"Аԥсныбылтәы" адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо даҭоуп

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган аколлектив дыдлырдырит аҳәынҭеилахәыра "Аԥсныбылтәы" адиректор инапынҵақәа назыгӡало.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Рамаз Џьапуа "Аԥсныбылтәы" адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа иаҭаразы аусдҵа лнапы аҵалҩит Аекономика аминистр Кристина Озган. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

"Аԥсныбылтәы" уаанӡатәи адиректор хада даанкылоуп

"Рамаз Ингиштер-иԥа – аԥышәа змоу уаҩуп. Аҳәынҭеилахәыра "Аԥсныбылтәы" 800 миллион мааҭ рҟынӡа аԥареикәыршара змоу наплакуп. Ари мацарагь иаҳәоит шәнапы иану аҭакԥхықәра заҟа иҳараку. Иҟоу алшарақәа зегьы ахархәара рыҭатәуп анаплакы ахашәала аиуа иҟаларазы", - лҳәеит Кристина Озган адиректор хада иахь лхы нарханы.

Лара иазгәалҭеит анаплакы ахашәала аикәыршараҟынтәи 2% шакәу иҟоу, ари аусура хар мамкәа ишымҩаԥысуа шаанарԥшуа.

"Иахьатәи аамҭаз аҳәынҭсектор зегьы аҿы апролемақәа ыҟоуп. Аҳәынҭеилахәыра ари хатә бизнесым. Шәара ишәуалу уи аизырҳареи хра аманы аҟаҵареи роуп", - лҳәеит лара.

"Аԥсныбылтәы" адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо Рамаз Џьапуа ареспублика аиҳабыра ҭабуп ҳәа реиҳәеит ирҭаз агәрагаразы аколлектив рыдгылара дшақәгәыӷуагьы азгәеиҭеит.

"Сара сахьааиз иҟоу здыруеит, издыруеит иӡбтәны иҟоу апроблемақәагьы. Сара исыдыскылом амци анапхымыцқьареи. Урҭ шьҭарнахыс ара иҟалом", - иҳәеит иара.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган иазгәалҭеит анаплакы уажәтәи ахадара мызқәак рыла иҟарҵаз шырацәоу, ҭабуп ҳәа иалҳәеит адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо Валери Арӡынба иусуразы.

Апрокуратура хада аҳәынҭеилакы "Аԥсныбылтәы" агәаҭара мҩаԥнагоит

Кристина Озган илҳәеит аминистрраҿы ишаздырхио аҳәынҭсектор аҭагылазаашьа аиҭакразы ажәадгалақәа. Урҭ нас атәыла анапхгара ахәаԥшразы ишырзынашьҭхо.

"Аԥсныбылтәы" уаанӡатәи аиҳабы Беслан Аҩӡба иганахьала ашьаус хацыркуп ацәгьоурақәа ԥшьба рыла Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ "Инапы ианҵаз аҳәынҭқарратә мазара мҽахы ҭбаала ахатәтәреи аныхреи" ахәҭаҷ инақәыршәаны. Ашьаусҭҵаара излаԥхьаӡаз ала, Аҩӡба ицәгьоура иалҵшәаны аҳәынҭқарра иаиуз аԥхасҭа иааизакны иартәоит 31 миллион 438 нызқь мааҭ, аха ари аԥхасҭа аԥхьаӡара макьана ихыркәшаӡам. Ашьаусҭҵаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҩӡба Аҳәынҭнаплакы анапхгаҩыс иусура аамҭа зегьы ҭырҵаауеит аԥхасҭа зегьы амҽхак аилкааразы. Аҩӡба ԥхынгәы 20 рҟынӡа аҩнытә рбаандаҩра идҵоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аԥсны Абанк 40 миллион закәаншьаҭада "Аԥсныбылтәы" ианаҭеит ҳәа иахарарҵо аҭак ҟанаҵеит