳәеит Ешба.
Беслан Ешба инапы аҵаиҩит "Аҟәа анхарҭатә фонд асистематә еиҿкаара аҭаразы" ҳәа аусдҵа.
Адокумент инақәыршәаны БТИ иадҵоуп анхарҭа-коммуналтә нхамҩа адепартаменти аҩнусбарҭақәеи рахь аинформациа нанашьҭырц ақалақь ахадара зымаҵ ауа аҩнеихагылақәа рҿы инхо рганахь ала.
Ахадара азинтә ҟәша иадҵоуп иазнархиарц аиқәшаҳаҭрақәа рпроект ауадақәа зтәу амаҵзурақәа рыҭаразы.
Ешба иазгәеиҭеит аҩнеихагыла азеиԥш шҭеи иара аҩни рҭагылазаашьазы инхо аинтерес аадырԥшыр шакәу.
Аилацәажәараҿы иара убасгьы иазгәаҭан аус зуа анхарҭатә закәанеиҿкаара аԥсахрақәа алагаларазы апроект шазырхиатәу.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҟәа ақалақь ахадараҿ ԥхьаҟатәи апланқәа ртәы еиҭарҳәеит
Аҟәа иԥшәымадоу алақәа рышьра азин ыҟам