Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Аҟәысба: аԥсра иақәшәаз аҭаацәарақәа аҳәара ҟарҵоит изымнеиз хьаас иҟарымҵарц

© Foto / Abhaz Dernekleri FederasyonuАпрельское заседание состоялось в апрельском заседании совета по почете и консультационному совету
Апрельское заседание состоялось в апрельском заседании совета по почете и консультационному совету - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сҭампыл еиҿкаау Аԥсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәысба дазааҭгылоит адунеи аҿы аҭыԥ змоу аҿкы чымазара иахҟьаны Ҭырқәтәыла иҟоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу, насгьы напхгара зиҭо Афедерациа аусура шҳәаақәнаҵо атәы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Адунеи Аҟны имҩаԥысуа ачымазара ҿкы иадҳәалоу аҭагылазаашьа рныԥшуеит Ҭырқәтәыла инхо ҳдиаспора. Изқәынхо атәылаҿы ишьақәыргылоу аԥҟарақәа ирықәныҟәоит, еиҳараҩык рыҩнқәа ирдәылҵуам, егьа ус акәзаргьы русқәа рнапы рылакуп, изларылшо ала рҿаԥхьа ицәырҵуа азҵаарақәа рыӡбара рҽазыршәоит.

Атанур Акусба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҟәысба Ҭырқәтәыла аҭагылазаашьазы: уаҳа ԥсыхәа змам роуп адәахьы идәылҵуа

Сҭампыл еиҿкаау Аԥсуа хеидкылақәа рфедерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәысба дазааҭгылеит русура шҳәаақәырҵо атәы, иара убас раԥхьаҟатәи рыгәҭакқәа.

"Аҭагылазаашьа цәгьоуп азы аҩны ҳаздәылҵӡом. Ус зысҳәо, Сҭампыл нас егьырҭ ақалақьқәа рҟны иҟақәоу аусура амшқәа рҟынтә амҽышеи ахәашеи рыбжьара аус ҟазымҵар амуа, адәахьы идәылымҵыр ада ԥсыхәа змам урҭ русқәа рыӡбарц азы идәылҵуеит, аҳәынҭқар ианиҳәо амшқәа рзы адәылҵра анзалымшо амшқәа ыҟоуп, усҟан зегьы рыҩны иҟоуп", - ҳәа азгәеиҭоит Аҭанур Аҟәысба.

Аҭаацәарақәа рҟны рыҽгәаҭаны, идәылҵуазаргьы асабрада рҿаҵаны, метрак, ҩ-метрак рыбжьаҵаны убас идәылҵуеит. Иҟоу ашәарҭара азгәаҭаны рхы рыхьчоит. Ҭырқәтәыла инхо ауаажәларра рахьтә 85% арҭ аԥҟарақәа ирықәныҟәоит.

"Иаҳҳәап, ҭыԥк аҿы шәҩык аус руазҭгьы, уажәы ҩынҩажәижәаҩык рҟынӡа идырмаҷит, рҽеиҭнырыԥсахлоит, егьырҭ нас даҽазны ицоит аусурахь. Убри инадкыланы 20 шықәса еиҵоуи, 60 шықәса еиҳауи адәахьы идәылҵыр зынӡагьы иҟалаӡом", - иҳәеит Аҟәысба.

Аԥсуа Федерациа аиҳабы иазгәеиҭеит, ахеидкылақәа рхаҭарнакцәеи рыуаажәларреи дареи шеимадоу аинтернет ахархәарала, ишиашоу ицо авидеоқәа рҽалархәрала, алшара рымоуп аҩны ишыҟоу азеиԥш зҵаарақәа рылацәажәара, рыӡбара.

"Аҳәынҭқар убас еиԥш иҟаз азакәан ҟаиҵеит хымз-ԥшьымз аилатәарақәа рахь ауаажәларра рнеира ҟамло. Аха авидеоконференциа ззаҳҳәо асистема ҳхы иаҳархәоит. Аԥсуа Федерациа мызкахьтә знык аилатәара ҳамоуп, абыргцәа рхеилак ҩымз рахьтә знык ирымоуп, ахеидкылақәа реиҳабацәеи ҳареи аиқәшәарақәа ҳамоуп. Убарҭ рызегьы абри атехнологиа ҳхы иархәаны имҩаԥаҳгоит", - иҳәеит Аҟәысба.

