"Ари ачымазара ааха ҳамамкәа иаҳхаҳгеит ҳҳәар ҟалоит, убас ицап ҳәа ҳгәыӷуеит. Уажәы ҳазҭоу амзазы идыркәадеит аԥҟарақәа. Аҿар 20 шықәса зхымҵуаз адәахьы издәылҵуамызт, уажәы уи 18 шықәса рахь ақәра ларгеит. Ауаа 65 шықәса зхыҵуа адәахьы адәылҵра шьҭа алшара роуеит асааҭ 10 инаркны 20-нӡа. Адәқьанқәа аадыртит, ақалақьқәа рыбжьара аиҭанеиаара аадыртит. Хымз раахыижьҭеи зқыҭахь имцахьаз, саргьы уа сналакны, шьҭа ицоит, иаауеит. Иааиуа амзазы атуризм аганахьала аусура, ачарақәа руразы азин ҟаҵахоит ҳәа ауп", - иҳәеит Аҟәысба.
Убасгьы еиҭеиҳәеит атуризм аусхк аганахьала атәылаҟны иҟоу аԥҟарақәа ртәы, аҳәынҭқарра цхыраарак аҳасабала аусдкылаҩцәа ирыднагало атәы.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Бганба Ҭырқәтәыла акоронавирус азы: ачымазаҩцәа маҷхеит, аха еиҭа ҩымз ҳхы ҳахьчалароуп
Аҟәысба: аԥсра иақәшәаз аҭаацәарақәа аҳәара ҟарҵоит изымнеиз хьаас иҟарымҵарц