Александр Анқәаб: Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа макьана иаркызароуп

Лаҵара 29 рзы Аслан Бжьаниа аусдҵа инапы аҵаиҩит аԥкыратә уснагӡатәқәа рашәара 15 рҟынӡа рыҿҳәара инахазарц.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 11 – Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа макьана иаркызароуп иҳәеит аԥыза-министр Александр Анқәаб рашәара 11 рзы имҩаԥысыз Акоординациатә штаб аилатәараҿы.

"Абри ҵаҵӷәыс иҟаҵаны аҭыԥ аҿы арԥсыҽрақәа алаҳгалоит", - иҳәеит аԥыза-министр.

Иара иазгәеиҭеит аҳәаа аартхар Аԥсныҟа иаауа рхыԥхьаӡара шырацәахо уи атәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ишаныруа.

Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиагьы иахьатәи аамҭазы аҳәаа аартра дақәшаҳаҭӡам. Ури аан иара иазгәеиҭеит аԥкырақәа рԥсыҽтәуп, иаҳҳәап астоматологцәа русура хацырктәуп ҳәа.

Аԥсны зынӡа авирус здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 36-ҩык ыҟоуп. Урҭ рҟынтәи ааҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп, 27-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: