Арадио

Ҳаразиа: ҳџьынџьуаа аԥсуа қыҭақәа рҿы рнырхаразы зегьы ҳажәҩахыр еибаҳҭароуп

Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарартә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсныҟа ихынҳәуа ҳџьынџьуаа ақыҭақәа рҿы рынхара азҵаара шибо атәы.
Sputnik
Ҳаразиа: ҳџьынџьуаа аԥсуа қыҭақәа рҿы рнырхаразы зегьы ҳажәҩахыр еибаҳҭароуп

"Ҳџьынџьуаа аԥсуа қыҭақәа рҿы рынхара азҵаара ҳаргьы ииашоу мҩаны ҳахәаԥшуеит, уи ҳадгылоуп. Сақәгәыӷуеит уажәы ҿыц арион ахадацәас иалырхызи сареи хара имгакәа ҳаиԥылара аиҿкаара. Ирымоу афонд, алшара гәаҳҭароуп. Ҵыԥх Иорданиантәи иааны иҟаз аделегациа Гьачрыԥшь инаркны Лашькындар аҟынӡа ақыҭақәа ирылсны аҭыԥқәа алхны рхатә џьабаала, рхатә ԥарала апроектқәа ааргеит анхарҭатә ҭыԥқәа рыргыларазы, аха уи залмыршахеит. Уигьы ҳазыхынҳәуеит. Ари программа аус ауеижьҭеи акрааҵуеит, иахьалҵыз ыҟоуп, иахьалымҵызгьы ыҟоуп. Ауаҩы адгьыл иуҭеит, аха алашара, аӡы, амҩа уҳәа рыла деиқәшәазароуп. Ауаҩы ацхыраара иҭатәуп, дыхьчатәуп, нас ишьапы дықәгылаанаӡагьы ақыҭаҿгьы анхаҩцәа рганахьала ауаҩреи ахаҵгылареи аниоулак, иаргьы уи игәы иаахәоит. Абасала, хәыҷык ацхыраара рыҭаны, зегьы ҳажәҩахыр еибаҳҭар, ақыҭа иашьагәыҭхоит ҳџьынџьуаа", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳаразиа.

Иаҳа инеицыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: