Аҟәа ақалақь ахадараҿ ԥхьаҟатәи апланқәа ртәы еиҭарҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПустая набережная Сухума
Пустая набережная Сухума  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 30 рзы Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа рынагӡара далагеит Беслан Ешба. Абри аҭыԥ аҿы иара диԥсахит Кан Кәарҷиа.

АҞӘА, лаҵара 22 - Sputnik. Аӡыршәқәа рремонт, аплитка ҿыц ашьҭаҵара, адәахьтәи ахәаахәҭра аиҿкаара, аԥшаҳәа лашарала аиқәыршәара уҳәа аусқәа азԥхьагәаҭоуп аҳҭнықалақь ахадараҿы. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба.

"Иахьазы иаҳзыҟаҵахьоу – Амҳаџьыраа рбаҟа аҿаԥхьа аусурақәа мҩаԥаагеит, уи Кавказ аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш аплан иаҵанакуеит. "Брехаловка" ҳәа изышьҭоу аҭыԥ аҿы аӡыршә аремонт ҟаҵоуп (Ҭаҷкәым искульптура - аред.). Амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуа ачықьқәа хырффоуп. Иазԥхьагәаҭоуп атротуартә плитка ԥхасҭаханы иахьыҟоу аремонт азура, иара убасгьы Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы ашәҭқәа еиҭаҳҳауеит", - иҳәеит Ашәба.

Иара иҳәеит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы аусурақәа амҭалатәиуп, ԥхьаҟазы акомиссиа ҷыда уи аиҿкаашьа иахәаԥшраны иҟоуп ҳәа.

Назначение на пост главы администрации города Сухум Беслана Эшба  - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа ҿыц Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо аколлектив дыдирдырит

Аҳҭнықалақь анапхгара ирыгәҭакуп амшын аԥшаҳәаҿы ахаҳәтә шьаҟақәа реиҭашьақәыргылара, алашара ахьыҟам анагара, автотранспорт аԥшаҳәа аҵакырахь рнеира алымшартә аиҿкаара.

Арҭ аусурақәа лаҵарамза иалагӡаны иахьымӡар ҟалоит, рашәарамзахь ииагахоит ҳәа иҳәоит иара.

Адәахьтәи ахәаахәҭра азҵаара акурорттә сезон аламҭалаз ауаажәларра рҿаԥхьа акыр иҵарны иқәгылоит. Ашәба иажәақәа рыла, уажәазы уи аӡбаразы авариантқәа ирыхәаԥшуеит.

"Амшын аԥшаҳәахьы уназго амҩақәа рахь ахәаахәҭра аиҿкаара ҳадгылоит. Уаанӡатәи ахадарагьы уи аҩыза ажәалагала ҟарҵахьан. Уа аҭыԥқәа рхианы анаплакыҩцәа ииасырц раҳҳәар ауеит", - иҳәоит иара.

Аԥшаҳәаҿы зыргылара иаҿу аобиектқәа рызҵаара макьаназы иҭырҵаауеит. Абри ашьҭахь аӡбамҭагьы рыдкылахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0