Џьулетта Сабуаԥҳа Омер Кәаӡба изы: иаб иуасиаҭ анагӡаразы Аԥсныҟа дааит

© Foto / из семейного архива Семьи КвадзбаЏьулетта Сабуаԥҳаи Омер Кәаӡбеи рҭаацәа
Џьулетта Сабуаԥҳаи Омер Кәаӡбеи рҭаацәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтəыз артист Џьулетта Сабуаԥҳаи ҳџьынџьуаҩ Омер Кəаӡбеи рлахьынҵа шрыцныҟəаз Сырма Ашəԥҳа ланҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ҭырқəтəыла инхо ҳџьынџьуаа рахьтə иҟоуп зҭоурыхтə ԥсадгьыл ахь ихынҳəны араҟа аҭаацəарақəа аԥызҵо, здаракəац змырӡуа. Убарҭ дыруаӡəкуп шықəсқəак раԥхьа зыԥсадгьыл гəыблыла иаднакылаз Омер Кəаӡба. Омер Аԥсны дахьааиз хара имгакəа иразҟы ицныҟəеит, инасыԥ ицеиҩылшеит Аԥснытəи аҭыԥҳа Џьулетта Сабуаԥҳа. Ааигəа арҭ аҭаацəара ҳсасцəаны ҳарҭааит, аҩнаҭа аԥшəма дҳақəымшəазаргьы, аԥшəмаԥҳəыс иаҳзеиҭалҳəеит лыԥшəмеи лареи реибадырреи, араҟа рыԥсҭазаара иақəгəырӷьо ишынхои.

Енгин Ебжьноу - Sputnik Аҧсны
Енгин Ебжьноу: Аԥсныҟа санаауаз издыруаз ҩ-ажәак ракәын: иҭабуп, абзиараз

"2011 шықəса рзы Аԥснытəи аҳəынҭқарратə филармониаҿы имҩаԥысуаз аопера "Нан" ақəгылара салахəын. Иаргьы ҿыц Ҭырқəтəылантəи Аԥсны дааны дыҟан. Сықəгылара убра ибеит, аҵыхəтəаны сыхьӡ сыжəла рҳəеит, иаргьы интересс ишьҭихын сиԥшааит аинтернет ахархəарала. Анаҩс, "Аҿар рыбжьы" аҟны иазыҟасҵоз ахəыҷқəа ықəгылон, убраҟа ҳаибадырит", - лҳəеит Џьулетта Сабуаԥҳа.

Џьулетта Сабуаԥҳа Гагра ақалақь акультура аҟəшаҿы аус луеит, ашəаҳəара аганахьала дырҵаҩуп. Лара Аҟəатəи акультуралашаратə ҵараиурҭа даушьҭымҭоуп.

"2005 шықəса рзы Гагра ақалақь аҿы агəыԥ "Бырфын" аԥаҳҵеит акомпозитор, Аԥсны Жəлар рартист Оҭар Хəынҵариа инапхгарала, убри аахыс уаҟа ашəа ҳҳəоит Оҭар Конџьариагьы саргьы. Инаҳагӡоит жəлар рашəақəа, аԥсуа естрадатə ашəақəа", - ҳəа азгəалҭоит ашəаҳəаҩ.

Ҳаади Лакрба - Sputnik Аҧсны
Ҳаади Лакрба: cхәыҷаахыс гәынхәҵысҭала еснагь Аԥсны сыҟан

Џьулетта Сабуаԥҳа, ишырҳəо еиԥш, ԥхыӡ илбаргьы ихалҵомызт амшыннырцəынтəи ҳџьынџьуаҩыки лареи еинасыԥхап ҳəа. Аха, аԥсҭазаара убриаҟара ганрацəала еиларсуп, узнылараны иҟоу аразҟымҩа ахала уаԥшаауеит.

"2010 шықəса рзы сыԥшəма иаб даачмазаҩхан, дыԥсит. Даныԥсуаз аламҭалазы ус иеиҳəеит иҷкəын: "Уца Аԥсныҟа, сара хара инеиуа сакəым шьҭа, сыԥсадгьыл анышə уаԥсҵəык иадамхаргьы иааганы снышəынҭра агəы инықəыԥса", - ҳəа. Абасала, иаб иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иақəикит Аԥсныҟа аара. Санхəа лыԥшəма анышə даналҭа анаҩс, мчыбжьыкгьы мҵыцкəа дцан шəыра дук аахəаны иаалгеит. "Сан, ари закəи?" - ҳəа данҵаа, "уаб иҳəахьа наугӡоит, Аԥсныҟа уцоит" ҳəа иалҳəеит лыҷкəын. Ирымҳəои ан лгəы ҳəа, нас иан лгəы илыҵанаҳəазар акəхап, сыҷкəын инасыԥ иԥсадгьыл аҟны изыԥшуп", - ҳəа азгəалҭеит Сабуаԥҳа.

Абасала, Омер Кəаӡба иан лнапала имаҭəақəа еидкыланы, дныҳəаныԥхьаны Аԥсныҟа даалышьҭит. Абасала иҟалеит Омер Кəаӡба Ҭырқəтəылантəи Аԥсныҟа иаара.

"Ԥшьынтə заҵəык ҳаиқəшəеит иареи сареи, аԥшьынтə раангьы ҳанасыԥ еилаҳҵеит. Санхəа Арнауҭԥҳан, ааигəа лыԥсҭазаара далҵит. Сыԥшəма иҭаацəа Есқьишьеҳир инхоит. Сабхəа аԥсшəа цқьаны иҳəон, аха санхəа цқьа илызҳəомызт, хылҵшьҭрала дубых ҭыԥҳан лара. Ҭырқəтəылаҟа ҳанцоз аламҭалазы, ҳкомпозитор жəытə ашəак аԥиҵеит "Тыгəшьа, тыгəшьа, таатаны, тыгəшьа..." ҳəа, арҭ ажəақəа зегьы ирыздыруам. Ҭырқəтəыла саннеи, иџьаушьаша, сышшəаҳəаҩыз лымдыруаз санхəа, убри ашəа аацəырылган илҳəеит", - ҳəа илгәалалыршәоит Џьулетта Сабуаԥха.

Џьулетта Сабуаԥха излалҳəо ала, ари ашəа Аԥсны ахəыҷқəа иддырҵон. Ианыддырҵозгьы алаф ахырҳəаауан, аха Оҭар Хəынҵариа убриаҟара ажəытə ашəақəа дрызҿлымҳан, ҿыц рыԥсы ҭаиҵон.

Муҳаррем Аҭрышбеи  Асҭанда Џьапуаҧҳаи рҭаацəа - Sputnik Аҧсны
Иҧсҭазаара Аԥсны иадиҳəалеит: Муҳаррем Аҭрышбеи Асҭанда Џьапуаҧҳаи рҭаацәа

Џьулетта Ҭырқəтəыла лыҟазаара иалагӡаны аԥсуаа рыҩнуҵҟа илбаз-илаҳаз акыр ирацəоуп.

"Аԥснынтə уахь санцоз акыр сазхəыцуан сышԥарыдыркылои ҳəа. Сара излазгəасҭаз ала, аԥсуара ырҵауланы исызныҟəгазшəа сзааиуеит сызланагалаз аҭаацəара рҟны. Хымԥада, даара гəаартыла срыдыркылеит. Санхəа лаԥхьа сымтəо-сымгыло саналага, зынӡа лхахьы иаалымгаӡеит, сан леиԥш, "сыкəа дҭаланы смаӷра дҭысуеит" ҳəа шырҳəо еиԥш, убас сылгəыдлыҳəҳəалеит, слыдылкылеит. Исызныҟəымгоз аԥсуара сақəымшəаӡеит", - ҳəа лхəыцрақəа ҳацеиҩылшеит Сабуаԥҳа.

Омер Кəаӡбеи Џьулетта Сабуаԥҳаи фышықəса ҵуеит рыԥсҭазаара еиларҵеижьҭеи, аԥсуа ҭаацəара ԥшӡа аԥырҵеижьҭеи. Ҩыџьа аҭыԥҳацəа рымоуп, Наалеи Денизеи. Ан дазгəыдуны илҳəеит, рыхшара аԥсышəала аҷҷаҳəа ишцəажəо, убас еиԥш ицəажəоит урысшəала, ааигəа ҭырқəшəалагь ацəажəара иалагеит. Аиҳабы ԥшьышықəсеи бжаки лхыҵуеит, ахəыҷбаҳчахь дныҟəоит, аиҵбы ҩышықəсеи аамзи. Уимоу, Наала хəыҷы аҭырџьманра анныҟəылгогьы ыҟоуп.

Раҳми Арӡынба - Sputnik Аҧсны
Раҳми Арӡынба: сыԥсадгьыл сыла иасырбап ҳәа сааит, уаҳа сагьымцаӡеит

"Ҳара аҳəынҭқарра иаҳнаҭаз ахаҵгылара иабзоураны нхарҭа ҭыԥла ҳаиқəшəоуп, ҭабуп ҳəа раҳҳəоит. Агəылацəеи ҳареи пату еиқəаҳҵоит, аӡəи-аӡəи еиԥырхагоу ҳəа аӡəгьы ҳаҟаӡам. Алахьынҵа сыман сҳəарц сылшоит. Сгəы иҭамкəа, схы иҭамкəа, аԥҳəызба амацəаз анлырҭалак дшыԥшу еиԥш акəымкəа, иаалырҟьаны иҟалаз усуп, сразҟы сыцныҟəеит", - ҳəа азгəалҭоит Џьульетта Сабуаԥҳа.

Абасала, Кəаӡаа рҭаацəа Аԥсынтəыла рхəышҭаарамца еиқəырҵеит. Ҭырқəтəылаҟа ицозаргьы, ԥсшьарак аҳасабала ицоит, рыԥсадгьыл аҿы рышьҭа ӷəӷəаӡа иахьанырҵаз акыр игəадуроуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0