"Аҭырас ныҳәара": асаӡқәа аҭырас ишамҵаныҳәоз

Асаӡқәа рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа ҭызҵаауа апоетесса Белла Барцыԥҳа изныкымкәа лҩымҭақәа рҟны дазааҭгылахьеит аԥсабара адоуҳатә мчы ҷыдала изныруаз, аԥсшәа инаваргыланы амаӡабызшәала ицәажәоз асаӡқәа рҭоурыхқәа. Иахьа лара иаҳзеиҭалҳәеит есышықәса ирымаз аҭырас ныҳәара атәы.
Sputnik

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Асаӡқәа Цандрыԥшь инхон аамҭала. Апоетесса Белла Барцыцԥҳа лажәақәа рыла, асаӡжәлақәа рахь иаҵанакуеит Ацанба, Гьечба, Баӷба, Чрыгба, Мқьалба уҳәа (лара ишылҳәаз иҩуп). Иахьагьы, Анцәа иџьшьаны, дара ахьынхоз аҭыԥқәа рыжәлақәа рхуп, иаҳхәап Ацанбақәа – Цандрыԥшь, Гьечаа – Гьечрыԥшь, Баӷаа – Баӷрыԥшь, Мқьалаа – Мқьалрыԥшь, Чрыгаа – Чрыгрыԥшь (уажәы Чагрыԥшь ҳәа иҟоуп, ириашатәуп лҳәоит Белла Барцыцԥҳа – С. Жь.).

Ажәытәтәи асаӡ жәлар еиҭарҳәоз алакә "Аҳ ԥҳәыс дшааигаз"

Знапы еикәыршаны иҟаз асаӡқәа Аныхаԥсҭа рыман. Убас хазы иалхыз аҭыԥ ԥшьақәа рҿы ахныҳәарақәа мҩаԥыргон. Есышықәса, аҿиара иазкыз "аҭырас ныҳәарагьы" еиҿыркаауан. Уи лымкаала аҳәса ракәын изызкыз.

"Асаӡқәа ахьацаҵла ишамҵаныҳәоз аиԥшцәҟьа, аҭырасгьы иԥшьоу акы акәны иаҵаԥшуан. Шьыжьла иақәыҳәҳә иҟаз аӡаӡа ҟәшәаны ахәшә ҵиаақәа ирыҵарҭәон иарџьбароит ҳәа. Аӡхьамԥш иадыркылон", - еиҭалҳәоит Белла Барцыцԥҳа.

Асаӡқәа ҭагалан аҭырас ныҳәара анымҩаԥыргоз иаарыԥхьон ахшара змоу, исабицәазар, анацәа агара ишгароу инаргон, убас инеиуан зцәазтәымыз аҳәса. Аҟабқәа хԥа рыгәҭа ҭыӷьӷьааны, агәаӷьқәа ҭыганы уаҳа иԥымҟакәа ишеибгаз ижәны, руакы игәылхыз акакани, арасеи рыла ирҭәны, егьи аџьынџьыхәа ҭаҵаны, ахԥатәи ашәҭ шьыҵәрақәа реиԥш аҭырас еидкыланы иҭаргыланы, ахьацаҵла иадҟаҵалаз аишәа хәхәа иқәдыргылон, ирывадыргылон изыхныҳәоз ашьыхрын иалхыз арыжәтә ссир.

"Аҭырас ныҳәара": асаӡқәа аҭырас ишамҵаныҳәоз

"Хәыҷи-дуи аҭырас еиԥш аҿиара шәоуааит ҳәа, иԥҳәысымшны иҟаз, зымшьҭа бзиаз лакәын иныҳәоз. Аҟаб иҭагылаз аҭырас амахәқәа маҵәак-маҵәак агара игараз рыхчқәа ирыҵалҵон, махәык-махәык иадымхаргьы еизаз зегьы ирхьылгӡон. Нас аҟаб сак-сак агьама рбон, убас аҳәса аҩнынтә инаргоз ахаа-мыхаақәа, абыргцәа зегьы ашьыхрын иалхыз арыжәтә иахныҳәон", - еиҭалҳәоит апоетесса.

Белла Барцыцԥҳа лажәақәа рыла, аҭырас асаӡқәа ан лкыкахш афҩы ахыркаауан. Амшьҭа бзоуп ҳәа иԥхьаӡаны ақьалақәа алархыбуан, ацәарҭеиԥш ирыҵарҵон. Аԥсабараҿы имҩаԥыргоз аныҳәарақәа раан, асаара ишьҭаҵаны абысҭеи, акәаҵи ықәырҵон. Асаӡқәа аҭырас иазкны ажәасақәагьы рыман (афоризмы). Иаҳҳәап: "Ҳабацәа рашҭа ҳашҭагылоу, аҭырас гәхьааҳго ҳҟамлааит", "Аҭырас – ахәырбӷьыц ԥсахга", "Умӷьацааит ҳәа аҭырас зшәиуа, иан лоуп иишәииз".

"Аҵла адацқәа амца рхьысыр иҵҩаауеит, аҭырасра амца ылоуҵар, азнык азы иццышәхоит, аха нас еиҳагьы иҿиоит. Аҭырас иаҿсырԥшуеит ҳмилаҭгьы", - ҳәа наҵылшьит Белла Барцыцԥҳа.

Белла Урысҟан-иԥҳа Барцыцԥҳа асаӡ ҿаԥыцтә ҳәамҭақәа ҭылҵаауа далагеит абыжьбатәи акласс аҿы дантәаз, лабду иаҳәшьа Анҭица илыбзоураны. Лара Анҭица лакәзар, лҭаца, асаӡ ҭыԥҳа Алсеф Баӷԥҳа илҿылҵааит. 

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: