Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Шьамтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Афра Чаҭау: Аԥсны ҳаԥшәыманы ҳхы аабоит

© Foto / предоставлено Сырмой АшубаАфра Чатау
Афра Чатау - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтəылантəи шықəсқəак раԥхьа Аԥсныҟа нхара ҳəа ихынҳəыз ҳџьынџьуаҩ Афра Чаҭау лҭоурых ажурналист Сырма Ашəԥҳа ланҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ҳауаажəлар жəытəгьы-ҿатəгьы ргəы иҵхо зҵаараны иаанхоит аҳəаанырцə инхо ҳхылҵшьҭрақəа рҭоурыхтə ԥсадгьыл ахь рыргьежьра. Маҷ-маҷ акəзаргьы Ҭырқəтəылантəи, Шьамтəылантəи, Баҭымынтəи уҳəа иҟоуп Аԥсныҟа иааз, араҟа зхəышҭаарамцақəа еиқəызҵаз ҳауаажəлар.

Али Аншба - Sputnik Аҧсны
Али Аншба: аԥсуа дахьыҟазаалак иҩн ду ахь, Аԥсныҟа даароуп

Еиҳагьы игəадуроуп урҭ рыхшара рхатəы бызшəала иҩуа, иаԥхьо, аҵара рҵартə еиԥш аҭагылазаашьа ахьроуз, насгьы изларылшо ала рыԥсадгьыл амаҵ ахьазыруа, рыуаажəлар иаӡəыкны иахьрылагылоу.

Иахьа зыӡбахə сымоу аҭыԥҳаи сареи ҳаибадыруеижьҭеи рацəак ҵуам. Еснагь лхы-лҿы аччаԥшь аҿықəыҳəҳəы, лгəалаҟазаара бзианы даауԥылоит. Хымԥада, уи уаҟара уцнамҵар залшом. Афра Чатау адыга хылҵшьҭроуп. Абар, уажəшьҭа быжьшықəса инарзынаԥшуеит лан, лаб, лаҳəшьа, лара еицны Шьамтəылантəи Аԥсныҟа нхара ҳəа иааижьҭеи. Афра аԥсуа бызшəа цəгьамкəа еилылкаауеит, иара убас дцəажəоит аурыс, аҭырқəа, араб бызшəақəа рыла.

© Foto / предоставлено Сырмой АшубаАфра Чатау лҭаацәеи лареи Аԥсныҟа нхара ииасит быжьшықәса раԥхьа
Шьамтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Афра Чаҭау: Аԥсны ҳаԥшәыманы ҳхы аабоит - Sputnik Аҧсны
Афра Чатау лҭаацәеи лареи Аԥсныҟа нхара ииасит быжьшықәса раԥхьа

"Есҽны Аԥсны ашҟа исымоу абзиабара еиҳахоит. Сара сан хылҵшьҭрала даԥсыуоуп, Агрԥҳауп. Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра анцоз аамҭазы сара саншьа Нидаль Агрба ара дыҟан, иԥсадгьыл бџьаршьҭыхла ихьчеит, уи сара даара сазгəыдууп. Ҳара арахь ҳанаауаз ҳаицны ҳааит, аха рыцҳарас иҟалаз ихьыз ачымазара иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит", - абас ҳаиҿцəажəара хацҳаркит Афреи сареи.

Али Ашәба - Sputnik Аҧсны
Иԥсадгьыл ала игәы ирҭәырц: Аԥсны зынасыԥ зыԥшааз ҳџьынџьуаҩ Али Ашәба иҭоурых

Афра Чатау, Шьамтəыла иреиҳау аҵараиурҭа дҭан, англыз бызшəеи алитературеи рфакультет аҿы аҵара лҵон, аха уи хлыркəшаанӡа уаҟа аибашьра иалагеит, анаҩс Аԥсныҟа дааит.

"Сара Краснодар ақалақь аҿы аҳасабеилыргара иазкыз акурсқəа срылгеит. Уажəы, ҳџьынџьуаҩ Сонер Гогəуа инаплакқəа руак аҿы аус зуеит, ҭабуп ҳа иасҳəоит усурҭа ҭыԥла сахьеиқəиршəаз. Аҩызцəа сымоуп, ҳаибабоит, ҳаицəажəоит, схы сахашшаауа сыҟам", - лыгəҭахəыцрақəа ҳацеиҩылшон Афра.

Шьамтəыла аҳҭнықалақь Дамаск инхон Афра лҭаацəа. Аха уа излагаз аибашьра иара ахыԥша анымԥшырц залымшеит. Рыҩны ааныжьны ааигəа иҟаз адыга кыҭахь Барекаҟа имцар амуит. Аха, аибашьра еиҳа-еиҳа аҽарӷəӷəон, убри аҟынтə уи ақыҭа иалҵыр акəеит, убас ауп Аԥсныҟа ишааз Афра лҭаацəеи лареи.

"Сани саби иаразнак ирыӡбеит даҽа тəылак ахь имцакəа арахь иаарц. Европаҟа ҳцар ахҵəацəа рыстатус ҳауан, араҟа арепатриант истатус. Аԥсны ҳара ҳаԥсадгьыл ауп. Шьамтəыла ҳанынхозгьы ҳаиҳабацəа Аԥсны аӡбахə иалацəажəон, иазгəарҭон Шьамтəыла ҳара ҳаштəымуаау, иҳаиуам амилаҭ ҳашрыланхо. Аԥсынтəыла ҳара иаҳбарҭоуп ҳаштəымуаам, ҳшаԥшəымацəоу", - ҳəа азгəалҭеит Афра.

Ииашаҵəҟьаны, Афра Чаҭау лабшьҭра аҭоурых дазҿлымҳауп, илбо-илаҳауа ҭылҵаауеит, ланшьҭра акəзар, дазгəыдууны дахцəажəоит.

"Сара сан лан Леиԥҳауп, Џьиҳан лыхьӡуп. Сан лаб иакəзар, Арзадын Агрба, Шьамтəылатəи Арабтə Республикаҿы аинралс дыҟан. Сандуи сабдуи Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра ҟалаанӡа арахь иаахьан, ирацəаҩуп ирдыруа ауаа, аҭынхацəа, рыжəлантəқəа. Аԥсуа аинрал Гиви Камыгə-иԥа Агрбеи сара сабдуи даара еиҩызцəа дуқəан, еишьцəан", - дҳацəажəон гəыблыла Афра.

© Foto / предоставлено Сырмой АшубаАфра лҭаацәеи аԥсуа еинрал, Аԥсны Афырхаҵа Гиви Камыгә-иԥа Агрбеи бзианы еиҿцаауан
Шьамтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Афра Чаҭау: Аԥсны ҳаԥшәыманы ҳхы аабоит - Sputnik Аҧсны
Афра лҭаацәеи аԥсуа еинрал, Аԥсны Афырхаҵа Гиви Камыгә-иԥа Агрбеи бзианы еиҿцаауан

Афра ҳаиҿцəажəара аҳəаақəа ирҭагӡаны ирацəоуп исзеиҭалҳəаз ахҭысқəа, агəалашəарақəа. Саԥхьа дтəан акыр агəыкра зҵаз, зхəыцрақəа гəылырҭəааз аҭыԥҳа.

"Сандуи сабдуи Аԥсны ианыҟаз авидеоҭыхымҭақəа маҷымкəа Шьамтəылаҟа инаргеит. Лассы-лассы ҳадтəаланы ҳахəаԥшлон, ҭыԥцыхьаӡа ирбаз-ираҳаз ажəала ихарҭəааны иаҳзеиҭарҳəон. Санду шықəсқəак раԥхьа Аԥсныҟа дааит, аха нас деиҭацеит Шьамтəылаҟа. Хымԥада, иџьалшьеит аибашьра ашьҭахь илбаз аҭагылазаашьа, акыр лгəы лнархьит", - лҳəеит Афра.

© Foto / предоставлено Сырмой АшубаАфра Чатау лабду Шьамтәылатәи ар реинрал Арзадын Агрба
Шьамтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Афра Чаҭау: Аԥсны ҳаԥшәыманы ҳхы аабоит - Sputnik Аҧсны
Афра Чатау лабду Шьамтәылатәи ар реинрал Арзадын Агрба

Афра 20 шықəса ракəын илхыҵуаз лҭаацəа дрыцны Аԥсныҟа данаа. Ҩышықəса ааҵуаны аҭаацəара далалеит, лыԥшəма дадыгоуп, Шьамтəылантəи иааз ҳџьынџьуаа дыруаӡəкуп.

"Ҳара ҳаҩны ҳаҟазшəаҵəҟьа ауп ҳхы шаабо Аԥсны. Арантə уажəшьҭарнахыс џьаргьы ацара ҳҭахым. Шьамтəыла знык заҵəык сцахьеит сааижьҭеи, убригьы адокументқəа рзы, схы ажəа асҭеит уаҳа уахь сшымцо ала. Аамҭала қьырала аҩны ҳаҩноуп. Аха, мызқəак рнаҩс Арепатриациазы аминистрра иаҳзалнахыз анхарҭа ҭыԥ ашҟа ҳаиасуеит", - ҳəа азгəалҭоит Афра.

Џьолан Маршьан - Sputnik Аҧсны
Џьолан Маршьан: изласылшо ала ҳаԥсуара ныҟəызгарц сҭахуп

Афра лаҳəшьа лакəзар, Шьамтəыла англыз бызшəа афакультет дҭан, арахь данаауаз аурыс бызшəа бзианы илдыруан. Араҟа аус луан Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Арепатриациазы аминистрреи рҟны. Иара убас, ахҵəацəа русқəа рзы "Датский совет" аҟны аус луан ҩышықəса, анаҩс алимит илоуз иабзоураны Катартəи аҳəынҭкарратә университет амагистратураҿы лҵара иацылҵоит. Афра лаб иакəзар, хаԥыц ҳақьымуп, изаанаҭ ала аус иуеит Дранда.

Афра Чаҭау еснагь лҵара-дырра аизырҳара дашьҭоуп, Аҟəа ақалақь арҵаратə центр "Академиа" аҟны аҭырқəа бызшəа арҵара иазкыз акурсқəа дырхысуан.

Абасала, Аԥсынтəыла рхы-ргəы иақəгəырӷьо иноит Шьамтəылантəи нхара ҳəа ихынҳəыз ҳџьынџьуаа. Афра лҭаацəеи лареи ирзеиӷьаҳшьоит агəабзиара, рнапы злаку русқəа рҿы аихьӡарақəа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0