Бжьаниа Аԥсны аҳәынҭусбарҭақәа хԥеи маҵзурақәаки рхадацәа аиҭеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа рашәара 4 рзы ҳәынҭусбарҭақәак рхадацәа раҭаразы аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 5 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Аԥсны аҳәынҭусбарҭақәаки, иара убас аветеринартә маҵзуреи аҵиаақәа ркарантин азы амаҵзуреи рхадацәа аиҭеит. Абри азы иахәҭоу ашәҟәқәа ахада исаит аҿы иӡыргоуп.

Ахада иусдҵақәа инарықәыршәаны:

  • Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура аиҳабы – Роман Џьопуа;
  • Адгьылхархәареи акадастри рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы – Адамыр Аҳәба;
  • Аҵиаақәа ркарантин азы Аҳәынҭинспекциа аиҳабы – Аркади Џьинџьиа;
  • Абнанхамҩазы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабыс - Анзор Ашәхәаҵаа;
  • Аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа аиҳабыс – Роман Ӷәынџьиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: