Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
2013 шықəса рзы Шьамтəылантəи зҭоурыхтə ԥсадгьыл ахь нхара ҳəа иааз ҳџьынџьуаҩ Омар Хагəышь 20 шықəса ихыҵуан иабдуцəа рыдгьыл ишьапы анықəиргыла. Уижьҭеи иҵит быжьшықəса, акыр аҽаҧсахит Омар идунеихəаԥшышьа, иара убас иԥсҭазааратə мҩа. Омар Хагəышь диит Шьамтəыла аҳҭнықалақь Дамаск, анаҩс шықəсқəак ааҵуаны ҭаацəала нхара ииасит Голлантəи аҳаракырақəа рахь, ианшьцəа рқыҭахь - Мударие. Мударие ақыҭаҿы инхо еиҳарак адыгьақəоуп, иҟоуп ирыланхо аԥсуаагьы. Иааидкыланы иуҳəозар, уи ақыҭаҿы инхо ҳџьынџьуаа шəы-ҭӡык инарзынаԥшуеит.
"Сара сан дадыгьоуп, Шорох лыжəлоуп. Сан лбызшəа саргьы ицəгьамкəа исҳəоит. Аԥсныҟа сааижьҭеи, хымԥада схатəы бызшəа аҵара сазҿлымҳауп, ибзианы еилыскаауеит, атəым бызшəақəа рылагьы сцəажəоит, иаҳҳəозар: араб, англыз, аурыс бызшəақəа уҳəа. Аха, ухатəы бызшəа даҽа гьамак амоуп, иссиру ашьҭыбжьқəа ахылҵуеит, уи уара иуциз ауп. Аха, сара саниҵəҟьаз слымҳа иҭамсыз бызшəахеит, Анцəа иџьшьаны, алшара соуит сбызшəа ахьиз, аԥсы ахьҭоу стəылахь аара",- абас ҳаицəажəара хацҳаркит Омар Хагəышьи сареи.
Омар Хагəышь Аԥсныҟа данаауаз Шьамтəылантəи еицааз агəыԥ иалаз рхыԥхьаӡара маҷмызт, 150-ҩык рҟынӡа инаӡон. Усҟан арахь еицааит Омар иҭаацəеи иареи, иан Римма, иаб Муҳаммад, иашьеиҵбы Муаз. Иаҳəшьа Тулин лакəзар - дҭаацəароуп, Ҟабарда-Балкариа дынхоит. Омар Хагəышь дазыгəдууны еиҭеиҳəон Аԥсны аӡбахə, араҟа рынхара-рынҵыра шышьақəгылоу атəы.
"Шьамтəылантəи ҳанаа бжьымзы инарзынаԥшуа Гəдоуҭа асасааирҭаҿы ҳанхон еицааз зегьы. Анаҩс, араҟатəи аԥсҭазаара ҳҽаҳаршьцыло ҳалагеит, аиаша шəасҳəоит, зныкгьы схы сахашшаауа сҟамлац уижьҭеи. Ужəлар бзиа иубар, даргьы ҽакала иузыҟалаӡом. Убриаҟара гəыблыла иаҳԥылеит, ҳрыдыркылеит ҳашьцəа аԥсуаа, еиҭаҳəашьа сзаҭом. Сара занааҭла сфилолагуп, сҵара ахыркəшара смаӡацкəа ауп Аԥсныҟа сшааз, аҩбатəи акурс аҿы стəан. Иарбан усзаалак схы ансырнаалоит, исыцааиуазшəа збар сызҿу аус, исҭахны исыдыскылоит",-дҳацəажəон Омар Хагəышь.
Омар Ҳагəышь иахьа аус иуеит Аԥснытəи аҳəынҭқарратə телерадиоеилахəыраҿы, анџьныр-техник изаанаҭ ала. Ари аусхк дадзыԥхьалаз, насгьы ишицааиуа атəы ҳаилиркааит ҳаиҿцəажəараҟны.
"Аԥсуа телерадиоеилахəыраҿы аус иуан Шьамтəылантəи иааз сҩыза Саер Ҳаџьыберзеқь. Иара исеиҳəеит ателехəаԥшраҿы анџьныр дшырҭахыз, аҭыԥ шыҟоу. Саргьы иажəа ҩбамтəкəа ателахəаԥшра анапхгара рышҟа снеит, ргəы иахəеит Шьамтəылантəи сахьааз, араҟа сахьынхо, алшара сырҭеит схы ԥысшəарц, аусура салагарц. Уижьҭеи иҵит хышықəса, Аԥсуа телехəаҧшра астудиаҿы анџьныр изаанаҭ ала аус суеижьҭеи. Даара сара сзы аинтерес аҵоуп снапы злаку аус, аҭыхрақəа реиҿкаашьа, реиқəыршəашьа, амонтаж аус адулашьа уҳəа, сара сзы иҿыцу аартрақəа рацəахеит", - иҳəеит Омар Хагəышь.
Омар Хагəышь иазгəеиҭеит, аус ахьиуа арҿиаратə еилазаара даара пату-ҳаҭырла ишизыҟоу, аҩызцəа ширҳаз, иаамҭа гəахəала ишихиго.
"Сусура уажəшьҭа сара сыԥсҭазаара иахəҭакны иҟалеит. Аус зцызуа зегьы сара сзы ҭаацəарак еиднакыло реиԥш сырзыҟоуп, ҳаизыҟазаашьақəа бзиоуп. Аусураҿы аҳəоуеиқəшəара зегьы ирыцкуп, нас уус алҵшəа маиурц залшом", - иҳəеит Омар Хагəышь.
Омар Хагəышь Аԥсны аҭоурых дазҿлымҳауп, ахҵəара ду иақəшəаз ҳаауажəлар рлахьынҵа Омар иабашьҭрагьы зацəымцеит. Акыр икыднаҟьеит изықəшəаз аҭагылазаашьа, аха рхы андырнаалар акəхеит.
"Сара сгəы иалоуп сабашьҭра ирхыргаз аҭоурых ииашаҵəҟьаны ишьақəыргыланы иахьыҟам. Сеиҳабацəа изларҳəо ала, Хагəышьаа Калдахəарантə ахҵəара иақəшəаз роуп. Ишəымбои, аамҭа шаҟа хҭыс цəырнаго? Иахьа, сашьцəа Хагəшьааи сареи ҳаибабоит, ҳажəлантəқəа реизара еснагь салахəуп, ааԥхьара ҳарҭоит ҭаацəала, уи сара сгəы шьҭызхуа ауп. Шьамтəыла инхо ҳажəлантəқəа Ҳагəышьаа рхыҧхьаӡара маҷым. Аха, исҭахуп ҳаԥсадгьыл аҿы ҳаизҳарц, ҳаҿиарц", - игəҭахəыцрақəа ҳацеиҩишон Омар Хагəышь.
Ҳџьынџьуаҩ Омар Ҳагəышь дхəыҷаахыс Аԥсны аӡбахə иаҳауан, агəыбылра иман. Шьамтəыла дара ахьынхоз ақыҭаҿы еиҿкааны ирымаз адыга культуратə хеидкылахь дныҟəон, уа иибаз иаҳаз иаԥхьаҟатəи иԥсҭазаараҟны акыр ицхыраагӡахеит. Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра иазкыз авидеоҭыхымҭақəа ибахьан Шьамтəыла даныҟаз, аха Аԥсдгьыл аԥшӡара иазкыз аҭыхымҭақəа машəыршақə ауп дышрыхҭыгəлаз.
"Аҩны сшыҟаз ателехəаԥшрала афранцызцəа ирышьҭыз Аԥсны иазкыз афильм машəыршақə сақəшəеит. Убасҟан ауп сара ианеилыскааҵəҟьа ҳаҧсадгьыл закəытə џьанаҭу, исхамшҭуа кадрқəоуп Аҟəа ақалақь амшын аԥшаҳəа, ашьхақəа, аԥсабара аиаҵəара, иара убас аԥсуа қыҭа аԥсҭазаара атәы зҳəоз анҵамҭақəа. Урҭ зегьы уажəы лабҿаба сахьрылаԥшуа сара сзы акраҵанакуеит, илабҿабахаз аԥхыӡ исзаҩызоуп", - игəҭахəыцрақəа ҳацеиҩишон ҳџьынџьуаҩ.
Омар ианду (иаб иан) Арҩыҭааԥҳан, Аԥсны даахьан, илбахьан. Лмоҭа излаиҳəо ала, аԥсшəагьы цəгьамкəа илдыруан. Лара лаҳəшьаԥа иоуп Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьраҿы иҭахаз Зиуар Чычба. Зашьа ишьа иурц Шьамтəылантəи иааз Зиуар иашьа Заур Чычба идунеи араҟа иԥсахит. Аишьцəа аҩыџьагьы анышə иамадоуп Аҷандара ақыҭан. Ари ахҭыс Омар ҳаиҿцəажəараҟны дазааҭгылеит. Хаҭала, Чычбақəа рҭаацəеи сареи ҳаибадыруеит, ианду лаҳəшьа Неџьиҳа Арҩыҭааԥҳа лакəзар, Шьамтəыла ҳаибадырхьан. Анҵамҭа аҩра сахьаҿу, уи аԥҳəыс ҟəымшəышə лԥацəа рзы икалыԥсоз лылаӷырӡқəа сгəы иҭынҵəом, Шьаамтəылатəи сныҟəарақəа аасызҿыцхеит. Шаҟа ииашангьы иҳəазеи аамҭаказы ҳџьынџьуаҩ, ҳпоет ду Омар Беигəаа: "Аԥсуа Анцəа дшаны адəы дзықəиҵаз, дԥишəаларц ауп", - ҳәа.
Омар Хагəышьи сареи ҳаибадыруеижьҭеи акрааҵуеит, еснагь зхы-зҿы ҳалалу, ачча зҿықəыхху арԥысуп, ахӡыргара илаӡам. Анҵамҭа изыскырц шысҭахыз аниасҳəа, дааԥышəарччеит, избеит дшацəыԥхашьаз, аха мап сцəимкит. Шаҟа хҭыси, шаҟа жəабжьи цəырнагазеи ҳаиҿцəажəара, уажəазы араҟа иҟаҳҵаз лкаақəак роуп. Омар Хагəышь дҭаацəароуп, иԥшəамԥҳəыс Шьамтəылатəуп, адыгьа ҭыԥҳауп, Ҭау лыжəлоуп, лан даԥсыуоуп, Ануаԥҳауп. Омар Ҳагəышь иԥсадгьыл аҟны дышəҩыкхааит, деизҳааит. Аԥсынтəыла еизҳазыӷьалааит ҳџьынџьуаа рыла!
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: