Гәылрыԥшьи Гали ауааԥсыра атәанчахәқәа маҷк ихьшәаны ироуеит

Аԥсны атәанчахәқәеи асоциалтә шәарақәеи роура аграфик инақәыршәаны, аԥарақәа абанктә хсаалахь инеиуа иалагоит амза 18 инаркны.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 8 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гәылрыԥшьи Гали араионқәа руааԥсыра рзы атәанчахәқәеи асоциалтә шәарақәеи ааира иалагоит рашәара 8 инаркны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Атәанчахәыәт фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.

Бараҭелиа: атәанчахәы раԥхьатәи амш азы зегьы рыҭара уадаҩуп

"Атәанчахәы аамҭа иахыԥан ираҳҭоит. Иара лаҵарамза анҵәамҭазы иаҳшәар акәын аха акарантин азы анаплакқәеи аиҿкаарақәеи раркра иахҟьаны ауадаҩрақәа ҳамоуп. Аԥарашәара иахьаҵәҟьа имҩаԥгахоит", - иҳәеит иара.

Иара иажәақәа рыла, Аԥсны егьырҭ араионқәа ирыхәҭаз роухьеит ишьақәыргылоу аграфик иақәыршәаны.

Уаанӡа, Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб иԥылараан Денис Гәылариа иҳәеит 2020 шықәса раԥхьатәи аԥшьымз рыла Афонд ишаиуз 202 миллион мааҭ, убри аан атәанчахәқәеи ашәарацҵақәеи 341 миллион 268 нызқьмааҭ шьақәдыртәоит.

Аԥсны атәанчахәы роуеит 44 685-ҩык атәылауаа 39 категориа ирыҵаркны. Урҭ рҟынтәи рықәрала атәанчахәы роуеит 29 нызқьи 69-ҩык.

Афонд атәанчахәытә еиқәыршәара аусхк аҿы асоциалтә политика анагӡаразы иаҭахны иҟоуп ашықәс аҩныҵҟа миллиардки 103 миллиони 263 нызқьмааҭ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: