00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Бараҭелиа: атәанчахәы раԥхьатәи амш азы зегьы рыҭара уадаҩуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа
Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа АРСМИРА имҩаԥигаз апресс-конференциаҟны далацәажәеит напхгара зиҭо иусбарҭа аусура амҩаԥысшьа атәы.

АҞӘА, нанҳәа 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Атәанчахәы аноуҳажьуа раԥхьатәи амш азы Аԥсны инхо атәанчаҩцәа зегьы аԥара рызшара акыр иуадаҩуп иҳәеит Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа АРСМИРА имҩаԥигаз апресс-конференциаҟны.

"Аԥснытәи атәанчаҩцәа ртәанчахәы 400 миллион мааҭ ыҟоуп. Шьыжьы инаркны хәлаанӡа абонкоматқәа ирҿухуазаргьы ԥшьбаҟа мшы уадхалоит. Уи адагьы аԥышәа иаҳнарбеит аԥхьатәи хԥа-ԥшьба мшы роуп агәаранқәа аныҟало, нас аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоит. Иануҭаху унеины аԥара амухыртә иҟалоит уадаҩрада", — иҳәеит иара.

Есымза, арыцхә 18 рзы атәанчаҩцәа рԥарақәа, 400 миллион мааҭ, аамҭак ала атәанчаҩцәа ркарточкақәа рахь ииагахоит иҳәеит абанк адиректор.

"Амза 18, асааҭ 11 инаркны дарбанызаалак атәанчаҩы итәанчахәы иоур илшоит", — ҳәа азгәеиҭеит Бараҭелиа.

Иара убри аан аиҳараҩык ирҭахуп ртәанчахәы аԥхьатәи амш азы иргар. Уи ауп иҟалало агәаранқәагьы зыхҟьо.

"Есмза, арыцхә 18 рзы абанкоматқәа рааигәара узнеиуам. Абри амш аҽны 60-80 миллион рҟынӡа аԥара ҭыргоит. Ус иҟоуп адырҩаҽны, адырхаҽны. Нас аҭагылазаашьа ҭынчхоит", — иҳәеит иара.

Абанкқәа ртерминалқәа рхыԥхьаӡара шмаҷу, урҭ ишырзырҳатәу дақәшаҳаҭхо Бараҭелиа иҳәоит:

"Амза 18 рзы шәкыла абанкоматқәа ирҭаҳҵап урҭ 400 миллион аԥара. Ироуп мышкала ауаа ртәанчахәы, аха амза егьырҭ амшқәа зегьы абанкоматқәа усда игылазар аума? Ари иаанаго аԥара баша ахарџьроуп", — ҳәа.

Ауадаҩрақәа шырацәоугьы аус шьаҿа-шьаҿа аиҭаҵра иаҿуп ҳәа азгәеиҭоит Бараҭелиа.

"Уаанӡа 80% ауаа ртәанчахәы зегьы мышкала иҭыргозар, уажәы еихыршо иалагеит. Уи адагьы шәарак аҳасабала акарточка зхы иазырхәо рхыԥхьаӡарагьы иацлеит", — иҳәеит иара.

Беслан Бараҭелиа иажәақәа рыла аӡын, ааԥын амзақәа раан ауаа еиҳа активла ртәанчахәқәа ргоит. Аԥхынразы, аҽа хныҟәгашьатә хыҵхырҭақәак аныҟоу атәанчахәы агарагьы рацәак иахыццакуам.

Ажәабжьқәа зегьы
0