Министр внутренних дел Турецкой Республики Сулейман Сойлу - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Сулеиман Соилу инапынҵақәа шьҭеиҵеит

Иара убас, аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳџьынџьуаа имҩаԥырго аилацәажәарақәа рҟны иззааҭгыло атемақәа еиуеиԥшым. Урҭ хәҭа-хәҭала дырзааҭгылоит Аԥсуа Федерациа аиҳабы.

"Ҳаззаҭгылаз азҵаарақәа ируакуп адернеқьқәа русура, иҟоу ачымазара аҽацәыхьчаразы ҳауаажәлар рхы шымҩаԥыргаша, ашәарҭара иҭанамыргыларц азы алкаа ҟаҵаны рызнагара, лаҵарамза 21 рзы ахҵәара иақәшәаз ҳауаажәлар ргәалашәара амш шеиҿаҳкааша. Ашколқәа рышәқәа аркуп, ҳҳәыҷқәа аҩны иҟоуп, убри азы ирзеиҿаҳкааша, раамҭа хирла излархыргаша ҳазхәыцуеит. Адырра ҟаҳҵеит ахәыҷкәа рсахьаҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа инадҳәаланы (мшаԥымза 23 рзы Ҭырқәтәыла ахәыҷқәа ирызку ныҳәамшуп), убри инақәыршәаны рсахьақәа аарышьҭит, аицлабраҿы аҭыԥқәа згаз ашәҟәқәа рзаҳашьҭуеит нас", - иҳәеит Аҭанур Аҟәысба.

Аҭанур Аҟәысба иазгәеиҭеит иҟоу аҭагылазаашьа ҳасаб азуны, аԥсрақәа абзарақәа рахь ишымныҟәо, ацара-аарақәа шыҟам, ақалақьқәа рыбжьара амҩақәа шарку.

"Ари абжьарак аԥсрақәа ҳрықәшәеит. Аӡәгьы џьаргьы ҳзымцаӡеит, аӡәгьы џьаргьы днарышьҭӡом, аиаша ҳҳәозар. Ааигәа-сигәа иҟоу аҭаацәа рыда аӡәгьы днеир руӡом, аԥсра иақәшәаз аҭаацәарақәа аҳәара ҟарҵоит ҳахьзымнеиз хьаас иҟарымҵарц. Ҳбыргцәа ракәзар аҩны иҩнахеит, адәахьы издәылҵӡом, ргәы ҿыӷьуеит, дара-дара зеибабаӡом, урҭ рзы иҟаҳҵара ҳазхәыцуеит. Аԥснытәи аҭагылазаашьақәа ҳрылацәажәеит, араҟа ҳамч ҿаҳәаны иҟоуп, аха цхыраарак шыҟаҳҵара ҳашьҭоуп, лшарақәак рымҩа аԥшаара ҳагәҭакуп",- иҳәеит Аҭанур Аҟәысба.

Сынтәа, Аԥсуа Федерациа шьақәгылеижьҭеи жәашықәса ҵуеит. Уи инадҳәаланы иҟаҵатәу ауснагӡатәқәа ирзааҭгылеит арҭ амшқәа рзы имҩаԥгаз ҳџьынџьуаа злахәыз аилацәажәараҿы.

"Даара салам сҳәоит Аԥсныҟа, сашьцәа рахь. Цәгьа игәхьааҳгеит. Ас еиԥш аҭагылазаашьа аныҟала еиҳагьы иҳалсит. Избанзар, амҩақәа анаартыз анеиразы уадаҩра ыҟамызт, уаанӡа ианааҳҭаххоз ҳашцоз ҳдыруан, ҳгәы ҭынчын. Иаҳҭаххаргьы ҳзымцо ҭагылазаашьак аныҟала еиҳа ҳалахь еиқәнаҵеит ҳәа сазхәыцуеит, ҳгәы хьаауеит. Аинтернет аҟны сахьҭалаз абыжьбатәи амзазы абилеҭ збеит, иаразнак изгеит. Адунеи аҟны аҭагылазаашьа бзиахааит, ацәгьара рыдкыламзааит ҳажәлар, абзиара шәымазааит!", - ҳәа азгәеиҭоит Аԥсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәысба.

Абасала, Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа аҳәынҭқарра аԥҟарақәа ирықәныҟәоит, русқәа зымҩа инрыжьуам, иҟоу аҭагылазаашьа азгәаҭаны аԥхьаҟатәи рыгәҭакқәа ирылацәажәоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0